«Ари амузеи аԥсуа жәлар иахьынхозаалакгьы еицаҳзеиԥшуп»

0
864

-Ҳаҭырзқу Аркади Уанкаиҧа Џьапуа; Иахьынӡаздыруала уус хаҭа архьологиа иадҳәалоуп. Аха иахьа Аҧсуа ҳәынҭқарратә амузеи аиҳабыс уыҟоуп. Уи аҟнытә ҳахцәажәар сҭахуп зымчхак ҭбааӡоу иахьа унапы злаку аус. 

-Амузеи аҟны аусура даара зыгәаӷьра хьанҭоу усуп, аха ииашаны акыр ицәгьоу иара ари аҩыза, адунеи аҟны инхауа ҳауаажәлар зегьы иаҳтәу амузеи анапхгара ииашаны даара агәаӷьра хьанҭоуп, иара уа алагара сара иарзнак исзымгәыӷьӡеит иансарҳәа. Аха нас, ара сара даара ацхыраара ду сиҭеит иара ара еиҳабыс саԥхьа иамаз А.М.Ҭариа, иара убас ара аус зуа аԥышәа ду змоу амузеи еиҿкааны измоу аусуҩцәа аасывагылеит, ҳажҽҩахыр неибыҭаны аус еицура ҳналаган, иахьанӡагьы ҳааит, ақәҿира бзиақәагьы ааҳарԥшит ҳәа сгәы иаанагоит.  

 

-Амузеи иаҵанакуа 4 аҟәша ыҟоуп. Арҭ аҟәшақәа рцыҧхьаӡа музеик музеик ашьақәыргылара иахәҭоуп уҳәар алшоит. Имариоума ас еиҧш иҟоу амузеи анапхгара? Иаҳҳәап, аҭыҧ аганахьала шәиқәшар, алшара шәур даҽа музеиқәа реиҿкааразын ишәымоу амаҭәрқәа иҳазхартә иҟоуп уҳәар алшоума? 

-Ишышәҳәаз еиԥш, ара иҟоуп амузеи аҟәшақәа ԥшьба. Дара ус хырхарҭала иугозар рызегьы хазы амузе злыҵуа роуп. Аха уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳара иҳауам, раԥхьа иргыланы иара иаҭаху ахыбрақәа ҳамам. Нас иара амузеи хазы-хазны ианыҟауҵа уи иаҭахуп хазы аспециалистцәа акыр еиҳаны, урҭ зегьы дара ирҭаххоит аԥара, иара ара иҳамоу уааԥсыра аусуҩцәа раҟара ҩба ҳара иҳамазар ауп, ҳусура иҵегьы арҭбаара азыҳәаны. Нас еилкаауп даҽа хмузеик ҟалар иаҭаху заҟа ирацәахо. Уи сара сгәаныла аԥхьаҟа зны иҟалашт, аха уи аҳәынҭқарра иҵегьы ирӷәӷәаны ашьапы иқәгылароуп. 

Ус дара амузеиқәа ҟалараны ианыҟоу, ирыҩнауҵаша, изладырхиаша ацәыргақәҵақәа злархуа ҳамоуп, ҳаҵәахырҭақәа рҟны ишьҭоуп. Иара еиҳа-еиҳа ахаҭәаара, ацлара иаҿуп. 

  

-Сара иахьынӡасдыруала, иахьа ҳазҭагылоу аамҭаз ҳалшарақәа акырӡа иагхеит. Апраект ҿыцқәа мҩаҧгарац азы ақыҭақәарахь аныҟәарақәа ақыр аџьабаа ацуп. Анышә иаҵоу аҧшьаатәқәа, амаҭәарқәа рыҧшаареи реизгареи иаҳа ишыуадаҩхазгьы збоит. Ари ихыуҳәауазеи… 

-Иахьатәи ҳаамҭазы еиҳа аҭагылазаашьа хьанҭахо иалагеит ақыҭақәа ааныжьны ҳауаажәлар ақалақьқәа рышҟа ицауа иахьалагаз. Уи иадҳәалахеит ҳара ҳжәытәра -ҳҿатәра, зҳәауаз карыжьуа иахьалагаз. Уа иаанханы иҟоугьы бжьысуеит, ибаауеит, анапы агхауеит. Даара иахәҭоуп дара реиқәырхара азыҳәаны аекспедициақәа раԥҵара, ақыҭақәа рышҟа ицаны реизгара, аха уигьы иамоуп апроблемақәа. Иара аиҿкаара азыҳәаны иаҭахуп афинанстә цхыраара. Аҵыхәтәантәи аамҭазын иара ҳауаажәларгьы ԥыҭҩык ахә рҳәауа иалагеит, уи азын хазы аԥара аҭаххоит аха Анцәа иҟынтәи дара ус иаҳазымҳәауа еиҳа еиҳауп. Нас археологцәа аекспедициақәа мҩаԥаагоит, уа ирацәаны аматериал амузеи ашҟа иаанагоит. Иара Аԥсны аус зуа зегьы, ирыԥшаауа арахь амузеи иамҭакәаны аҳәаа иахыганы даҽа тәылак ашҟа агара азин рымаӡам. Уи азын ҳара ҳаҵәахырҭақәа хаҭәаауеит.  

-Амузеи атәы даара аџьабаа зцу уысуп. Ҳара иаҳдыруеит аибашра аҧхьагьы уи аамышҭахьгьы Ақырҭцәа иарҭаз аҧырхага. Уи адагьы адунеи аҿы ҳара иаҳтәу иҧсаҟьаны ишыҟоу. Ари иахыуҳәауеи… 

-Ари азҵаатә даара ихьанҭоу усуп. Иара шәышықәсала Аԥсны иқәнагалоз амилаҭқәа зегьы арантәи акы ргауан. Даара имаҷуп иҳакәыршаны иҟоу тәылак аҟны ҳара иаҳтәым ҳҭоурых атәы зҳәауа акагьы ахьыҟам. Убри азын аицәажәарақәа раан, ҳара ишьақәҳаргылаз асиа раԥхьа иқәҵаны ирҳәоит архынҳәра аганахь ихьаԥшырц, аха макьана уи алҵшәа ҳәаны акагьы ыҟам… Досу иигаз иара итәитәуеит…  

-Ҳарҭ еснагь ҳазҿлымҳауп ҳамузеи насгьы имҩаҧнаго аусқәа. Иаҳдыруеит амузеи аусуҩцәа иахьауажәраанӡа гәыкҧсыкала ишазыҟаз ари аус. Иахьатәи аҿар ари аганахьала ишҧаҟоу?  

-Амузеи аусура ари заанаҭуп, иара уа аус зуа зегьы уи ала ичмазыҩцәоуп уҳәар ауеит. Дара ирылшо зегь ҟарҵоит, ианаҭахха рхы-рыԥсы иагыжьны, амузеи аус иазыркуеит. Ара аус руеит иара зус здыруа, уи ала аҵара змоу. Дара аҿаргьы шамаха арҭ ирҿыԥшуеит, ирҿырҵааша даара ирацәоуп, рԥышәа еимырдауеит, ирхылаԥшуеит, ирзымдыруа ддырбауеит. Уи иабзоураны рус еицура алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит.  

  

-Ҳдииаспореи ҳмузеи реизыҟазааш азы иахуҳәарц иуҭаху акрыҟоума… 

-Ишысҳәахьоу еиԥш ари амузеи аԥсуа жәлар иахьынхозаалакгьы еицаҳзеиԥшуп. Ара изныкымкәан ҳдиаспора ирызкны, даргьы алархәны аетнографиатә цәыргақәҵақәа ҟаҳҵахьеит, аха уи даара имаҷуп. Есымшагьы ҳара адгылара аҳҭоит ари аус арҿиара, аҟаҵара. Ҳара уи аганахь ҳаиҿцаарақәа ҳусецурақәа ҳарӷәӷәароуп, ҳара иаку ҭаацәароуп, ҳаилымшәароуп! 

https://www.youtube.com/watch?v=s-eINOD0qWI


Аркади Џьапуа   

Џьапуа Аркади Уанкаиҧа, Ҷлоу ақыҭаҿы 1955 шықәзазы диит. Иан Ҵәыџьҧҳан. Ҷлоутәи абжьаратә школ даналга, дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә аинститут, дагьалгеит 1977 шьықәсарзын. Арратә маҵура аныихыига ашьҭахь, аусура далагеит Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс. Нас ааҧхьара иоуит 1983 шықәсарзын Аҧсуа ҭҵаарадырратә аиститут археологиа аҟәша ашҟа. Уи аамҭа иалагӡаны иҵарагьы иациҵеит Маскватәи археолоиатә институт аҟны аспирантура аҳасабала. Даналга иара убра шықәсык аусуны, нас дхынҳәит Аҧсныҟа, аинститут ашҟа. Убри аахысгьы араа аус шыиуыҵ иуеит. 

2009 шықәсазын Маскватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны идиссертациа ихьчоит. Иусумҭа тема хадас иамаз Ешыра ақыҭантәи археологиатә баҟақәеи дара рыҭҵааратә материалқәеи ракәын. Дара урҭ рыҭҵаара аҟны акыр аџьабаа адибалеит. Иара иахьагьы урҭ рыҭҵааратә усурақәа есшықәса дырҿуп. 2007 шықәсазын дыҟаҵан Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабыс. Иахьаанӡагьы уа аус иуеит. 2012 шықәса раахыс Аҧсуа ҳәынҭқарратә аунивирситет аҟны алекциа даҧхьоит, ддоцентуп. Илекциақа ирызкуп амузеии иара Аҧсны аҭоурыхи. Аҧсны ажурналистцәа реидгыла далоуп. Аҧсуа институт аҟны аус иуанаҵы ихы рылаиырхәуеит жәларбжьратәи аеспедициақәа жәпакы; Тамшьтәи, Бамборатәи, Мгәыӡырхәатәи, Аҷандаратәи, Абгархықәтәи, Гагратәи, Башкаҧсаратәи, Ҷлоутәи, Гагидатәи, Приморсктәи, Гәдаатәи, Аҽгәаратәи, Џьанҭоутәи, Ешыратәи, Аҟәатәи, Адлертәи, Улиаптәи, Маикоптәи, Мықәтәи, Ҧшьаҧтәи, Ламкацтәи, Ауадҳаратәи, Афонтәи, Очамчыратәи убас иҵегьы… 

Иара иҭҵаарадырратә тема аамҭа хадас иамоу уи ихьшәоу аџьаз аамҭеи антикатәи аамтеи роуп аха, акыр инапы алеикхьеит иҵегьы изаатәиуи иар ихшәу аамҭеи ирту ажәытә ҭоурыхтә баҟақәа. Иусумҭақәа урҭ ирызкны икьыҧхьхьеит еиуеиҧшым абызшәақәа рыла 220 инареиҳаны. Иара убас агазеҭтә статиақәа 125 рҟынӡа… Ирацәаны аус иуеит аинтернет ҭыжымҭақәа рҟны. Дара иусумҭақәа ирылхны ажәахәқәа ҟаиҵахьеит еиуеиҧшым атәылақәа рҟны ажәахәқәа; Аҟәа, Масква, Нальчик, Ростов, Прага (Чехиа), Адлер, Владикавказ, Санкт-Петербург, Махачкала, Грозныи, Геленџьик, Бақәа, Аксу (Азарбаиџьан), Измир, Тире, Джеирахк, Демерджи (Ҭырқәтәыла), Краснодар, Белград (Сербиа), Ереван (Ермантәыла), убас иҵегьы… Амузеи имҩаҧнагауа аусхкқәа зегьы дрыдгылоит, дацхраауеит, ихы рылаиырхәуеит. 

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz