«Ицәажәоит Аҟәа!.. Aҟәатәи аамҭа!..»

0
541

Аԥсуа радио раԥхьаӡа акәны «Ицәажәоит Аҟәа!.. Aҟәатәи аамҭа!..» ҳәа 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы аефир ахь ицәырҵит. Аԥсуа жәлар арадио ала раԥхьаӡа акәны ԥсышәала зыбжбы раҳаз, адиктор Сандро Сангәлиа иакәын. Уи нахыс, ҳажәлар аԥсшәа иазкны «Иқәыҩлааит Аԥсынра!» ҳәа еснагь ирҿакыз рныҳәаҿа иҵабыргхеит уҳәар алшоит… Уимоу наҟ-наҟ Аԥсны мацара акәымкәа анҭыҵгьы рлымҳа кыдҵаны Аԥсуа радио аефирахь ианцәыпҵуа аамҭа иазыԥуа иалагьеит…  

Аԥсуа жәлар, ахьхьахьхьаҳәа рбызшәала ицәажәоз арадио гәыкала ирыдыркылеит. Ақалақь агәҭа иеиуеиԥшым аҭыԥқәарҿы ихшьыз азыӡырҩратә маругақәа рыла ԥсышәала ажәабжьқәа ауааԥсыра ирылаҩуан. Абас шьаҿа-шьаҿа аҿиеит, иеизҳаит, аҽарҭбааит Аԥсуа радио, кырӡа иуадаҩыз аамҭақәагьы иргәылсны иахьанӡа иааит…  

Арадио аусура 30 тәи ашықәсқәразы ааха ду аиуит. Уи зыхҟьаз Сталины Бериеи рымч ала Қырҭтәыла имҩаԥнагоз ашовинвст политика акәын. Ақырҭуа напхгара иҟарҵалакгьы арадио амырцәажәара рҽазыршәон. 1937 шықәса ажьырныҳәа мзазы абри иагьалдыршеит. Қарҭтәи ашовинисҭцәа рнапала Аԥсуа жәлар зҭагылараны иҟаз аамҭа еиқәаҵәа Аԥсуа радиогьы изахымсит… Арадио мацара акәзар ажәлар ирчҳарын, аха аԥсуа интеллигенциеи, аҵарауааи, аҟазацәеи, анхаҩы бзиақәеи уҳәа имаҷымкәа ҳажәлар рхаҭарнакцәа уи аамҭа еиқәаҵәақәа иналахәашаны ицагәышьеит…  

1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазгьы, Қарҭтәи анапхгара Аԥсуа радио аусура аанкыланы ирыман. Аԥсуа радио еиҭах аԥсышәала аефирахь ацәырҵра Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 1953 шықәсазы иалыршахеит, аха имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иаразнак аусура изышьақәымгылеит. Избанзар, акадрқәа ааӡаны иҟамызт, атехникатә лшарақәа имаҷӡан. Аԥсуа радио 1970-тәи ашықәсқәа рзоуп инарҭбааны аҿиарамҩа иананыла. Уи аамҭазы иеиҵагылеит апрофессионалтә ҟазацәа, арадио аҿы аусура иалагеит аҿарацәа, абас алагьы адырраҭарақәа рымҽхак ҭбаахо иалагеит. Усҟан Арадио аԥсуа редакциа аус адырулон Артиом Амқәаб, Елена Гәымԥҳа, Владимир Аҳашба, Семион Адлеиба, Ҭамара Хышԥҳа, Фениа Оҭырԥҳа, Алықьса Ермолов, Ҭина Қорсаииаԥҳа, Иван Саӡба, Лиуна Воуԥҳа… иара убас 1970 шықәсазы еиҿкаахеит амузыкатә редакциагьы. Еиҭах убри аамҭазы Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьартә жәларқәеи дареи аимадара рыбжьалеит, аԥсуа ашәақәа дара рышҟа ирышьҭуан, дара ртәқәа арахь иаарышьҭуан.  

Аԥсуа радио аредакциақәа 1991 шықәса рзы иҵегьы аҽарҭбааит. Уи аамҭазы еиҿкаан адырраҭара «Аԥсадгьыл абжьы». Аԥсны имҩаԥысуаз ажәабжьқәа еидкыланы аефир ахь иҭыҵуан, уи иабзоураны Ҭырқәтәыла иҟаз ҳауаажәларгьы Аԥсуа радио абжьы раҳартә еиԥш алшара роуит. Аха адырраҭара ҿыц шықәсык имнеикәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит. Абри аамҭа цәгьа азыҳәан Аԥсуа радио ҳҿахәы зҳәоз хыҵхырҭаны иахьыҟаз азы аусура кыргӡа аҵанакуан. Убас, Гәдоуҭа ақалақь аҟны аусура иалагеит. Абрантәи ҳабжьы адиаспораа иддыҳарц азы аус руан Алина Ачԥҳа, Саим Аҩӡба, Гьиурбуз Аҭарба, уҳәа имаҷымкәа аҿар, саргьы зны зынла аиҭагақәарҿы срыцхраалон. Иара убри аамҭақәа рҿы Аԥсуа радио абжьы аҳәаанхыҵ инхо ҳауаажәлар ираҳаларц азы ԥсаҭашкәакәа Иура Аргәын ихы иаирбоз аџьабаа ахаангьы хашҭра ақәӡам… 

Аԥсуа радио иахьа, ауадаҩрақәа зегьы ириааины, ҳмилаҭ рҿахәы аҳәаратәы еиҭашьақәгылеит. Быжь-сааҭк аефир аҿы иҟоуп, ԥшь-редакциак амоуп. Арадио есышьыжь, асааҭ быжьба инаркны асааҭ жәабанӡа ишиашоу ицо аефир ахь ицәырҵуеит адырраҭара «Ашьыжь». Аус ауеит адырраҭара «Аԥсадгьыл абжьы», уи хырхарҭас иамоу аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аԥсуа жәабжьқәа рызнагароуп. Анаҩс асааҭ жәаҩа рзы иҭыҵуеит икьаҿу ажәабжьқәа. Асааҭ хԥа рзы акәзар ихадоу ажәабжьқәа рыла аефир ахь ицәырҵуеит амҩаԥгаҩцәа. Асааҭ фба рзы еиҭаҭыҵуеит ишиашоу ицо аефир ала. Аҵыхәтәантәи аефир азкуп аихшьалатә усура, асааҭ жәаба рҟынӡа ицо. Ажәак ала Аԥсуа радио абзоурала ҳаԥсуа бызшәазы даҽа хәышҭаарамцак иԥхаӡа иеиқәуп уҳәаратәы иҟоуп… 

Сара, иахьа Аԥсуа радио ануҳәалак сыбла ихгыло ҩыџьа ауаа рхаҿсахьоуп, руак Иура Аргәын –уи дааҟәымҵӡакәа арадио абжьы адиаспораҿы ираҳарц азы аусура дашаҿыц даҿын, агьы– иесаамҭа абжьы злаҭарҩыуа ихәда ихшны ималаныҟәа дақәтәаны ақалақь иалаз Симон Адлеиба. Иахьа арҭ ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит, аха иҟоуп урҭ ргәыхәтәы назырӡо арадио аҟны аусқәа гәык ала анагӡара иаҿу ахьырԥар. 

Ус анакәха мҩамш Аԥсуа радио!.. 

Шәыбзоурала аԥсуа бызшәа иқәыҩлааит Аԥсынра, иқәыҩлааит Адунеи!.. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz