Ажәақәак аԥсуа хацәа ирыхҳәааны

0
492

(Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа аҟнытә) 

Ҳаџьараҭ-иԥа Руслан Гәажәба
Аҭоурых ҭҵааҩы Агәажәба Ҳаџьараҭ-иԥа Руслан иҿцәажәара
Ахәҭа -1-

 

-Ҳаҭырзқәу Руслан Гәажәба, аҧсуа жәлар рҳәамҭақәарҟын иҟо аҧсуа хацәа ирызку агәалашәарақәа иааркьаҿны ҳаҧхьаҩҵәа урзааҭгыларц ҳҭахуп. 

-Аԥсуа ражәа иалоуп: «Аԥсуа ишьа каҭәар, адгьыл ҵәыуеит». Уи ажәытә ажәа аҵакы даара уархәыцуеит. Зқьышықәсала ҳабацәа рабацәа, у урҭ рабацәа уҳәа рыԥсадгьыл рыхьчон: 

Ҳарԥылон агаҿы рҟәаҟәаса 

Ԥсыбаҩла ихҩон аҟәара… 

IX ашәышықәса азбжа азы хынтә аурымқәа (Византиа) Аԥсны иажәлеит. Хынтә аԥсуаа рыбџьар шьҭыхны аӷа иҭахеит агаҿагьы, амшынаҿгьы Аԥсуаагьы имаҷымкәа рыԥсадгьыл азы рхы ақәырҵеит. Убринахыс амшын иҭоу аԥсыӡ ҳауаажәлар агьама рбомызт… 

Азеижәтәи ашәышықәса Кавказ, Аԥсны амца анакы, аԥсуаа рыԥсадгьыл бџьарла ирыхьчон, ашьхақәа ирхыҵны нхыҵаа ирывагыланы цар ир иабашьуан. Шәҩыла, зықьҩыла ахақәиҭраз рхы ақәырҵуан. Нахьгьы Аԥсны, Ҭырқәтәылан инхо аԥсуаа урҭ агәаӷь злаз аԥсуа хацәа рыӡбахә рҳәоит. 

  

Аурыс Аԥсны дшықәнагалаз: 

Аԥсны аҳәаа ирыхьчон – Ажьгьреи-иԥа Қәычықә, Баӷ-иԥа Сокәын, Атлаҟсоу-иԥа Ерамхәыт. Ҽнак Ажьгьиреи-иԥа Қәычықәа Ҟәбина аԥшаҳәа ихьчон, дҽыжәланы бџьарла деибыҭаны. 

Ҽнак, ауры сир еиуаз аӡәы Ҟәбина аӡ нырцә дыҽԥынгылт. Қәычықә аҟәараӷ (аркан) имаз ала аҭахҳәа арастәы ииршәан, аурыс ихәда илаҿааршәан, ашырҳәа даахан, аурыс иара ишҟа, аӡ аарцә, дҳәынҷаны дааигеит. Уи азын аамҭа иҭаххаз кәтыҿарҳасрак акәын. Убас х-ҩык аурыс ир-уаа рзииуит, иҭҟәаны аҟәарах ала иааигеит Ҟәбина нырцә. Усҟан аурыс ир Аԥсны иҭамлаӡацт. Аурыс ир аиҳабы, аинрал дышшит аурыс ҳәынҭқар иахь: 

– Сыруаа Ҟәбина аӡхықә иҽԥынгыланы ианааилак, наҟтәи аарцәантә ҳара ҳала иамбо маӡа мчык ҳаруаа ашыҩҳәа наҳцәагоит. 

Аурыс ҳәынҭқар азин риҭеит: – Ар шәыманы Ҟәбина шәырны, уа шәҭал! 

Ҵҩа змамыз аурыс аинрал ир иманы ирит Ҟәбина, зегьы шьаарҵәырахеит… Аԥсуа хәыҷқәа агара ишгарахаз аԥса рылаҵаны ишьҭыхны идыршәон, аҭаҳмадацәа рыхқәа хҵәаны идыршәон. Ҳауаажәлар ашьа иадыргеит. Убас ауп аурыс Аԥсны дшықәнагалаз. 

Ари ажәабжь гәыҭшьаага, 1991 аш. 18/I иаҳзеиҭеиҳәон Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруаз Алықьса Чычба. Уи акырынтә изеиҭеиҳәон иабду, уи аамҭа, Аԥсны амца анакыз изхааныз. 

Аха, аӷа иаҿагыланы Аԥсуаа рыҷкәынцәа «Шәнеибаҵ, шәнеибаҵ…» ахаҵара ашәа рҳәо рыԥсадгьыл Аԥсназыҳәа рхы ақәырҵон. Аа абар: 

Ажәытә аибашьра ашәа 

«Ахацәа рхацәа раԥхьа игылаз рҩыза, рԥыза  

Қәыџьма лажәшәа дрывагьыжьуан,  

Ахьшьыцбашәа дырхаԥыруан, 

Ашәуа қьақәоушәа дыҩнакьыркьыруа  

Аӷацәа рымцабз далагылан. 

Аԥсуараз иԥсы иҭиуан. 

Аԥсуаа рбираҟ инапы иакын.  

Дыҳәҳәон, дҵәаауан, шьҭахьла дцомызт.  

Аҽԥыхәшә агылара дацгылауан,  

Афрангь аҳәа аԥынҵа дацнаӡауан.  

Аҽеиқәа хьышьаш иара дзықәтәаз,  

Казақ шьала ишьарыӡсауан. 

Иаҳәа казақ жьыла ирышҭыхәуан. 

Зда дзахымсуаз аҳәааҿы даннеи,  

Иарма шьапы быжь-хык ақәшәахьан,  

Иарӷьа напы Ҟазауҭ ҳәа иҵәуан.  

Ифрангь аҳәа ӡашәа ирҵәеит. 

Аԥсуаа рбираҟ иҩыза иҭаны, 

Иеиҳәеит иара иуасиаҭ ажәа: 

– «Шәеиха, абаақәа, шәцала ԥхьаҟа. 

Шәышьхәа шәамԥшын, шәымцан шьҭахьҟа!  

Урывагьежьны уҩызцәа еизца, 

Хахоуп, хаха шәнеибацақәа! 

Иахьоуп, аҳаҳаи, аӷьараҳәа, 

Шәыԥсадгьыл Аԥсны шәыԥсы ақәшәҵа!» 

Ари ашәа ианиҵеит апоет-гәымшәа хаҵарала Севастополь 1942 азы иҭахаз Михаил Гочуа, Чамагәуа Алқьарым иҟнытә, ақыҭа Аҷандара, Бзыԥын. 

Шәҩыла, зқьҩыла Аԥсназыҳәан аԥсуаа рыҷкәынцәа рхы ақәырҵон. Иахьагьы ажәлар ргәаларашәаҿы иаанхеит урҭ ахацәа рыхьӡқәа: 

Маршьан Дарыҟәа, Ҟаиҭмас-иԥа Халыбеи, Ахьы Шабаҭ Маршьан, Нашсау Маршьан, Гьечба Арсланбеи, Чызмаа Едыгь, Адагәа-иԥа Зеқьериа Ауаҭырба, Ажьгьери-иԥа Қәычықә, Ҟалӷьы Ҳанашә, Мысҭаф Чалакәуа, Ацанба Ҳақыбеи, Чкәакә Кьашьа, Кап Х-ақәыцә, Маршьан Асҭамыр, Кәыџ Капыт, Гәарамиа Гыд, Џьалы-иԥа Џьамырды, Шьыгә Шьаҟрыл, Асаӡба Смел, Кьаҭ-иԥа Саҳаҭқьери, Ҭарш Ҳанашә, Қьац Бақьмырза, Дарыҟәа-иԥа Адамыр, Дарыҟәа-иԥа Чаԥиаҟ, Ашәхәаҵаа Шьмаф… убас агьаҩы… 

Абар «Ахацәа рашәа» аҟнытә ҿырԥштәқәак: 

  

Дарыҟәа-иԥа Адамыр 

«Фицар шьахәарла аҵәҩан зрыԥхыз 

Еинрал ваҵысла ихызышшаз 

Дарыҟәа-иԥа Адамыр!» 

  

Дарыҟәа-иԥа Чаԥиаҟ 

«Ҳаит амарџьа, ԥхьаҟа шәеиха! 

Шьҭахьла ахьаԥшра ахаҵара иатәым! 

Шьаҿак иадамзаргьы ԥхьаҟа шәнеиха! 

Ҳаит амарџьа еиҵахара шәмыхьын! 

Мышкы ииз, мышкы дыԥсуеит, 

Хьыӡла аԥсра ахаҵара иазҳәоуп, 

Аԥсра ацәшәара шәаргәындароуп 

Ахаҵа-ихаҵа Чаԥиак мыжда! 

  

Чалакәуа Мысҭаф иашәа 

«Акәар екәала шәақьымцала 

Изырлашаз Мысҭаф Чалакәуа 

Камбашь кәара шьала илазышьҭыз, 

Салдаҭ хыла аҟәарч зыргылаз, 

Џьанаҭ аҳәыр ҭырԥҳацәа салам изаартит 

«Аинрал иқәабажә снапы ҭысшьаанӡа 

Уахь сшымнеиуа, сҭоубоуп» – имҳәеи. 

  

Чалакәуа Мысҭаф ахаҵа хьыӡла Аԥсны зыҳәа. Аалӡга аԥшаҳәаҿы ихы иқәиҵеит. 

  

Ар рашәа 

Аҳаҳаи, амарџьақәа шәеиҵамхан! 

Мышкы ииз усгьы мышкы дыԥсуеит, 

Аҳаҳаи, нас аԥсра шәацәымшәан, 

Ахацәа рхацәа урызхәыц, 

Аҳәса рхацәа урзымхәыцын! 

Жәафынтә иҭҟьо ушәақь ԥшьаанӡа, 

Аҽбыга аҭәа анархуа еиԥшҵәҟьа, 

Ирхуа шәнеила, шәеиҵамхан! 

Аҳаҳаи абааԥсқәа! Шәеиҵамхароуп! 

Зан лымгәаҭа ахаҵара ҭызгаз. 

Знарцә агәашә иҭазгалаз, 

Аԥсуа хаҵа аԥсра иацәымшәо, 

Ашәара зхылҵыз аҩсҭаа иоуп. 

Ахаҵара зхылҵыз Нарҭаа роуп. 

Агәыӷәӷәара ахацәа рахь уаргылоит, 

Агәнаҳара ашәарҭахь уаргылоит. Алиас Гәынба иҳәамҭроуп, 1941 аш. ақыҭа Аҷандара. Ианиҵеит Кәаҵиа Шьаҟрыл. 

  

Гәарамиа Камшьышь иажәабжьқәа 

Аԥсуаа, Брыскьылаа Гәарамиа инарылаҵаны, ԥхьагылаҩцәан азы, иӷәӷәаны амаскитқәа (аурысқәа, ус ирышьҭан) ирабашьуан, ҩынтә Анапа Аԥсуа бираҟ ахадыргылахьеит. 

Маршьан Дарыҟәа ҳәа дыҟан, иара рацәак уоуӡомызт, аха ӷәӷәаӡак иакәын. Зны Нхыҵҟа аурыс ир иабашьырц хәышәҩык ар (иаԥсыуан) рҽеибыҭаны ицон. Аӡ ду иҽԥыгылеит. Азы даара иӷьеҩны ицон, ауаҩԥсы иакәым еиҳа иӷәӷәаз хаҵак далиган, даанкыланы аӡ нырцәҟа диршәит. Иара уа дҩагылт, нас егьырҭ иҿқәаз хәышәҩык ир, аӡәаӡәала иааныланы нырцәҟа идәықәиҵо, агьи уа игылаз икуа, зегьы аӡ нырцәҟа ииргылеит. Нас иаргьы аӡы ӷьеҩ дынҭалан, ашьшьыҳәа иҩызцәа дынрылагылеит. 

Гәарамиа Камшьышь 117 шықәса ниҵеит (1998 ш. азы идунеи иԥсахит Тҟәарчал). Камшьышь иабду Гыд ихьӡын, уи бааԥсыла ауры сир драбашьуан. Нхыҵгьы аибашьра ицалон аԥсуаа рыр рҽеизганы. Аџьыр-иԥа Кьамышә ҳа дыҟан, Гыди Кьамышәи даара аҩызара рыбжьон, аибашьраҿы есқьынагьы еицын. Уимоу, мшынла ашхәақәа ирҭаланы шаҟантә еибашьхьаз. Урҭ амшын инхыз Ҭҟәаԥси Ԥуҭи рыбжьара ӷбак ииасыр руазма. Ма ирҳәынҷуан, ма амшын аҵахь ирышьҭуан. 

Ианыхынҳәуаз амшын агәы аҟынтә, иразҵаауан: – Иаажәгеи? 

Дара ус ҭакс ирҳәон: 

– Ишьтәыз – ҳшьит, иӡәааҟәрылатәыз – иӡааҳаҟәрылеит, иаанхаз иццышәха иқәаҳҵеит. 

Аҳацкьын жәла иҟоуп ашьхара «аҩсҭаа ихаԥыц» ҳәа иашьҭоуп, ианышәҭуа ашьҭахь жәамш амч амоуп. Иузымдыркәа иааурԥҵыр, унацәқәа хнажәоит – убас жәла бааԥсуп. Гыди Кьамышәеи аурыс ир иабашьуан, Очамчыра афорт (абаа) аурыс икын. Уаанӡа аԥсуаа аԥсуа аурысқәа абзарбзан ирымырххьан, аха злеиҵарҵуа ахәшә рымам, арахь хцырак аурышәхәҳәымпылқәа ирымоуп аԥсуаа. Аҳы, уажәы хара имгакәа аурысир рыжәлоит, излаанукылои… 

Гыди Кьамышәеи иҳәҳәаны ирыларҵеит: «Ҳаи абаақәа! Ирласны, аҩсҭаа ихаԥыц» еизыжәга! 

Иахьыргӡеит. Гыд ибзарбзан ала дамхысӡацт, аха иагәаҟ, аус ианыцәгьаха – «аҩсҭаа ихаԥыц» хәшәыс рхы иадырхәаны, иргәыдиҵеит абзарбзанла. Актәи ахы амшын иалаҳаит. Егьырҭ аҩба аурыс ир рыгәҭаҵәҟьа иақәшәеит. 

Аԥсуаагьы ирыжәлан афорт (абаа) ргеит, ииааит. 

Убас Гәарамиа Камшьышь изеиҭеиҳәон иабду Гыд. Ҳара уи шәара ишәзеиҭаҳҳәеит. 

  

-Иҭабуп даараӡа… 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz