Ҳажәлар дрыҧхеит Сезаи!..

0
540

Даара иуадаҩуп, зшәымҭа иҭагылоу, здырра, зԥышәа уҳәа рыла зегь раасҭа узықәгәыӷшаз, зыԥсҭазааратә мҩа иаӡражәыз ауаҩы хатәра иаалырҟьаны идунеи иԥсахит ҳәа иуаҳаз ашәаџь азхаҵара…  

Сезаи Папба… 

Сара Сезаи Папба 20-ҩык раҟара аҿар Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа аҵара ҳәа ҳааны АГУ ҳанҭалаз аамҭазы дыздырит. 

Усҟан уи Ҭырқәтәыла зегьы иреиҳаз агазеҭ «Ҳәырриеҭ» аекономикатә ҟәша редакторс дшамазгьы, аӡәгьы изымгәыӷьшаз гәыӷьны иусура нкажьны Аԥсныҟа дааны дыҟан. Ҳажәлар згәыӷрақәа здырҳәалоз рԥыза лаша Владыслав Арӡынба цхырааҩыс, абжьагаҩыс дииман. Гәыкала Аԥсынра кыр сзахәондаз ҳәа дхандеиуан. Аамҭа иагьа ауадаҩрақәа ацзаргьы, инапы ианыз аус ибзиаӡаны инагӡеит ҳәа сгәы иаанагоит. Еиҳарак, Арӡынба иҩызцәа ицны Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа данаҭаа аофицалтә еиԥыларақәа зегьы реиҿкаареи, реиҭагареи, аамышьҭахьгьы апресс аҟны ишахәҭоу ала ранылареи уҳәа, зегьы иара инапы ианын… Иара аибашьра аамышьҭазь Ақырҭцәеи ҳареи ҳаицәажәарц азы ООН Стампыл иеиҿнакааз аиԥылараҿгьы убасҵәҟьа… 

Уи иуаажәлар наҟ-ааҟ реимадара, реиԥшьра даргәаҟуан, есаамҭа уи аганахьала иҟаиҵаша дазхәыцуан… Раԥхьаӡа акәны адиаспораа ирзкны, ҳаргьы ҳацырхрааны иҭижьыз агазет “ABHAZYA” абыжәгьы сылаԥш ихгылоуп. Уи иазкны агәыӷра дуӡӡақәа иман, аха аибашьра ахлымӡаах ҳанҭагыла дзахьымӡеит акәымзар, аибашьра аамышьҭахьтәи аамҭақәа рҟынгьы шьаҿақәак ҟаиҵарц иҭаххазаргьы, иахәҭаз аҭагылазаашьа ҳара иҳазимҭеит, ажәак ала игәыхәтәы дзахьымӡеит… 

Аибашьра аналага аамҭазы Ҭырқәтәыла дахьыҟаз амшала убраҟа имҩаԥысуаз аусқәа зегьы рыгәҭа дрылагылан. Стампыл ақалақь аҟны иаԥҵаз «Кавказ-Аԥсны Адгыларатә Комитет» аԥшгаҩцәеи алахәылацәеи дыруаӡәкын. Гагра ҭаҳарцәаанӡа абраҟа аус иуит. Усҟан Ҭырқәтәылатәи аԥыза министр раԥхьа днаргыланы аиҳабыра рҿаԥхьа имҩаԥыргоз аиԥыларақәарҿы, уиадагьы иеиуеиԥшым ателеканалқәеи, агазеҭқәеи рҿы иқәгыларақәа абыржәыгьы ҳгәалашәарақәарҿы ишыҟац иҟоуп…  

Аԥсныҟа даниас ашьҭахьгьы Арӡынба ивараҿы иусура иааиԥмырҟьаӡакәа иациҵон. Иаҳзаауаз аделегациақәа рԥылара аума, Аԥсны анҭыҵ инхоз ҳауаажәлар адырра иаша рызнагара аума, жәларбжьаратәи ахеидкылақәеи Ҭырқәтәылатәи апрессеи рышҟа ашәҟәқәа рыҩроума, зегьы иара инапы рылакын, иааилшо азы хамеигӡарак ҟамҵаӡакәа уахгьы ҽынгьы аусура дшаҿыц даҿын…  

Аиааира анаҳга нахысгьы насҭха дгыланы дымтәеит, уаанӡа инапы злакыз аусқәа ирыциҵарц иҭаххеит, аха аамҭа уадаҩын, уаҵәтәи амш иазхәыцуаз рхыԥхьаӡара даараӡа имаҷхахьан, арахь аблокада ҳахьҭакыз азы ахныҟәгарагьы даараӡа иуадаҩын, ҳарҭ зегьы уи аамҭазы ҳзызхәыцуаз зынӡа идаҽакын, Сезаи идырра, иԥышәа, иҩаӡара азхәыцха змадаз… Еиҳа ианаҭахыз аамҭазы адгылара иҭара акәым, ашьаԥҿаршәқәа изыҟаҵарагьы ҳаҽахьыҳагӡеит. Ианамуы Ҭырқәтәылаҟа ахынҳәра ихьымӡӷишьазар акәхап Москваҟа аусура диасит. Аха шықәсык аҩныҵҟала ҩыџьа иҩызцәа гәакьацәа; Биргьил Чуазԥҳеи Мумҭаз Шамбеи рыԥсҭазаара ианалҵ Ҭырқәтәылаҟа диасыр акәхеит. Аха хара сыҟоуп ҳәа уаҟагьы ҭынч дымтәеит, ихатәы усқәа инарываргыланы Аԥсни Аԥсуа жәлари рызҵаарақәа разықәԥара даҿын. Дук мырҵыкәа «Аԥсны Аҩызцәа» захьӡыз агәыԥ аԥиҵеит. Иара убри аамҭазы Аԥсны иазкны аизарақәеи, аконференциақәеи, аиԥыларақәеи уҳәа реиҿкаара дшаҿыз даҿын, имаҷымкәагьы Аԥсны иазкыз ашәҟәқәа аредакциа рзиуит. Иеиуеиԥшым ателеканалқәарҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә политикақәа рыхьчаразы дықәгылон, агазеҭқәеи ажьурналқәеи рҿы астатиақәа аниҵон. 

Ҳарҭ иагьа ихала даанҳажьзаргьы, дзыԥсаз еилкааны ҳхы даҳзамырхәазаргьы, иара ԥынгылак ҟамҵакәа Аԥсны ахьыԥшымра азықәԥара дшаҿыц даҿын. 

Избанзар уи иԥсҭазаара зегьы хырхарҭас иамаз иԥсадгьыл ахьыԥшымра акәын. 

Хашҭра уқәымзааит Сезаи! 

Ухьӡ хьтәы нбанла ҳҭоурых ианылахьеит!..


Гәлсра дула агазет Жинеҧс ахьӡал адышшьылара: 

Дыхҭазкыз ачымазара бааԥс иахҟьаны мшаԥы 1 азы иаалырҟьаны идунеи иԥсахит ҳџьынџьуаҩ, ажурналист нага Сезаи Папба. Иара дреиуан зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зегь раԥхьа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа иара аԥсуа усқәа ирызкны аизарақәеи, аконференциақәеи, аиԥыларақәеи уҳәа еиҿикаауан, имаҷымкәагьы Аԥсны иазкыз ашәҟәқәа редакторс дрыман. Сезаи Папба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раԥхьагьы иҭоурыхтә ԥсадгьыл дадҳәалан. 

Ажурналист, аиҭагаҩ иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Арӡынба бжыгаҩсгьы дыивагылахьан. 

Сезаи Папба Иԥсҭазаара зегьы хықәкыс, хырхарҭас иамаз Аԥсны ахьыԥшымра наӡахарц азы ақәԥара акәын. Иуацәеи, иҭынхацәеи гәлсра дула ҳшәдышшылоит. Иҧсаҭа бзиахааит. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz