Омар Дыбзахеит, Ԥсра Ақәым Аԥсуа Бызшәа!..

0
632

Аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, абызшәадырҩы, ашәҟәыҩҩы, апатриот ду, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора рлашарбага, Беигәаа Баирам-иԥа Омар инарцәымҩахь дықәлеишьҭеи жәабран 25, 2022 шықәсазы 21 шықәса ҵуеит. Ҳәарада зыхьӡи зџьабааи аҭоурых хьтәы нбанла ианылаз ари аҩыза иԥшьоу ауаҩы изы иҳәатәу кырӡа ирацәоуп, аха уи сара сдыррагьы, сыԥсшәагьы азхарым… Уи азы игәалашәара амш аҽны гәырӷьаҽҳәашак шәыҭаны иара ԥсаҭашкәакәа иԥсы сырҭынчыр, шәаргьы шәсыргәырӷьар сҭахәуп… 

Кыр шықәсқәа раахыс Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны ҳҵарауаа аус здырулоз иусумҭақәа рыхәҭак, хә-томкны иҭыжьуп, ӷбала Ҭырқәтәылантәи амҩа иқәлахьеит… 

Ари ҳәарада гәырӷьароуп, игәалашәара амш аҽны иԥсы ҭаланы дҳалагылазшәа иуԥхьаӡаратәы хҭыс дууп… 

Аусумҭақәа аҭыжьра иазырхиаз, адгылареи ацхыраареи азҭаз ҳҵарауаа, ԥсаҭа шкәакәа Емма Кьыл-ԥҳа раԥхьа днаргыланы зегьы шәҿаԥхьа ҳаҭырла схырхоит, шәџьабаа бзабааны ишәԥылааит, шәнапы ахьы аԥссалааит… (араҟа аӡә дысцәыбжьахар ҳәа сшәаны рыхьӡқәа еиқәысыԥхьаӡом, аха хымԥада уи зҳәаша ҟалоит) сҳәахьан еиԥш зыԥсҭазаара зегьы Омар дуӡӡа ивара аусицурала изхызгаз Папапҳа Маҳинур лынҵамҭак аасԥыхьашәеит, лажәақәа мыԥсахкәа абраҟа ишәзанысҵар, гәыбӷан сылҭарым ҳәагьы сгәы иаанагоит… «Аханатә аахыс В.Арӡынба, Б.Шьынқәба, И. Аргәун, Р.Гәажәба уҳәа ҳҵарауаа хатәрақәа Омар иусумҭақәа аԥсшәахь реиҭагара шаҭахәу ҳгәаладыршәалон. Аха уи иҩымҭақәа Аԥсышәахь реиҭагара имариаз усмызт. Сара разҟыс исоуз Амифологиеи, Аублааи ирызку ишәҟәқәа реиҭага иара ихаҭа иҳәаны сара анҵара сахьӡахьан. Убас ала Беигәаа Омар иаԥсуа бызшәагьы аиҭагаҿы еиқәҳархеит. Иашоуп иажәаеинраалақәеи исалам шәыҟәқәагьы иаԥсшәа аанарԥшуеит, аха ашәҟәқәа рҟазшьа даҽакуп. Абри саргьы даара сгәу иахәоит. Амҩа ҳақәнаҵоит. Агьырахь, иҿцәажәарагьы иара иажәақәа рыла инысымҩа ахьаанарԥшуа даара ибзиахеит. Ижәарқәагьы ҳанрылгалаак Аԥсуа бызшәа ҽазнык иизшәа сгәы иаанагоит. Араҟа зегьы ишазгәарҭо еиԥш ашәҟәқәа реиқәыршәареи рҭыжьреи аџьаба адызбалаз ауаа рхыԥхьаӡара маҷӡам. Емма Кьылба зыԥсата бзиахаша лыԥсы иадырып ҳәа сгәы иаанагоит, убри раԥхьа днаргыланы, Алина Ачԥҳа, Албина Анқәабыԥҳа, Нурбеи Ломиа, Оқҭаи Чкотуа, Фатима Лакырԥҳа рџьабаақәа даара ирацәоуп. Аҵыхәтәан В. Бигәааи И. Басариаԥҳагьы агәаҭарақәарҿы аус дуӡӡа нарыгӡеит, аха аус хада, аус дуӡӡа зылзыршаз ҳаиҳабы Арда Ашәба иоуп. Уи ҳусура ианакәзаалак гәык ала дадгылан, Омар иеиҭагамҭа Инџьилгьы ԥшааны аҭыжьра иазирхиеит, иара абарҭ ашәҟәқәа зегьы рҭыжьрагьы алзыршаз даацрымҵӡакәа дазхьааны абри аус дахьашьҭаныҟәаз ауп…» 

Абас лҳәоит Маҳинур бзиахә, хымԥада ашәҟәқәа реиқәыршәареи рҭыжьреи аџьабаа адызбалаз иҵегьы ҳҩызцәа ыҟоуп, аха абри аҩыза иԥшьоу аус знапы алаку ауаа ахаангьы иҭабуп ҳәа раҳәара иазыԥшӡом, урҭ ирбаз ирҭахыз иахьа ирбеит, ргәыхәтәы иахьӡеит ҳәа сгәы иаанагоит… 

Ус анакәха иара Омаргьы иԥсы иабеит, игәыхәтәы дахьӡеит ҳәа исыԥхьаӡоит… 

Уԥсаҭа лашахааит, хашҭра уқәымзааит Ахьы Омар! 

Ҿыц иеиҵагыло ҳабиԥарақәа уҩымҭақәа еилкааны иҵегьы иеихарҳауа Анцәа ду иаҳирбааит… 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz