‘Доуҳатә хыхьчагас ҳбызшәа, ҳаԥсуара, ҳмилаҭтә культура ада ԥсыхәа шҳамам еилаҳкаароуп…’

0
1703

Атаман Кәыџба

Ҳаҭыр зқәу Гәында;
-Шәзанааҭ, насгьы шнапы злаку еиуеиҧшым аусқәа иарбану, хықәкыс ирымоу иааркьаҿны иаҳзеиҭашәҳәа.
-Сара занааҭла слитераторуп, сеиҭагаҩуп. Асу зуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны рҵаҩыс, аиҭагара атеориеи апрактикеи, асахьаркыратә ԥхьареи амаҭәарқәа рзы алекциақәа срыԥхьоит. Иара убас аус зуеит Аԥсны Жәлар Реизараҟны еиҭагаҩыс. Шықәсқәак раԥхьа аусура салагеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә ҟәша аиҳабыс. Сзанааҭ ахықәкы атәы ҳҳәозар, сара сзы уи ҳмилаҭ рбызшәа, ркультура, рдоуҳа, рфилософиа, рдунеихәаԥшра аиҭаҳәара, арҿиара ауп изызку. Аԥсуа бызшәа иамоу алшара ахархәашьеи амҩақәа рыԥшаареи схықәкы хадақәа ируакуп, уи азы иахьа, Анцәа иџьшьаны, иҳамоуп ҳбызшәа аиқәырхараҟны ароль дуӡӡа назыгӡо аԥсуа литература.

-Аҧсуа алитературеи апоезиеи рҭоурыхи, иахьатәи аҭагылазаашьеи, насгьы уаҵәтәи аҧеиҧши ирхышәҳәаауеи?
-Аԥсуа литература аҭоурых мҩа иааркьаҿны алацәажәара мариаӡам. Аха шәышықәса ирҭагӡаны, мышьҭабзиала, Д. Гәлиа аԥсуа жәлар рзы иааиртыз асахьа ажәа аҩыратә культурахь аиагара ԥсеиқәырхагахеит. Уи абзоурала аԥсуаа рдоуҳатә культура асахьаркыратә бызшәа ашьақәыргылареи аҿиареи рҿы ахьтәы аамҭа ззуҳәаша акы акәны иҟалеит. Адунеитә шедеврқәа ирываургылаша аҩымҭа ссирқәа цәырҵит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа рыла. Ҳара иахьа иҳамоуп зеӷьыҟам атрадициа дуқәа змоу аԥсуа поезиатә школ. Уи уаҵәтәи ҳпоезиа аҿиараҿы доуҳатә хыҵхырҭоуп, уасхыруп. Агәра згоит аԥсуа бызшәа ԥеиԥш бзиа шаиууа, уи аиқәырхараҿы, аҿиараҿы ишаҵагыло аԥсуа ҳәынҭқарра ԥхьаҟа агараҟны ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало аҿар. Зхатәы бызшәала иҩуа, абаҩхатәра змоу аҿар цәырҵуанаҵы ҳаӷәӷәоуп. Ҳмилаҭтә театр ҳбызшәала ицәажәонаҵы, ҳҳәынҭқарраҿы ҳаԥсуа бызшәа ада ԥсыхәа шҳамам еилаҳкаауанаҵы, акгьы ҳахьуам.

-Шәара еицырдыруа поетуп, ажәеинраала аҩра иамоу амаӡақәа.
-Сара схазы апоет ҳәа аҳәара сацәшәоит. Уажәы имариахеит џьоукы рзы, акы рҩаанӡа, акы ҭрыжьаанӡа споетуп ҳәа рхы иазырҳәоит. Сара даҽа аамҭак иааӡаз иаҳасабала, схәыцуеит: апоет иаша иныҟәиго аҭакԥхықәра, уи иҵанакуа рацәоуп, иуадаҩуп. Анкьа апоетцәа аубла идыркылон, анцәеи ауааи рыбжьара цҳаражәҳәаҩын. Ауаа ирзааигәаз, ргәы иҭаз ҭызҳәаауаз, ргәи рыԥси зхәышәтәуаз, аамҭа иацәажәоз, еиҭазҳәоз ракәын. Сара ажәеинраалақәа сыҩуеит, исымҩыр ада ԥсыхәа сымаӡам азы. Жәеинраалала сбызшәа иаҵоу апоезиа иахьынӡасылшо еиҭасҳәар сҭахуп. Ус акыр сылшазар, уи сажәеинраалақәа роуп, споезиоуп. Апоезиа амаӡа агәи-аԥси реинырнаалара, ргармониа, урҭ рзыӡырҩра, урҭ реимадароуп сара сзы. Абзиа абара, аҳәара, аилкаара, ажәакала, аԥсҭазаара абзиабара, аԥшӡара, ауаҩра аныҟәгара, ауаа ргәы арӷьара, агәыӷра лашараны аимдара – абри зегьы поезиоуп. Абарҭ амаӡақәа зегьы рыԥшаара, реилкаара акәхап изхылҵуа апоезиагьы.

-Аԥсуа диаспореи аҧсуааи, урҭ рашьцәа ҳәа иҳаҧхьаӡо егьырҭ Кавказ жәларқәа рбызшәеи ркультуреи еиқәдырхарц азы иҟаҵатәу…
-Адунеи иҟьаны иалаԥсоу ҳдиаспора иахьатәи аглобализациатә ӡыблараҟны рхала рхеиқәырхара рылымшар ҟалоит. Ҳмилаҭ иахьатәи адунеитә ҽыԥсахрақәа ирыламӡырц азы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа тәым дгьыл иҟоу аԥсуаа рхаҭарнакцәеи зыԥсадгьыл аҟны иҟоу аԥсуааи ҳкультуратә еимадарақәа ҳарӷәӷәароуп. Иаҳбоит иаҳа-иаҳа ишпроблемахоу аҿар рбызшәа ашьҭыхра, аҳәара, урҭ иагьа рҭоурых, рыԥсадгьыл, рмилаҭрахь ирымоу агәбылра иазхьаԥшуазаргьы, абызшәа аҭагылазаашьа уахьгьы арахьгьы аекономикала иахәҭоу адгылара анаҳамҭа, аамҭа ҳацәцар алшоит, усҟан иаҳзыԥшу сацәшәоит азхәыцра, алацәажәара. Уи азы иаҳҭахуп аҽеидкылара, аизыӡырҩра, амилаҭ рԥеиԥш ҷыдала азхәыцра. Доуҳатә хыхьчагас ҳбызшәа, ҳаԥсуара, ҳмилаҭтә культура ада ԥсыхәа шҳамам еилаҳкаароуп. Ҳҳәынҭқарреи, ҳажәлареи, ҳбызшәеи еимадазароуп, уи аиқәырхаразы ҳхатәы интересқәа аԥхьа иаҳмыргылароуп! Ҳажәлар ирымоу аинтеллектуалтә лшарақәа ианаамҭо ҳхы ианаҳмырхәа, уаҵәы ҳагхоит. Иузмырхынҳәуа акәаԥ, хнырҳәышьа змам аҳәаа ҳанахыс, анцәа иумҳәан! – уаӷеимшхароуп!
Аха ҳара иҳамоуп ашанс ҳаԥсуара, ҳбызшәа, ҳауаҩра, ҳаламыс рыла ҳхьышьҭрахь ҳазлагьежьуа, ахеиқәырхаразы амҩазаҵә. Уахь ҳазланеиша -аилибакаара, аизыӡырҩра, ажәлари аҳәынҭқарреи бызшәак ала реицәажәара, реимадара, Кавказ ажәларқәа реидкыларазы иаҳзеиԥшу акультуратә проектқәа рымҩаԥгара алоуп.
Агәра згоит аԥсуа диаспорагьы ахеиқәырхара амҩақәа рыԥшаараҿы иҳавагылап, иҳацхраап ҳәа.

 

ИЗДЫРУАДА

Издыруада ҳашьхақәа
Ашәҩык Нарҭаа ракәхазар?
Зны аԥсҭазаара иҟаз
Ҳара ҳзыҳәа илакәхазар?..
Издыруада Нарҭаа
Ус ҳадгьыл рыхьчазар?
Шьханы рыԥсқәа ҳакәыршан,
Нас, мышкы ихаҳәхазар?
Ҵыси-ҳәыҳәи ирҳәарцаз,
Рҭоурых нхазар?
Нарҭаа ирыхьыз ҳмыхьырц,
Ҳгәыҳҽанҵаны ицазар?
Аилшәара уашәшәыроуп,
Сасрыҟәа ишьапашҵеиԥш.
Ҳауаҩра ҳмырԥсыроуп,
Аҵыхәтәантәи амцеиԥш.
Ҩаӡамкьаҭ аԥҽыхабжьы,
Издыруада дыдразар?
Уи аиԥш акы ҳмыхьырцаз
Нарҭаа иаҳдырҳазар?..
Ҽыҭ-ҽыҭ ҳадгьыл ҳалаӡо
Ҳалагазар гәнаҳароуп.
Иахьа ҿымҭ иҳалаӡо
Уаҵәы ҳаԥсыцқьа ахҭнаҳҵароуп.
Издыруада ҳашьхақәа
Ашәҩык Нарҭаа ракәхазар?
Урҭ ҳадгьыл ахьчараз
Наӡаӡа ихаҳәхазар?…

 

Сақаниа Гәында Валентин-иҧҳа

(25.02.1966, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – апоет, аиҭагаҩ.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (2010, ажәеинраалақәа реизга «Саҭанеи лашәа» азы). Дыҩуеит аҧсышәала.
И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол даналга (1981), дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт.
1989-1992 шш. раан аус луан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс. Ашьҭахь Аҧсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, аҧсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны азанааҭдырҩы хадас дыҟан. Аамҭакала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда дырзаҧхьоит.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1978 ш. инаркны. Лажәеинраалақәа, Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны еиҧш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы иркьыҧхьхьеит. Лҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), иара убас аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Лҩымҭақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит.
Лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаҧс уҳәа абызшәақәа рахь.
Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҧшқарах. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Анана – Гәында. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988); Аматанеира. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001; Ахьыцәыкәбар. Ажәеинраалақәа. 2003; Саҭанеи лашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Акәиц еимхәыцқәа. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2009; Ахьҩеижь. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2009; Ахьыҧшьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Ҳаицыҧхьаӡап. Ахәыҷқәа ирызку аҧхьаӡаразы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Адауы дышҷынҷахаз, аҷынҷа дышдоухаз. Ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалоу алакәқәа. Аҟәа, 2013; Аҧслымӡ сааҭ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.

 

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz