Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аҧсуа бызшәеи аҧсуа литературеи Аҧсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы

Абызшәа – доуҳатә кодуп. Ауаатәыҩса адунеи ианықәнагала нахыс иаарго рҭоурыхтә-генетикатә информациа згәылаҵәаху акоуп. Тибет иҟоу иҧшьоу Шамбала арҵаҩцәа дуӡӡақәа доуҳала изыҧхьоз, бла иамбо аҩыра зныз ахьтәы пластинақәа ирҩызоуп. Уи амилаҭ рыҧсы ахьҭаҵәаху ауп. Ажәлар рдоуҳатә хазына аҵәахырҭа даҽаӡәы изымдыруа ихҩазароуп, ихьчазароуп. Анцәа ажәларқәа есаамҭа ҧышәарак-ҧышәарак иахижьуеит. Уи изахысыз ажәлар ауаатәыҩса рыҿиара амардуан аҿы даҽа ҩаӡарак хыхь ихалоит. Иахьа аҧсуаа абызшәатә ҧышәара ду ҳамоуп. Убри аҧышәара ду ҳзахысыр ҳдоуҳатә ҧсҭазаарагьы,цәеижьла ҳаҧсҭазаарагьы анарха аҳҭоит. Абызшәа ацәыӡра – ақәӡаара амҩоуп. Абызшәа ахьысҳара – аҳәынҭқарра аҧсыҽроуп.  

Еицырдыруа партугалиатәи апоет Фернандо Пессоа иҩуан: «Сара сыҧсадгьыл апартугал бызшәоуп». 

Аҧсшәа – ҳара иҳаҧсадгьылуп, доуҳатә ҧсадгьылуп, Аҧсны иаҩызоуп. Аҧсуара – ҳдин ауп, ҳанцәахаҵароуп, аҧсуаа ҳдоуҳатә культуроуп. Абри ауп ҳҳәынҭқарра шьаҭасгьы иамоу. Руак ацәыӡра ҳара ҳзы аҳәынҭқарра ацәыӡра иаҩызоуп. Издыруада аҧсуа бызшәа аҳаҭыраз, уи аныҟәгараз акәзар Анцәа ҳзишаз. Убри амиссиа акәхап адунеи аҿы ҳара миссиа хадас иҳамоугьы.  

Аҧсуа жәлар аҿаҧыцтә культура ҳаракы атрадициақәа зықьнашықәсала имырӡкәа, еиҳаҳауа иаазгоз жәларын. Убри азакәхап иахьагьы еиқәханы изҳамоу иуникалтәу, даҽаџьара шамахамзар иуҧымло аҿаҧыцтә культура абаҟа ссирқәа. Уи ҳаҧсуа жәлар рдоуҳамч, рмилаҭ хәыцра анарха зныҧшуа рҿиамҭақәоуп.  

Ажәала, еиҭаҳәарала еимырдоз, ажәлар ргәалашәара ихьчаны иаанагоз знымзар-зны ажәлар рыгәхашҭрахь имиасыр аурымызт. Аха урҭ ранҵареи, рмырӡреи, аҿыц арҿиареи рзы иаҭахын аҩыра. Иреиҳаӡоу культуратә цәырҵрахеит аҩыра аҟалара. Адунеи ажәларқәа аӡәырҩы ҩаӡарала акырӡа иҳараку ажәаҳәа арҿиара аформахь ииасхьан. Уи ажәа анҵара аформа акәын. 

Аҩыра – ажәлар рхеиқәырхара, рмилаҭтә хдырра ашьақәгылара, адунеи ранымӡаара, рыҿиара иадыргахеит. Убри инаркны аҧсуаа ҳзы иалагеит аамҭаҧхьаӡара ҿыц. Аепоха. Шәышықәсала аҩыра змаз ажәларқәа ҳраҟараны ҳрыванаргылеит. Иҟалап Кавказтәи ацивилизациа ииасхьоу адунеитә цивилизациақәа ианрыхәҭакыз аамҭазы аҧсуаа ирымазтгьы рхатә ҩыра. Аха уи еиҧш агәаанагара агипотезақәеи агәҩарақәеи рыҩаӡара изахымсыц. Зыҧсадгьыли збызшәеи рыда зегьы зцәыӡхьаз аҧсуаа жәлары наӡаны, милаҭны, ҳәынҭқарраны аҟаларахь амҩа иқәлеит. Иҳауит даҽазныкгьы ашанс, џьарак еиқәшәеит ҳара ҳзы аамҭеи аҭагылазаашьеи. Уи ахамырхәара рыцҳаран, гха дуун. Доуҳала иазыҟаҵаз ауаажәларра ироуит аҵара рҵаратә аҭагылазаашьа.Ииашоуп, уи аҟны ацхыраара ҳазҭоз атәымуаа ирыман дара рхықәкы.  

150 шықәса уажәаҧхьа иҟалаз ахҭыс ду аамҭа ааҳәра иаҩызан, иҟалап уи иамоу аҵакы инагӡаны аилкаара, ахәшьара аҭара ҳара ҳзы макьана иуадаҩзар. 

Аҩыра аҟалара ҳара иаҳзаанагаз абзиара дуқәа раҧхьа игылоуп, сгәанала, асахьаркыратә литература ацәырҵра. Аҧсуа ҩыра – егьырҭ адунеитә ҩырақәа ирыдкылан уахәаҧшуазар даара иқәыҧшуп – 150 ш. роуп иахыҵуа, ҳлитературагьы – 100 шықәса. Аха убри аамҭа иалагӡаны ҳмилаҭ ашьақәгылараҿы, ҳахдырра аҧсахраҿы иалшаз рацәоуп. Иахьа иҳамоу аҳәынҭқаррагьы иароуп изыбзоуроу ҳәа сгәы иаанагоит.  

Раҧхьатәи аҧсуа шәҟәы аҭыҵра – аҧсуаа рлахьынҵа заҧсахыз, аҧеиҧш шрымоу аазырҧшыз, рбызшәа аҿиара амҩа ишанылаз узырбоз ҭоурыхтә хҭыс дуны иҟалеит. Аҧсуа культураҿ уи иацназго даҽа хҭыск ыҟамзар ҟалап. Абызшәа – ажәлар иртәуп, ажәлар роуп иаҧызҵаз, аҧсҭазаарагь азҭо. Аха асахьаркыратә литературеиҧш абызшәа зырҿио, уи аҳәаақәа зырҭбаауа, аҧсы ахазҵо, ахәыцра зырҵауло даҽа доуҳатә мыругак узыҧшаашам. Иара убас амилаҭ ҟазара – асахьаркыратә ажәа ауаа ирылазырҵәо, досу зегьы рҟынӡа инеиртә иҟазҵо, амилаҭтә хдырра зырҿыхо. Алитература бзиа змам абызшәа- аҧсыӡ аӡы зҵабаз иаҩызоуп. Егьа аҽаҟьаргьы уи иазхом аҳауа, аҧсыҧ ланага-ҩанагартә изыҟалом. Убри абызшәа зда ҧсыхәа амам аҳауа, зда ҧсыхәа ыҟам аӡы, аҧсы злаҭо иаҩызоуп асахьаркыратә ажәа. Иааугар ауеит абас еиҧш аиҿырҧшра: ажәлар ргәы, ргәеисра – уи абызшәоуп. Аха агәы аус азыруа, агәеисра ҟазҵо, адақәа ирҭаланы, ҳауа цқьала, кислародла ирҭәны инеиуа ашьоуп. Убри зда ҧсыхәа ҳамам акислород ауп – асахьаркыратә литературагьы. Агәы аус азыруа ашьа акәхап ажәлар рдоуҳамчгьы. 

Ауаҩы гәыда дышзыҟамло еиҧш ажәларгьы, аҳәынҭқаррагь зыҟалом бызшәада, иҟалаӡаргьы уи ҧсыуа жәлархом, ҧсыуа ҳәынҭқаррахом. 

Збызшәа пату ақәзымҵо, злитература бзиа изымбо, иамыҧхьо, иззымдыруа ауаажәларра маргиналтәхоит, ҧеиҧш бзиа рымам. 

Адунеи ауаатәыҩса егьа ҿыцра рхәыцыргьы, ажәа ахархәагақәа егьа хкы рыӡбаргьы, ашәҟәы еиҳау, уи иацназго, уи иаиааиуа макьана иаҧырымҵац, иаҧырҵарангьы иҟаӡам. 

Дырмит Гәлиа иҩуан: «Амилаҭ хәыҷгьы алитература ду арҿиар алшоит. Са сыхәҭаахь уи,хымҧада, агәраганы сыҟоуп…». 

Алитературагьы, аҭоурыхҭҵаарагьы, аҟазарагьы,- иааизакны акультура зегьы ахыҵхырҭаҿ игылаз ауаҩы (Д.Гәлиа) имбарц залшомызт ажәлар иргәылаҵәаху абаҩхатәра дуи,аҧсуа бызшәа асахьаркыратә ажәа арҿиараҿы иамоу алшарақәеи. Иара ишиҳәаҵәҟьоз егьыҟалеит. Иахьа ҳара иҳамоуп зеиҧшыҟам алитература, амилаҭ дуқәа рлитературақәа џьара акала ирыҵамхо. Зыхә нагӡаны макьанагь ишьам, иахьа уажәраанӡагь ишахәҭоу иӡыргам.  

Аҧсуа литература Кавказ ажәларқәа рлитературақәа иаарылукаартә иҽышьҭнахит. Уи иаҵагылеит абаҩхатәра змаз ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, зҩымҭа ссирқәа рыла ҳлитература зырбеиаз. Ишьҭнахит ҳбызшәа аҩаӡара, иҭбаахеит амҽхак, иааҧшит еиҳа уи алшарақәа. Ишьақәгылеит алитературатә бызшәа. Иҿио иалагеит асахьаркыратә бызшәа, анаука бызшәа, макьана ихьысҳазаргьы, хымҧада, ицәырҵроуп, еизҳароуп аполитика, аекономика, азиндырра уҳәа рбызшәа, урҭ ирыҵанакуа атерминологиа. Избанзар ҳбызшәа ишьҭнамхуа ҳаҧсҭазаараҿ хырхарҭа ыҟаӡам, уи ииашан аус арушьа, ахархәашьа ҳақәшәар. 

Убарҭ ахырхарҭақәа зегь рыла ҳбызшәа аус аҳмырукәа, инагӡаны ҳхы ҳақәгәыӷуа ҳзыҟалаӡом. Есымша иҳамазаауеит агәыҩбара, адунеи аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы ҳбызшәа изышьҭыхрыма ҳәа. Ари психологиатә проблемоуп, ари ицәырнагоит амилаҭтә генетикатә комплексқәа, амилаҭ рхы иақәымгәыӷуа, рбызшәа агәра рымго ианыҟало. Усҟан ҳбызшәа акәӡам ихьысҳахо, ҳара ҳауп, ихьысҳахоит ҳмилаҭтә хдырра, иҧсыҽхоит ҳбызшәатә хәыцра. 

Аҧсуа ҩыра, аҧсуа литература ҳбызшәа еиқәзырхо доуҳатә мыругоуп. Уи ҳмилаҭ амырӡра алзыршо амҩақәа ируакуп. Иаҳҧеиҧшхарыз ҳара, хыҧхьаӡарала имаҷу, акыр аибашьрақәа, аҭоурыхтә уадаҩрақәа зхызгахьоу ажәлар, иаҳмоузтгьы аҩыра, алитература, аҵарадырра. 

Д. Гәлиа иҩуеит: «Ҳбызшәала аҩреи аҧхьареи мыцхәы ихҭаҳамкыр, ҳбызшәа иаарласны иаҳцәыӡыр ҟалоит. Ҳбызшәа аныӡлакь, ҳара аҧсуаагьы ҳҭыҧ ҳақәҵит. Абри ҟамландаз згәахуәа, аҧсышәала аҩреи аҧхьареи злаҟалаша аус шәацхраа, аҧхьара здыруа ишәыҩла, шәаҧхьала, иззымдыруагьы, иаҧсуаан иҟоу ишәҵала, атәымуаагьы шәбызшәа ргәашәырҧха». 

Аҵара змоу ажәлар – жәлары ӷәӷәоуп. Ҳара ҳазламаҷу ала аҵара ҳамҵар ҧсыхәа ҳамаӡам. Иахьа ҳҵарадырра алаҟәра иахьабалакь иаҳныҧшуеит, уи даара иаҳҧырхагоуп. Аҵара ҳамҵар, ҳаинтеллектуалтә ҩаӡара шьҭаҳамхыр, аамҭа ҿыц еснагь ҳаҵахалоит. Ҳара мал дук рҳаны измоу жәларым, малс иҳамоу ҳдоуҳатә культуроуп, ҳбызшәоуп. 

Аҧсуа ҩыратә бызшәа иахнагахьеит даара аудаҩра дуқәа, ирацәан иаҧырхагаз, иаҧышькласуаз, ҿиара азымҭоз. Аха 150 ш. рыҩныҵҟала иааӡеит, аҵара днарҵеит зеиӷьыҟам абиҧарақәа, аҧсуа интеллигенциа. 

Ҳара еснагь ҳазхәыцуазароуп ҳбызшәа, уи арҿиара, уи дырҵара, иара ахаҭа еиҳа армариара, аҵаразы арманшәалара. Ҳазыҳаҵҳаҵалароуп аҧсуа ҩыратә культура иаҳа-иаҳа ашьҭыхра, аихаҳара,уи аизҳазыӷьара.


Абиографиа 

Гәында Кәыҵниаҧҳа – апоет, аиҭагаҩ, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рассоциациеи ирылоу. 2005-2017 шш. рзы Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аиҳабы. Ҩажәа шықәса инарзынаҧшуа аус лухьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭаҿ референт-еиҭагаҩыс, иара убасгьы Аҧсуа бызшәа аҿиара азҵаарақәа рзы асектор анапхгаҩыс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҿы иаҧҵоу Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳынқарратә Программа анагӡаразы акомиссиа далахәуп.Аус луеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы експертс, иара убасгьы Аконтрольтә палатаҿы аспециалист хада алингвист иаҳасабала. 

Гәында Кәыҵниаҧҳа диит 1965 шықәса март 22 рзы Аҧсуа шәҟәыҩҩы, аредактор, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Сергеи Кәыҵниа иҭаацәараҿы. Аҵара лҵон Л. Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи абжьаратә школ аҿы. Далгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет диплом ҟаҧшьыла (ибзиаӡаны), илыхҵоуп афилолог иквалификациа. Асахьаркыратә литература аиҭагаҩ изанааҭ лымоуп. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет даналга ашьҭахь аус луан Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконсультантс, Ашәҟәыҩҩцәа рлитературатә клуб аиҳабыс, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿ Акьыҧхь азы акомитет аҟны редактор хадас. 

Аибашьра ашьҭахь аус луан Аҧсуа телерадиоеилахәыра аҟны атематикатә программақәа равтори рымҩаҧгаҩи лаҳасабала. 1998-2002 шш. рзы Аҟәатәи Ақәыҧшцәа рыҩнаҟны «Алитературатә ҟазарҭа» напхгаҩыс даман. 

2003 ш. инаркны 2009 ш. рҟынӡа ажурнал «Ауаажәларра» аҧсуа ҟәша аредактор хадас аус луан. 

Гәында Кәыҵниаҧҳа 11-шәҟәы (апоезиатә еизгақәа) дравторуп: «Агәыкра», «Мшаҧымза», «Абзиабара аҭәҳәа», «Аирыӡ шкәакәа» (ахәыҷтәы шәҟәы), «Ҩ-дунеик рыбжьара», «Ашарабжьы», «Гәырӷьаҿҳәаша», «Аҧсаатәмҩас», «Ампахьшь-шана» (ахәыҷтәы лакә-поема), «Асаркьа нашана» – абри ашәҟәы азоуп изланашьоу Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа, «Ахьышьҭа». Уи лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурысшәахь, ахорват бызшәахьы, аиталиан, араб, ахьинди бызшәақәа рахь. Еиуеиҧшым аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы иҭыҵуа алитературатә газеҭқәеи, ажурналқәеи, альманахқәеи, аизгақәеи лажәеинраалақәа рнылахьеит изныкымкәа. Ажурналқәа «Алашареи» «Амцабзи» рпремиақәа дырлауриатхахьеит. Аҳәынҭқарратә официалтә документқәеи асахьаркыратә литературеи реиҭагара аганахьалагьы Гәында Кәыҵниаҧҳа лылшамҭақәа маҷӡам. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҧсшәахь еиҭалгеит. Убри анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи апрезидент – Владислав Арӡынба инапхгарала еиҿкааз Аконстициа аус адуларазы Акомиссиа далан. Иахьа иҳамоу Аҧсны Аконституциа ҧсышәала изырцәажәаз лара лоуп. Еиҭалгеит 1999 шықәсазы ирдыркылаз «Ахьыҧшымразы акт», Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадацәа ирыдыркылоз еиуиҧшым азакәанқәеи, аусҧҟақәеи, ақәҵарақәеи, иара убасгьы Раҧхьатәи Ахада иҟаиҵоз Ааҧхьарақәеи, Аҳәамҭақәеи, Ақәгыларақәеи зегьы ҧсышәала ртекстқәа шьақәзыргылоз Гә. Кәыҵниаҧҳа лакәын. Иара убасгьы еиҭалгеит хаз шәҟәқәаны иҭыҵыз жәларбжьаратәи адокументқәа: «Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи азакәан – Билль по правам человека», «Ахәыҷы изинқәа рзы Аконвенциа», «Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадароу ихақәиҭрақәеи рыхьчаразы Аконвенциа», «Европатәи асоциалтә Хартиа», «Амилаҭ маҷқәа рыхьчаразы арамкатә конвенциа уҳәа уб. иҵ. Гәында Кәыҵниа «Аҧсалтыри», «Ахәыҷтәы Библиеи», адоуҳатә гимнқәеи ашәақәеи ртекстқәеи аиҭагаҩцәа дыруаӡәкуп. 

Асахьаркыратә литература аганахьала, еицырдыруа аурыс поетцәа рҩымҭақәа: Пушкин – «Пир во время чумы»; ажәеинраалақәа; Лермонтов, Блок, Ахматова, Цветаева, Вознесенский уҳәа ражәеинраалақәа. 

Редакторс дрымоуп здублиаж ҟаҵоу амультфильмқәеи афильмқәеи: «Шрек», «Маугли», «Тристани Изольдеи», «Алиса ассирқәа ртәылаҿ», «38 парпар», «Анастасиа», «Брементәи амузыкантцәа», «Оскар», «Серафино», «Агладиатор», «Аҧсҭазаара хазыноуп», «Цгәеиқәаҵәеи Цгәышкәакәеи», «Рапунцель»; Иара убасгьы хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷтәы шәҟәқәеи аметодикатә цхыраагӡақәеи, арҵагашәҟәқәеи. 

Гәында Кәыҵниаҧҳа аҩра далагеит данхәыҷыз, 8 шықәса анылхыҵуаз. Убри инаркны деицгәарҭоит, лажәеинраалақәа ркьыҧхьуан «Амцабзи» «Алашареи» «Еҵәаџьаа» ҳәа иҭыҵуаз аизгеи агазетқәеи рҟны, лажәеинраалақәа дрыҧхьон радиолеи телехәаҧшралеи. 

Yazarın Diğer Yazıları

Lazca Dil Günü kutlu olsun – Lazuri Nenaşi Ndğa

Laz Enstitüsü’nün 2021 yılında belirlediği 7 Kasım tarihi, Lazca Dil Günü olarak kutlanmakta. İsmail Avcı Bucaklişi, Laz Enstitüsü’nün internet sitesinde yayımlanan yazısında Lazca Dil...

Kabardey dağcının rekoru

Kabardey-Balkarlı 31 yaşındaki dağcı Alina Pekova, sekiz binler olarak bilinen, dünyanın en yüksek 14 dağının hepsine çıkarak bir rekora imza attı. 2023’ün nisan ayından başladığı,...

Anma: Beşgür Faruk…

Seni uğurlayışımızın ardından on yıl geçti... Özlemimiz artıyor ama bir gün hep birlikte Qafe oynayacağımız o meşe ağaçlarının altında bizi beklediğini bilerek avutuyoruz yüreğimizi... Seni seviyoruz, Beşgür...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img