Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Адунеи абызшәақәа зегьы Рхатәыбызшәа Амш ныҳәазааит!

УНЕСКО (UNECKO) 17 Абҵара-мза 1999 шықәсазы иҟанаҵаз алаҳәара ишаҳәо ала, 21 Жәабран-мза Жәларбжьаратә Ахатәыбызшәа Амш инамаданы, зхатәыбызшәа аҵаки изыԥсоуи здыруа иазҿлымҳау ицивилтәу ауаажәларра рлахәцәа рыхьӡала, 2021 шықәсагьы еиҭа ҳгәазыҳәарақәа еиҭаҳҳәаразы ҳаизеит.

Ҭырқәтәыла азы беиароуп ҳәа иазыҳаԥхьаӡо ахатәыбызшәақәа зегьы, ауааԥсырагьы ирыдыркыло иацыхраауа иалагар, ҳаиԥшымзаарақәа рла ҭынч ҳанхаразы гарантиас ыҟалап ҳәа ҳазхәыцуеит. Абызшәа иамоу азин иаҿагылоу аԥынгылақәа ррыцқьара, адемократиа змоу аҳәынткаррақәа зегьы ирзымԥсахуа ԥҟарроуп. Ари атема иазҿлымҳахарц зухәҭоу аҳәынткарра, нас ажәлари ауаҩытәыҩса хаҿы змоу зегьы иаҳуалуп.

Адунеи аҟны ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа раԥхьа инаргыланы, иеиуеиԥшым Ҭырқәтәылатәи абызшәақәа реиқәырхаразы зхы иамеигӡакәа уахи-ҽни аџьабаа збо ауаа нас аусҳәарҭақәа ҳтәыла акултура беиара шеиздырҳауа дырны еснагь ишрыцыхратәу ҳдыруазароуп.

Абызшәа иамоу Азинқәа узырбо Ртекникатә қьаадқәеи Рдоқьумантациақәеи еилыкка иаарԥшу Рҳасабырба еимадаратә Аидгылақәа ДҲИБРА (DHİBRA) рыхьӡ ала контекстс иҳамоу ааԥхьара абарҭ роуп:

1. Ахатәыбызшәақәа рырҵареи аусбарҭақәа рыҟны рхархәареи азы еиҳа алибералтәу еиҳа азакәантә зин змоу аԥҟаррақәа аԥҵаны иҟоу аԥҟаррақәагьы ԥынгыла рмамкәа иҟаҵатуп.

2. Ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа ҳахьчаразы илабҿабоу ашьаҿақәа еихгатуп, ари аус атема ала аус зуа ицивилту ауаажәларратә организациақәа ирласны ацхыраара рҭатуп.

3. Атәыла аҟны иеиуеиԥшым ахатәыбызшәақәа ирызкны ауниверситетқәа рыҟны аҟәшақәа (аинститутқәа, афакултетқәа)рларҵәатуп, иҟоугьы рхыҵхыртақәеи рҭаӡареи еизырҳатуп.

4. Иеиду Ажәларқәа Рзеиԥш Ассамблеиа ишақәнаргылаз 2 Цәыббырамза 1990 шықәсазы алшаа зырҭаз нас Ҭырқәтәыла 2 Абҵарамза 1995 шықәсазы иаднакылаз Ахәыҷқәа Ризинқәа рыхьчара Рықәшаҳатхара аҟны ахатәыбызшәа иазку ахәтаҷқәа хԥа (3) рзы Ҭырқәтәыла иҟанаҵаз ақәшаҳатымра аԥыхны иақәшаҳаҭхароуп.

    Абызшәа иамоу азинқәа, ауааҩытәыҩсатә зинқәа ирыцрымшәо иахәтаҷуп!
    Адунеи абызшәақәа зегьы Рхатәыбызшәа Амш ныҳәазааит!

Yazarın Diğer Yazıları

“Kafkasya ve Ötesi”

Gülcan Altan (vokal) ve Muammer Ketencoğlu’nun (akordeon) “göç” temalı konseri 23 Mayıs Cumartesi akşamı. Burcu Baysal'ın konuk sanatçı olarak katılacağı konser İstanbul, Kadıköy’de Yeldeğirmeni Sanat,...

KAFFED’in Samsun’da yapılacak Çerkes Soykırımı ve Sürgünü’nü anma programı açıklandı

Kafkas Dernekleri Federasyonu (KAFFED), Çerkes Soykırımı ve Sürgünü’nü 23 Mayıs Cumartesi günü Samsun, Atakum'da düzenlenecek programla anacak. Programın detayları KAFFED'in sosyal medya sayfalarından duyuruldu....

HDK’nin 21 Mayıs mesajı

Halkların Demokratik Kongresi (HDK) 21 Mayıs Çerkes Soykırımı ve Sürgünü’ne dair mesaj yayımladı. Mesajda özetle şu ifadelere yer verildi: “21 Mayıs, Çerkes halkının sürgün, katliam...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img