Агәалашәареи, агәҭыхеи!

0
400

…Ари амшқәа аибашьра хлымӡаах иаҳзыннажьыз ахьаа агәалашәара мшқәоуп…  

Аҧсны иқәынхо жәларцыҧхьаӡа, ҭаацәарыцыҧхьаӡа реиҧш, саргьы сгәалашәараҿ инхеит хҭысқәак, уажәраанӡа сызламцәажәацыз… 

Арыцхә, ашықәс, сгәалашәараҿ инымхаӡеит, аха ҧхнымшын… Ихысуан… 

Аҩны иҟаз сани сареи ҳакәын, лара аџьыкахра лҽазылкит аҧацхаҿ…  

4 шықәса схыҵуан… Сан дыхҭаскит сандуи сабдуи рахь слышьҭырц, избанзар саҳәшьцәа, сашьцәа зегь уа иҟан, срылахәмарырц… 

Ахысра маҷк иаҟәыҵыр бызгоит ҳәа аҭак сылҭон… 

Ус ахысра еиҳа иӷәӷәахеит, ҳааигәа иҟаз арасаҭреи амхыҭреи рыбжьара икаҳауан аснариадқәа, уи аамҭаз адәаҿы сгылан, иацҟьоз асколокқәа саргьы ааха ӷәӷәа снаҭеит, «Мама, мама»-ҳәа ҿысҭит, сцәа ак алалан иҧхаӡа, сшьа андәықәла…  

Игеит аҳәҳәабжь… 

Убри аамҭаз ахықә дықәгылан абинокль ала дыҧшуан ҳгәылеи ҳҭынхеи, арҧыс хазына Асҭамыр (Тутка ҳәа иарҳәон) Ҳаџьым, сан лыҳәҳәабжь аниаҳа, иныҟәигоз ихәшәҭҭра иман дыҩны дылбааит иабду Шамил диман. 

Ашкол азааигәара ҳанхоит, уыи ашкол аҿы аибашьра анцоз ҧхьакырҭас ирыман Гамс ҳәа зарҳәоз (изласгәалашәо) дГамсаниан наҧхгара ззиуаз «Зигзаз» агәыҧ. 

Ахысбжьқәеи сан лыҳәҳәабжьи дара рҟынӡагьы инеит…  

Амедеиаҳәшьца, сымҩашьозар руаӡәк Ела лыхьӡын, иҳәазо ааха рмоурц, ҳаҩнынӡа иааит, Туткеи дареи еицхыраан исзыҟарҵеит схьаа зыртәози, маҷк сшьа нызкылшеи агәыр… 

…Аҧхын, ҳбаҳчаҿ атамақәа рацәаны ирызҳауан, сбидон ганы иреиӷьыз атамақәа ҿыхны, «Зигзаграа» схәаҧ хәаҧуа ирзызгон, урҭ уа апианиниа рыман, рыҧсы аныршьоз саннеилак ашәаҳәара иалагон)))  

Ааха ансоу,сыҧсы еиқәырхаразы ирыҧшааит акамаз ду, Тҟәарчал агоспиталь ахь сыргарц еиҿыркааит ҳгәыла Амиран Ҳаџьыми Вова Ҭарбеи, сымҩашьозар Вова Зарандиа аҧсҟы зкыз дреиуан… 

Уахык иалагӡаны сан агәырҩа аҟынтәи дышлеит, лыхцәы асы еиҧш иҟәашкакараӡа иҟалеит… 

Агоспиталь аҿы сҧиҟеит, сыҧсгьы еиқәирхеит аҳақьым Резо Кәакәасқьыр… 

Исылихит ҩсколкак, саб иҧсы ҭанаҵы иҵәахны иман, лассы ласс исирбон, алаф ахҳәааны… 

Тҟәарчал агоспиталь аҿы мызки бжаки инареиҳаны сышьҭан… Сгәалашәараҿы инхаз, аперевиазкақәа рышьҭахь сани сареи ҳашнеиуаз иҳаҳаит ирацәаҩны асолдатцәа хәны ишааргаз, дцеит снапы кны иҭылҵаарц зусцәаз… 

Уи аҽны Тамшь адесант анхыҵыз акәын… 

Ахәцәа дрылан ҳҭынха Руслан (Ӷәына) Блабба… 

Ҳаҩналеит иуада… 

Исгәалашәо ихы зегь ҿаҳәаны, иааигәа игылаз астол хәыҷ аҿы ҵәыцак ачаи, ашьақәар ромбикқәак аван, иҧсы ахыхра даҿын… 

Сан еимаҭәаны аҵәыуара далагеит… 

Ара ианысҵаз, 1/4 ахәҭа ҳазнысыз аамҭа хьанҭакәа ируакыу… 

Аибашьра ианалагоз, кыр аамҭа ҳалахан ҳшыҟази, саб ҳшизымҧшаауази атәы зҳәо ахҭысқәа гәаларшәагас сара издыруаз… 

Ҳаҭыр зқәу аҧсуа жәлар! 

Ҳазнысыз амҩаду ҳанымҵкәа, ҳнапқәа еибаркны, гәыла-ҧсыла ҳҽеимадан, аҧсҭазаара ҳзырбаз, рхы зқәырҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара, аҵеицәа гәымшәақәа ргәалашәара мырҧхашьакәа, имырӡкәан, ҳаҿиалароуп! Доуҳала ҳбеиахалароуп, ҧарала абеиахара ҳаҟәыҵны! 

Сара аҿар сырхыҧхьаӡалоуп! Исҭахыуп, аибашьра зхьысыз атәы зҳәо аветеран, иара ус ауаҩҧсы, баша дмеибашьызаап, баша ашьа каимҭәазаап ҳәа изысҳәарц!  

Шаҟа дуаҩҧсы бзиоузеи, ишҧаиҭахыу гәыкала ҳАҧсадгьыл ҿиаларц, иламыс шаҟа иҳаракыузеи, ишҧасҭахыу имоу аҟазшьа бзиақәа саргьы иҿыскаарц (илҿыскаарц)… Иаҳәшәырба шәусқәа рыла малла шәбеиахарц шәшашьҭам, доуҳала шәышбеио, ламысцқьала шәнапы злаку аус шәшазыҟо, изызҳауа абиҧара шәшазхьаауа, шәара шәышьҭахь ирзыншәыжьуа «малла абеиара акәу, аҧсуа иламыс атәы зҳәо аҟазшьақәеи аусқәеи» ракәу!  

Шәаҟәыц ҳаилыхра! Мамзаргьы жәларык шҳакәу еиҿагылараки еибашьраки аныҟало акәу ианшәеилныркаауа! 

Шәеиҿагылан, шәхатә интересқәа малла арбеираз шәашьӷанаҵ, ишәызгәаҭаӡом шәхаҿра ҳара аҿар ҳҿаҧхьа ишыӡуа, избанзар шәажәеи шәус еимадаӡам!  

Ҳаибашьиҭ, Ахақәиҭра ҳашзаажәгаз зҳәо Аҧсни, иқәынхо ажәлари ирзеиӷьӷаша еиҿышәкаауа аусқәа роуп!  

Ҳаибашьит, ҳаиааит анышәҳәо, шәызиааиз шәгәыцқьареи, шәгәыбылреи, ажәлар рыбзиабарахь ишәызцәырнаго ацәаныррақәеи ракәхароуп!  

Ҳаибашьит, ахьыҧшымра ҳамоуп анышәҳәа, ажәлар рымаҵаураҿы иаанышәкыло «аҭыҧқәа» рҿы еиҿышәкаауа зегьы еицырзеиҧшу ауыс бзиақәа ракәзароуп! 

Ҳаибашьит, ҳаҿиалароуп ҳәа шәныҳәаҿақәа анышәҳәо, иҿио аҿар ацхыраара шрышәҭаша шәашьҭалароуп, хатә беирала акәым, зегьы еицырзеиҧшны, шаҟа аҧсҭаазара шырзыцәгьо дырны, қьырала ауадақәа ирыҩно, ауалафахәы иақәнаго шьоук рыҧсыцәгьақәа ирхашәалан ианыҟам…  

Ари гәаларшәароуп, ари гәҭыхоуп!!! 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz