«Ҳаб иашҭа Аԥсноуп, ҳара ҳзааӡаз ҳан лгароуп…»

0
1374

-Ҳаҭыр зқәу Руслан, ҳауаажәлари егьырҭ ҳашьцәа – Кавказ жәларқәеи 19 тәи ашәышықәсазы ҳажәларқәа рхырҵәара, изықәшәаз арыцҳара инамаданы, шәгәаанагарақәа ҳашәҳәарц ҳҭахуп: Кавказааи урыстәылеи реибашра зыхьҟьаз, усҟантәи аполитикатә ҭагылазаашьа, аибашьра анҵәамҭа ҳәа иҧхьаӡоу 1864 ш. лаҵарамза 21 анаҩсан иҟалаз…

-Аԥсуаа, ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, 1690,1760 ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа ихырцаз рацәаҩуп, уи зыхҟьаз адин азҵаароуп.

Аха ахҵәара ду аԥсуааи, азахәқәеи, аубыхқәеи XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы итрагедиа дуӡӡахеит. Усҟан Кавказ-Аурыс аибашьра ду цон. Кавказ еиҿакшеит Аџьам, Османтәи, Аурыс, Британиа аимпериа дуқәа рхатә интересқәа. Османлы аимпериеи Кавказ жәларқәеи 300 шықәса инареиҳаны аимадара рыман. Аха кавказаа реиҳараҩык рхы иақәиҭын. Аҭырқәцәа агаҿы зны-зынла абаақәа шрымазгьы, аԥсуааи азахәқәеи рыҩныҵҟатәи рус иалалаӡомызт. Ажәларқәа-ашьхарыуаа, агауаа рхатә ԥҟарақәа рыла русқәа мҩаԥыргон. Зны-зынла аосманқәа аиааира ганы инрабашьуаз ыҟан, ианаҵахозгьы ҟалон, аха, ишысҳәаз еиԥш, аҩныҵҟала рхы иақәиҭын. Уи моу, амшын аҿы усҟан уаҩытәыҩса дрыхәомызт, аҭырқә сулҭан иҳәазаап: «Анцәа иџьшьоуп, аԥсуаа абжьасқәа (каплан) реиԥш имаҷны ишҿиуа, акәымзар ҳара ҳакәӡам, дара рнапаҿы ҳааргон!».

XVIII–XIX ашә. алагамҭазы аурыс империа Дариал ала Қарҭ ргеит, аџьам ирабашьуа иалагеит, адгьылқәа ирацәаны ирцәыргеит, нас акырҭқәа, агырқәа рнапаҿы иааганы, Аԥсны аҳәааҿ – Егры нырцә иҽԥынгылт. Усҟан Аԥсны иахагылаз Қьалышьбеи Ачачба иакәын. Уи иџьбараз, иҟәышыз, хара иԥшуаз уаҩын, аполитикеи абжьаҟазареи злаз иакәын. Нхыҵгьы-аахыҵгьы даара ҳаҭыр иқәын. Аха ацәгьахәыцрала дҭадырхеит 1808 шықәсазы. Нас 20 шықәса инареиҳаны Аԥсны алаҩ-еилас, аилаҩынтра ҟалеит. 1830 шықәсазы Қьалышьбеи иԥеи-ԥа Аҳмыҭбеи (Михаил) Аԥсны аҳас дҟалеит. Иара зынӡа дыҷкәынаӡан, иабаӡӡеис имах аубыхқәа рхада Адагәа-иԥа Ҳаџьы Берзеқ ду иакәын. Аҳмыҭбеи Аԥсны аҳра ииуан 1864 шықәсанӡа. Гәыбаадәы, 21.V.1864 шықәсазы Аурыс-Кавказ аибашьра анеилга ашьҭахь, иара аурысқәа дҳәынҷаны Урыстәылаҟа дахыргеит. Аԥсны (Абхазиа) ахьыӡ ахырхит, Аҟәатәи арратә ҟәша (Сухумский военный отдел) ахьӡырҵеит. Ҩы-шықәса рышьҭахь, 1866 аш. азы Лыхнашҭа аԥсуаа еизаны абџьар шьҭырхит, аурыс ҳәынҭқар Аԥсны имҩаԥигоз аполитика иаҿагылт. 1867 аш. азы уи иахҟьаны 20000-ҩык аԥсуаа, Далыи-Ҵабалыи налаҵаны амшын иахырҵеит.
Аԥсуаа Аԥсны иаанхаз аҵара шрыгыз рбон, 1876 аш. азы еизарак аҿы аԥсуа жәлар рыхьӡала аԥсуаа иалырхыз ажәаҟазаҩ аурыс ичинуаа ус реиҳәеит: «Ҳара ҳнапқәа акәаҭан закәу рхашҭит, ҳнапқәа зышьцылаз абџьароуп – ашәақь, акьарахә, аҳәа, аҟама. Аха аҳәара ҟаҳҵоит, ҳхәыҷыжәлар аҵара дшәырҵа, убри даара иҳагуп…».
Аха шықәсык ашьҭахь, 1877 аш. азы аԥхын аԥсуаа еиҭа абџьар шьҭырхит, Аалӡганӡа аурыс ир ԥхарҵеит… Усҟан ицон аурыси-аҭырқәеи реибашьра. Аурыс ир аиааира рго ианалага, аԥсуаа ихҵәар ада ԥсыхәа рмоуит. Уи ашықәс азы, 1877, нанҳәа мза аԥсуаа Аԥсны иқәымҵыр анамуӡа, ахҵәара 25 мшы шагыз, Лыхнашҭа ажәлар еизеит. Аибашьцәа рҽеиҩыршеит. Хазы игылан аҽыуаа, хазы игылан ашьаҟауаа, рыззегьы абџьар рыҟәнын. Рыбжьара иҟаз амҩала дааҟәымыҵӡакәа ахыи-аҵыхәеи еимидо дныҟәон дӡышӡа иҟаз ҭаҳмадак, крызбахьаз, крыздыруа, ажәа бзиа зҿаз, ажәлар, аибашьцәа ргәы ирӷәӷәон, агәышьҭыхга ажәақәа иҳәон, ргәы шьҭихуан аԥсыуа жәлара:

Аԥсуара

Уаԥсыуазар – уаԥсыуазароуп,
Уаԥсыуазар – уеибаӷьазароуп!
Анцәа ҳазшаз – ҳгәырлаша,
Ҳаибагәырӷьо, ҳаицыркәаша!
Ҳаб иашҭа – Аԥсноуп,
Ҳара ҳзааӡаз ҳан лгароуп!
Ҳара ҳаӷацәа – ҳара ҳаззыргәаӷьозеи!

Убри анаҩс Аԥсны ҭацәит. 50–100 нызқьҩык рҟынӡа ҳауаажәлар хҵәеит. 19 нызқьҩык рҟынӡа ахҵәара иацәцеит. Нас аџьамыӷәа бааԥсы баны 30 нызқьҩык ихынҳәыз ҟалеит. Убарҭ ирхылҵыз-ирԥылҵыз Аԥсны иахьа иҟоу аԥсуаа ҳауп. 80 % инареиҳаны ҳажәлар амшын иахырцеит…

Уи зегьы зхаҳҳәаауа уи ауп. 1764–1864 ашықәсқәа рыбжьара Кавказ-Аурыси аибашьра иааҟәымыҵӡакәа ицон. Зықьҩыла, жәанызқьҩыла наҟ-ааҟ ажәлар ҭахон. Изыхҟьеи уи арыцҳара дыу? Иаахҵәаны иуҳәозар аиашала – АДГЬЫЛ. Адгьыл, Аԥсадгьыл азыҳәоуп изеибашьуа. Абри ҳдыруазароуп. «Аԥсуа ишьа каҭәар – адгьыл ҵәыуеит» – ҳажәа иалоуп. Зқьы шықәсала Аԥсуа идгьыл ихьчон, агьырҭ Кавказ жәларқәа зегьы реиԥш. Иагьараан ахьӡ-аԥша ргахьан аԥсуаа рыҷкәынцәа, ианбааԥсхоз аҳәсагьы абџьар шьҭырхуан.

Ара, ԥхьан ишысҳәаз еиԥш, х-империак рполитика мцацәа ринтересқәа еиқәшәеит. Ҳажәларқәа рхы рыхьчар акәын. Аурыс империа Ҳинд амшын ԥхақәа ирызнеирц планс ирыман. Уа Османлыи, Британиеи дареи еиҿанагалеит. Аха зегьы раасҭа баагәарас ирҿагылт Кавказ. Британиеи Османтәи аимпериеи аҵәы ҳаралҵон, арахь ҵҩа змам аурыс ир ҳҿагылт. 25 % идырҳауаз ахьтәы ԥара Аурыс империа Кавказтәи аибашьра иақәдырӡуан. Есышықәса XIX ашә. азы, аибашьра нҵәаанӡа, ус инықәырԥшны, 25 нызқьҩык аурыс ир ҭахон.

Раԥхьаӡа 1808 аш., нас 1862 аш. азы Петербург кавказтәи азҵаара иазкны акомиссиа ҷыда еиҿкаан, уа убас иҟаз азҵаарақәа шьҭырхит:

1. Зынӡаск кавказ жәларқәа абџьар рымхтәуп. Ирабашьтәуп иахьанӡа иаҳҿагылоу.
2. Ашьхантә архахь иқәцатәуп. Ашьхараҿ аибашьра даара иазҟазоуп. Архаҿ аамҭа цацԥхьаӡа аибашьра аԥышәа рхашҭуа иалагоит.
3. Мчыла рыԥсадгьыл иахцатәуп, Ҭырқәтәылаҟа ихыгатәуп.
4. Кавказ иааганы, ҳара иаҳнаало, злеишәа бзиоу ауааԥсырала иалаӡҩатәуп урҭ рыбжьара иаанхаз кавказаа.

Убри амҩала идәықәлеит Аурыс империа аинралцәеи аполитикцәеи. Ачеченцәеи даӷьсҭанааи 25 шықәса ирабашьуан. Имам Шамиль знык-ҩынтә акәымкәа, аурыс ир ԥыххааса игон. Аха 1859 аш. азы Гәыниб анырга ашьҭахь, Аимпериа рымчқәа зегьы ааизыркәкәаны ирыжәырҵеит мраҭашәаратәи Кавказ – азахәцәа, шаԥсыӷаа, аубыхқәа, аԥсуаа. Уаанӡа уа напхгара рыиҭон Шамиль уахь инаишьҭыз Муҳаммед Амин. Иззеҭ Аидемир излазгәеиҭо ала, уи шьҭрала даԥсыуан.

Аубыхцәеи, ашаԥсыӷцәеи, аҳҷыԥсааи рҿы напхгара рызҭоз раԥхьаӡа Адагәа иԥа Ҳаџьы Берзеқ ду иакәын, уи инаҩс иашьа иԥа Ҳаџьы Берзеқ Кьерантыхә. Урҭ ах-жәларык азахәцәеи, аубыхцәеи, аԥсуааи изныкәымкәа аурыс ҳәынҭқар дара рыдгьыл аҿы ииргылаз абаа хырӷәӷәарҭақәа ҟәаҟәаса иргон, ашьха иахыҵны аԥсуааи аубыхқәеи еидгыланы аӷа ижәлон. Ахақәиҭразы ҳажәларқәа рхы ақәырҵон. Ажәытә аԥсуа ашәаҿы ишырҳәоз еиԥш: «дыҳәҳәон, дҵәаауан, шьҭахьла дцомызт…».

Аинрал Ермолов иазгәеиҭон: «Ашьхарыуа ажәларқәа дара рхақәиҭрала аҳәынҭқар инапаҿы иҟоу ауаа рҿы агәаӷь мца дырҿыхоит, ахьыԥшымраз агәыблыреи!».
Аурысқәа рҿы хьӡыи-ԥшеи змаз ар рԥызаҩцәа анҭахалак, ашьхарыуа хаха-хымш аинышәра ҟарҵон. Иҭахаз аурыс офицар изкны аԥсхәы руан. Аурыс солдаҭқәеи аказакцәеи шәҩыла ашьхарыуаа рахь ииасуан. Уа ахақәиҭрагьы роуан, ианҭаацәарахозгьы ыҟан, уи моу ахҵәара аан Ҭырқәтәыла ианрыццоз ыҟан.

1861 аш. азы мраҭашәаратәи ашьхарыуаа раԥхьагылаҩцәа аурыс ҳәынҭқар Алеқсандр II иареи дареи еиқәшәеит, «Уԥҟарақәа ҳрыдгылоит, аха ҩныҵҟала ҳхы ҳақәыҭзааит», – рҳәеит.

Аха иаахжәаны Алеқсандр II иҟынтә аҭак роут: «Ма шәшеибаку Ашәтәыла рха ҟьаҟьа ду ашҟа шәыхҵәоит, ма шәыззегьы Османлы шәеихароуп…»
Аҭакс иауыз: «Ҳаибашьуеит…».

Даҽа хы-шықәса аибашьра хлымӡаах цон, ишьаарҵәырахеит азахцәа рқыҭақәа… Шәкы-шәкыла, уи ҵабыргуп, ақыҭақәа рблон, ажәлар ндырҵәон. «Ашьхарыуаа бжаҩык нырҵәатәуп, нас ауп бжаҩык абџьар анышьҭарҵо», «Ашьхарыуаа рыдгьыл ауп аҳәынҭқарра зышьҭоу, дара рхаҭа иабаҳҭахыу» – абас рыҩуан аимператор ичынуааи иеинралцәеи.

Ахҵәара мыжда еиҳа-еиҳа иаргамахон. Аубыхқәа рыдгьыл анырга ашьҭахь, иаанхеит аԥсуаа-ахҷыԥсааи, аибӷааи, хылҵысааи, ԥсҳәааи.

Ԥсҳәаа рыҩнқәа былны, рыԥсхәы уны, агахь рҿынархеит. Аубыхқәеи ахылҵысааи, «Ашьха ашәа» ҳәаны, амшын аҿықәахь еихеит. Уа аӷбақәа хианы иҟан, Османлы иргон. Аибӷааи аҳҷыԥсааи аанхеит. Уа аидыслара ӷәӷәа ҟалеит. Хымш Аибӷа аибашьра цон. Ақыҭа ццышәха иргеит бзарбзанла. Ахацәа моу, аԥсуа ҳәса абџьар кны аӷа хәымга иабашьуан. Уи аԥсуа қыҭа, шамахамзар, ахацәа шьарда рыԥсыдгьыл рхы ақәырҵеит…

Маи 21, 1864 аш. азы аҳҷыԥсаа реизарҭа ду Гәбаадәы Аурыс ир аныҳәара мҩаԥыргеит, Кавказтәи аибашьра иахьалгаз азын. Аԥсуаа агахь еихеит, атәым дгьылахь ахҵәаразы. Иҭацәит ҳадгьылқәа. Изларыҩуа ала, 1.800.000–3.102.279 рҟынӡа ашьхарыуаа хҵәеит, мчыла иахырцеит…

Усҟан убас рҳәон: «Шьҭа аԥҳәысҵәҟьа, хаҵак дылԥылоит ҳәа дымшәаӡакәа, Аҟәеи Анапеи рыбжьара аныҟәара лылшоит».

-Иҭабуп даараӡа.

Агәажәба Ҳаџьараҭ-иԥа Руслан [Аслан=Арслан]

Диит 29.VIII.1949 аш. азы Ҭурқьесҭан, ақалақь Ашхабад. Иаб Ҳаџьараҭ Хаԥшь-иԥа (1903–1956) дмааденԥшааҩын (геолог), иан Бигәаа Мамеҭ-иԥҳа Наталиа (1922–1992) дырҵаҩын.

Агәажәба Р. Ҳ. 1966 аш. азы далгеит Нестор Лакоба ихьыӡ зхыу Гәдоуҭатәи аԥсуа школ № 3. 1968–1973 аш. рзы дҭан Москватәи алитературатә институт. 1973–1974 аш. рзы амшын аҿы арратә маҵура ихыигеит. 1975 аш. инаркны иахьанӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны аус иуеит. Иҭижьхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, 400 инареиҳаны астатиақәа еиуеиԥшым агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы. Урҭ рызкыуп аԥсуаа-кавказаа рҭоурых, ретнологиа, ркультура. Инҵамҭақәа аԥсышәала, урысшәала иҩҩуп.
Иҭижьхьоу:

«Аԥсныи аԥсуааи аурыс кьыԥхь аҿы «XIX-тәи ашәышықәса)», ҩ-томкны (Агәажәба Р. Ҳ., Ачыгәба Т. А.), 2006, 2008 (урысшәала).

«Ҳашьцәа ҳ-Аԥсынра», 2010 (аԥсышәала).

«Аԥсны – адокументқәеи аматериалқәеи», Аҟәа, 2009 (урысшәала).

«Адиасԥора аҭоурых аҟнытә: аԥсуаа, аубыхқәа…», Аҟәа – Сҭамԥыл, 2014. – 854 д. (урысшәала).

«Аԥсны ҳаб игәара, ҳара ҳзааӡаз – ҳан лгара…», Аҟәа, 2020. – 722 д. (аԥсышәала).
Сериал: «Акәымжәыуаа» – 23 ҭыжьымҭа… Убас иҵегь.

«Дал-Ҵабал – 1867 аш. Аԥсуаа, Ашәуаа, Аубыхқәа рдамыӷқәа», Аҟәа, 2017 аш. (урысшәала).

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz