«Ҳара аҧсуаа ҳшьа агәаӷьра ӷәӷәа алан, иалоуп иахьагьы»

0
551

-Гугуца Џьыкыр-ҧҳа; ҳаиҿцәажәарахь ҳиасанӡа базааҭгыларҵ, иаҳбырдырырҵ сҭахыуп бызхылҵыз, бҭаацәара.  

-Саб-Џьыкырба Шаликәа Муса-иҧа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа далахәын, ахәра иман.Иара Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны арратә зыҟаҵареи абҩарҵәыреи рырҵаҩыс дыҟан, уи ашьҭахь акыраамҭа инеиҧынкыланы ақыҭаҿы акоммунисттә партиа напхгара аиҭон, уи аус аҟны дшыҟаз 59 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит. 

Сан-Гәынба Татиана Қьсыс-иҧҳа аҩны дыҟан, ҧшьҩык ахшара ҳлааӡеит.  

Сашьа-Џьыкырба Виктор Шаликәа-иҧа Омск иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ҩба дрылганы 28 шықәса уа дынхон. Аҧсны аибашьра ианалага иара аҧсшьаразы Аҧсны дааны дыҟан. Уи уаҳа уахь иусурахь дымхынҳәыкәан аибашьра зегьы далсит. Ианашьоуп «Агәымшәараз амедал», дҭаацәароуп, димоуп аҧҳа. 

Сашьа-Џьыкырба Варлам Шаликәа-иҧа Аҧсны ицоз аибашьра ашьҭахь ӷәӷәала дычмазаҩхеит, 46 шықәса анихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит, димоуп аҧҳа. ААУ дастудентуп. 

Саҳәшьа-Џьыкырба Римма Шаликәа-иҧҳа заанаҭла дырҵаҩуп,35 шықәсааҧсуа бызшәеи алитературеи длырҵоит. Дҭаацәароуп. Лыҧшәма Занҭариа Роланд Золотинска-иҧа дырҵаҩуп. Инхоит Хәаҧ. Рыҧҳа ажәбатәи аклассаҿ аҵара лҵоит.  

-Иааигәахоит лаҵарамза 21, алахьеиқәреи, алаӷырӡи ахьааи ацуп… Аҧсуа рхырҵәара, рыҧсадгьыл ааныжьны имцар ада ҧсыхәа аныҟамлоз аамҭа цәгьан базааҭгылар сҭахыуп.  

-Амҳаџьырра ашықәсқәа ҳажәлар ахлымӡаах рзаазгаз хҭысуп. Иахьагьы инагӡаны еилкааӡам шаҟаҩы хыҧхьаӡарала иҟаз. Урҭ иӡхырҵаз, атәым дгьыл аҟынӡа изымнаӡаз, иӡхыҵызгьы зегьы шаҟаҩы ыҟаз шьақәыргалаӡам. Иргоз, ихдырҵәоз ауаа иреӷьӡакәаз ракәын, урҭ алҧшааны идәықәырҵон. Иҟоуп ажәлақәа Гәдоуҭа араион аҟны зынӡа иаанымхаз. Иаҳәап: Марҷелиаа, Баалуаа, Џьанаа, Ҭагнеиаа, Ҵәымҵыр-иҧа, Таскәач-иҧа, Ҭемраз-иҧа, Агеибаа. Арҭ ажәлақәа жәытәӡоу анышәынҭрақәа рҿы иануп. 

-Иаҳдыруеи ихарҵәаны игаз, нас аханҳәра зылшаз шмаҷҩымыз, убарҭ рзы ажәақәак.  

-Ҳмузеи аҟны ус еиҧш иҟоу ахҭысқәа еидаҳкылоит. Жәандәрыҧшь ақыҭан иханҳәыз хә-ҩык аҭаацәара ыҟан. Аӡәы сизааҭгылоит. Уи Шамба Ҳакәыцә Мсагә-иҧа иакәын. Исахьа уанахәаҧшуа ихаҿсахьа зегьы уанаҳәоит. Аӡәы ицәымшәоз иарбан усзаалакь илзыргоз хаҵан. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәра иацыз ахьымҭрақәа зегьы дырхысит. Уи иажәа иалан: «Исыхьоз исхызгаз зегьы зцәа иҭазгӡеит. Избанзар сыҧсадгьыл ахьаагара мцабзны исыцран…» 

Шамба Ҳакәыцә Нестор Лакоба изааигәаз ибзианы дыздыруаз хаҵан. Аотриад «Кьараз» далан. Иахьагьы уи илагала Аҧснызы иҟаиҵаз иахьагьы иалацәажәоит.  

  

-Урҭ ихынҳәыз рҭоурыхқәа еиқәархома?  

-Зегьы еиқәархоуп сҳәар ииашахом.  

Гәдоуҭатәм Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ҳџьынџьуаа ирызку азал ду аартхоит. Уаҟа инарҭбаауа аиформациа ҟалоит. Ирацәоуп Аҧсны игаз ахнышьарқәа, нас ирханҳәны иааргаз… Уаҟа иҟалоит ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны (1992-1993ш) аибашьраан иҭахаз рсахьақәеи рҭоурыхқәеи… Амшын нырцә зыжәлар рҿахәы зҳәоз зегьы арбахоит, ицәыргахоит. 

  

-Ҳџьынџьуаа рырхынҳәраҿы мҩақәас иббуеи?  

-Амҩақәа зегьы ирхадазароуп ҳара ара иҟоу ҳаилибакаара ҳакзаара. Ҳџьынџьуаа Аҧсныҟа раагара, рырхынҳәра Аҳәынҭқарраҿы изҵаара хадазароуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада илаҧш рхызароуп, дырзааигәазароуп. Ихынҳәозаалак ирыгоу- ирыбзоу адагьы рааигәа ҳаҟазароуп, ҳархылаҧшлароуп. Ҳара ҳхаҭақәа еилаҳкаароуп ҳаҧсадгьыл шаҳзеиқәмырхо ҳџьынџьуаа рыда. Ус ианыҟаҳамҵа ҳәынҭқарра шьала еиқәырхо ҳзыхьчаӡом. 

  

-Шәара ахырҵәара амш аҽны еихшанҵаз ишәымоузеи?  

-Амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыҧсадгьыл иаҟәыганы еизцаны, иахьеидыркылоз Гәдоуҭа араион аҟны ҧшба-хәба ҭыҧ ыҟоуп. Ҳџьынџьуаа рзы даара згәы былуа, Габниа Дифа амҳаџьырра иазкыу аматериалқәа лымоуп. Мгәыӡырхәа ақыҭа иаҵанакәа Мысра аҳабла ахьыҟоу, амшын аҿықәан еиҿаҳкаауеит аинтелегенциа, аҿар убас изҭаххо зегьы уахь ргара. Уаҟа апрограмма амҩаҧгара. 

  

-Зеиӷьашьара ҳасабла ҳџьынџьуаа ирабҳәарц ибҭахыузеи?  

-Ҳаҧсадгьыл, ҳбызшәа аҧсуаа зегьы иаҳгәеисырҭоу, Аҧсны шаҟаҩы ҳрацәаны ҳанхо аҟара алшара ҳнаҭоит аиқәырхара… Ииашоуп иуадаҩып уҧсҭазаара аиҳарак зыдҳәалоу аҭыҧ ааныжьра. Аха ҳара аҧсуаа ҳшьа агәаӷьра ӷәӷәа алан, иалоуп иахьагьы. Уи агәра згоит. Аҧсуа жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит Аҳәынҭқарра аиқәырхареи ҳбызшәа амырӡреи аҧеиҧш амазарц. Уи зегьы ҳаидгылара ауп еиқәзырхо. 

  

-Иҭабуп даараӡа…


Џьыкырба Гугуца Шаликәа–иҧҳа 

Џьыкырба Гугуца Шаликәа–иҧҳа диит 1961 шықәса, ҧхынгәы 5 рзы, Мгәыӡырхәа ақыҭан. Лара, аҭаацәа дреиҵбан. Далгеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ 1978 шықәсазы. Уи ашықәсан аинститут аҟны аҧышәарақәа лҭиит, аха конкурсала дзымцаӡеит. Шықәсык аколнхараҿы аус луит ақыҭсовет аҟны маӡаныҟәгаҩс. 1979 шықәсазы дҭалеит ААУ афилологиатә факультет, 1984 шықәсазы диплом ҟаҧшьла далгеит. Ауниверситет даналга ашықәсанҵәҟьа нанҳәа мзазы Аҧсны акультура аминисторраҿы анаукатә усзуҩы еиҳабыс (ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа) рзы дрыдыркылеит. Шықәсык инагӡаны иҵаанӡа 1985 ш. жәабран мзазы диаган ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» ашҟа редакторс. Нас Гәдоуҭа аусура диасит 1987ш. Араҟа аизгара далагеит ҳаҧсуа ҭоурых иадҳәалаз арыцхәқәа ирызкны аматериалқәа.1987ш. рашәарамзазы сахьаркыратә напхгаҩыс Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны далагеит аусура. Хыхь зыӡбахә ҳәоу ашықәс инаркны лара ихадаз лусура инаваргыланы аус луан Гәдоуҭатәи №4,5 ашколқәа рҟны рҵаҩысгьы. Аҧсны аибашьра аныҟала ашьҭахь иҭахаз ирызкыз аматериалқәа реизгара далагеит. 1994ш. абҵара мзазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны иаҧҵан аҳәынҭқарратә музеи, убраҟа ианаҧҵаз инаркны лара афондқәа дреиҳабуп. 1998 шықәса амузеи аҿы аус шылуазгьы администрациа акультура аҟәша еиҳабыс дҟаҵан, уаҟа фышықәса амузеи акультуратә аҟәшеи еилалгӡон.  

Дҭаацәароуп. Лыҧшәма Ҭырқьба Витали Алықьса–иҧа Москва аҟазара аинститут доушьҭымҭоуп. Аус иуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәаҳәареи акәашареи рнсамбль аҟны болетместорс, иара убас аҵара–лашаратә училишьа аҟны рҵаҩыс. 

Х-ҩык ахшара дрануп. 

Ҭырқьба Шьаридан Витали–иҧҳа, Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Аус луеит ААУ аҟны, англыз бызшәа длырҵоит. 

Дҭаацәароуп ҩыџьа ахшара дрануп. 

Ҭырқьба Ҳанифа Витали–иҧҳа–далгеит ақ. Москва РУДН (диплом ҟьаҧшьла), аекономикатә наукақәа дыркандидатуп, алекциақәа дрыҧхьоит дзылгаз ауниверситет аҟны. 

Ҭырқьба Дадын Витали–иҧа–далгеит ААУ (жәларбжьаратәи афакультет), «Спутник» аҟны аус иуеит. Дҭаацәароуп. 

Гугуца Џьыкыр-ҧҳа, 1986ш. Қарҭ аспирантурашҟа дышьҭын, аха аҵара иацылҵартә аҭагылазаашьа ҟамлеит (аполитикатә еибарххарақәа ирыхҟьаны). 

2014 ш. иланашьан «Ахьӡ-Аҧша» ахҧатәи аҩаӡара. 

Ашәҟәқәа ааба авторс дрымоуп: 

– «Имӷьаӡо ахәрақәа». Аҟәа – 2006ш. 

– «Ҳаит абаақәа ҳаҧсуаами». Аҟәа – 2011ш. 

– «Иҿымцәаауа ацәашьқәа». Аҟәа -2013ш. 

– «Дәырҧшьаа, аҧсадгьыл азықәҧаҩцәа». -2014ш. 

– «Саныҟамгьы дышәхашәмыршҭын». Аҟәа -2015ш. 

– «Афырҭын». Аҟәа – 2018ш. 

– «Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа». Аҟәа – 2019ш. 

– Афотольбом, С.П.Дбар 70ш. ихыҵразы. Аҟәа – 2016ш. 

– Аткриткақәа реизга «Владислав». Аҟәа – 2013ш. 

– Владислав Арӡынба. Афотоальбом. Аҟәа – 2008ш. 

– «Жәандәырҧшьаа». Аҟәа – 2020ш. 

(Џьума Габуниа Гугуца Џьыкырба авторцәа). 

2016 шықәсазы Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧаҩс сыҟан. Уаҟа шықәсыки бжаки аус анылуы аусура аанлыжьит. 

Лусура иацылҵеит С.П.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи ҳәынҭқарратә музеи афондқәа реиҳабас.

 

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz