‘Сынтәатәи аҵарашықәс азы ԥшьымз инареиҳаны акарантин ҳаман’ (А-2-тәи ахәҭа)

0
1234

– Ҳаҭыр зқәу Ирма Адлеиԥҳа, иаазыркьаҿны бахцәажәар ҳҭахын Аԥсны аҵара аус иахьатәи аҭагылазаашьа?

– Иахьа Аԥсны аус руеит 153 школ. Урҭ рахьынтә ақалақь школқәа – 40, ақыҭашколқәа – 113. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 28 нызқь иреиҳауп, аиҳараҩык ақалақь школқәа ирҭоуп. Аус руеит ихарҭәаау абжьаратә школқәа; ихарҭәаам абжьаратә школқәа; алицеи-интернатқәа, ацхыраагӡатә школқәа, иара убас аспорт школқәа. Ақалақьқәа рҿы иҟоуп аҵаҩцәа аҵара ашьҭахь изҭаауа ацентрқәа (асахьаҭыхра, анаплыхкымҭа уҳәа убас егьырҭгьы).

 

– Ишԥаныри ачымазараҿкы аҵара аус?

– Сынтәатәи аҵарашықәс азы ԥшьымз инареиҳаны акарантин ҳаман. Уи аамҭазы ԥыҭҩык арҵаҩцәа онлаин захьӡу аимадара рхы иархәаны аус руан, аха алҵшәа маҷхеит. Убри азы жәабран мза ҩажәи ҩба инаркны арҵаратә процесс иацаҳҵеит ҳахьаануылаз инаркны. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәо ашколқәа рҿы хымш-хымш аус руеит, ҩ-мшԥҵәак – ашьыжьтәи шьыбжьышьҭахьтәи. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәам – хәымш, школқәак фымш аҵара рҵоит. Аҵарашықәс иацҵоуп мызкы, ихыркәшахоит рашәарамза 25 рзы.

 

– Рҵаҩык иаҳасабала ҳҵареи ҳбызшәеи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш бышԥахәаԥшуеи?

– Ҳара иҳамоуп ишьақәгылахьоу итрадициатәу аҵаратә система. Иамоу абзиарақәа рацәоуп, аха иахьа иԥсахтәуп ҳәа исыԥхьаӡоит азнеишьа. Иҟоу аклассикатә урок гәыцәс иаҭаны иалагалатәуп аамҭа иашьашәало аметодикақәа. Ҳхатәы бызшәа атәы уҳәозар, ашәарҭа ду ҳҭагылоуп, иааркьаҿны алацәажәара уадаҩуп. Аԥынгылақәа иреиуоуп ҳәа исыԥхьаӡоит аԥсҭазаараҿы имаҷны ҳхы иахьаҳархәо, аҭаацәараҿы иахьымцәажәо, аусурҭақәа рҿы ахархәара ахьмаҷу.


Адлеиба Ирма Ладикәа-иԥҳа

Адлеиба Ирма Ладикәа-иԥҳа диит лаҵарамза 9, 1969 шықәсазы Очамчыра араион, Отаԥ ақыҭа.

Ан – Гогәуа Валентина Михаил-иԥҳа дырҵаҩын.

Аб – Адлеиба Ладикәа Константин-иԥа дырҵаҩуп.

1976 шықәсазы даанахәеит Н. А. Лакоба ихьӡ зхыу Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ, далгеит 1987 шықәсазы.

1988 ш. дҭалеит Аԥсуа Ҳәынҭқарратә университет, 1994 шықәсазы далгеит абиологиа-географиатә факультет.

1994 шықәса инаркны инеԥынкылан аус луеит Аҟәатәи латәаратәи-латәарадатәи абжьаратә школ аҿы. 2014 шықәсазы иланашьан арҵаҩы а -1-ҭәи акатегориа.

2011-2012 шықәсқәа рзы аҵара аҟәша адиректор ихаҭыԥуаҩс аус луан.

2012 шықәса инаркны ашкол адиректорс дамоуп. Аус адуланы еиқәлыршәеит ашкол Аустав апроект. Ашкол анапхгаҩы иҳасабала акырынтә аквалифакациа аизырҳара акурсқәа дырхысхьеит (2013ш, 2016ш, 2018ш, 2019ш).

Ашкол аусураҿы априоритет амоуп аҳәынҭқарратә бызшәеи Аԥсны аҭоурыхи рдырра, аекологиа аҭҵаара.

Ирма Ладикәа-иԥҳа лнапхгарала инагӡан аҭҵааратә усумҭақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Аԥхьахәқәа ланашьан.

Ирацәаҩуп ашкол иалго аушьҭымҭацәа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало.

Аҵаратә процесс аҿы иахьатәи аамҭа иашьашәало аметодқәа рхархәара, аҵаҩцәа рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәаша зда ԥсыхәа амам адыррақәа рыҭара, рдунеихәаԥшра арҭбаара дашьҭоуп.

Ирма Ладикәа-иԥҳа лнапхгарала имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала аҭоурыхи аекологиеи ирызкыу аекскурсиақәа. Телехәаԥшрала идырбан аԥсышәала Аԥсны аԥсабара иазкыз аекскурсиа; иара убас Аԥсны аҭоурых иазкыз Мықә ашҭаҿы еиҿкааз амҩаԥгатә (1918 ш. Ҭырқәтәылантәи иӡхыҵыз адесант 100 ш. ахыҵра иазкны), телехәаԥшрала идырбан аҵара аус азнеишьа иазкыз алекциа.

Сынтәатәи аҵарашықәс аплан иарбоуп аҳҭнықалақьи анҭыҵи аҭоурыхтә ҭыԥқәа рҭаара, аҵаҩцәа аԥсышәала аекскурсиақәа рзымҩаԥгара.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz