Жәабранмза 21 ахатәы бызшәа Адунеизегьтәи амш азгәаҭан еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рыла Ҭырқәтәыла аҟнеиԥш, адунеи зегь аҿгьы. Абызшәатә зинқәа гәаҭара рзура иазку аусшәҟәқәа рааизаки рҳасабырбеи, 2020 шықәсазы иаԥҵаз атәылауаатә жәлар рыла иаԥҵаз, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа, зхатәы бызшәа еиҷаҳарыла иазнеиуа, иаҳхысыз аҩышықәса ирыбжьанакыз аамҭеиԥш, иара убасҵәҟьа иакьыԥхьит арзаҳал жәабранмза 21 аҽны, ЮНЕСКО 1999 шықәсазы ирыланаҳәаз ахатәы бызшәа Адунеизегьтәи амш аҽны.
121 усбарҭа, иара убас агазеҭ Jineps налаҵаны, 27 бызшәа рыла еиқәыршәаз атекст рнапы аҵарҩит. Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа (ABHAZFED), акультуреи ацхыраареи ирызку Алантәи афонд, Черкессктәи аҳәса рхеидкыла Алмасти, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа (KAFFED), аҭыжьырҭа Koyu Black, Marje Podcast, ажурнал Mızağa, аҭыжьырҭа Papyrus, аҵареи акультуреи ирызку Шамил Ифонд, 1864 шықәсазтәи агәалашәаратә Центри, 39 ассоциациақәеи- KAFFED алахәылацәа ахеидкылақәа рахьтә аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз ыҟан.
Азыҳәа атекст шьақәыргылан абарҭ абызшәақәа рыла: Абаза (аԥсуеи ашәуа-ашьхарыуа диалектқәеи рыла), адыга (мраҭашәаратәи мрагыларатәи адиалектқәа рыла) араб, албан, босниатәи, болгартәи, ачечен бызшәа, мраҭашәараермантәи, аперс бызшәа, ақырҭшәа, хьемшьышьтәи, кәырманџьи, ладино, алаз бызшәа, македонтәи, уаԥстәылатәи, помактәи, абырзен бызшәа, шьамтәылатәи (туроио), аҭырқәшәа, зазактәи, англызи аурыси бызшәақәа.
Ҳхатәы бызшәа ҳара иҳацынхоит!
Ҳхатәы бызшәа ҳацынхоит адәаҿы, аҩны, аусураҿы, ҳашәақәеи, ҳгәырӷьареи ҳгәаҟреи иргәылоуп. Аполитикатәи аекономикатәи мзызқәа ирыхҟьаны, аҭынчымра иагәылахалоу адунеи ҿыц аҟны ҳбызшәа, ҳаԥсабареиԥш, хылаԥшра ҷыда амамкәа иаанхоит.
Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәагьы рхатәы бызшәала ицәажәаларац. Убри инамаданы, ҳҳәынҭқарреи хазы игоу ауаатәыҩсеи рҟынтә рхыдҵақәа рынагӡара ҳазыԥшуп. Ҳхатәы бызшәа иаиур зылшо аԥықәсларақәа рықәгареи насгьы уи аларҵәара аҟалареи еиқәыршәазарц ҳҭахуп. Еиуеиԥшым абызшәақәа реицыҟазаареи рыҿиареи аҭынчреи ажәларқәа риашьареи ишырхыҵхырҭахо агәра ганы ҳаҟоуп. Уи шәхашәмыршҭын; Абызшәатә зин – ауаҩы изин ауп.
Ҳара инҳажьӡом ҳаԥсабара, ҳамҩақәа, ҳмузыка, ҳхатәы бызшәа!
Ҳара ҳхатәы бызшәа ҳара иҳацынхоит, ҳхатәы бызшәа ҳаргьы ҳацынхоит!
Жәабранмза 21 Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа амш шәыдаҳныҳәалоит!
Жәабранмза 21, 2022 ш.
ХIхъатабызшва, хI-Абаза бызшва йхIацбзазитI!
Аурам апны, атдзы апны, анхарта апны, хIуарадква рпны, хIгвыргъьаква рпны, хIгвалсраква рпны хIхъатабызшва йхIацбзазитI. ХIбызшваква ръащаква хIыпсабара йапшта адунай шIыц алапIатIара апны, политик йгьи економик ауысква рыцрахIвапI, ауагIа магIаны щарда гьартхуам.
ХIара; хIычкIвынчваквагьи рыхъатабызшвала йыбзазауата гIабара хIтахъыпI. Ари ауысла акъральгьи ауагIагьи уыста йагIрыквшауа йырчпара хIазпшитI. ХIхъатабызшваква рыпахь йгылу апырасква гIащтIырхта хIбызшваква хIардырныс хIзыбжаквала йхIацхърагIара хIтахъыпI. Хъазыта йыъу бызшваква шабгу ащтаныкъвауата рбзазара гIалцIуа тшауaцIнapыхри ангIалри ауагIаква райщчвара аларпата арыбагъьара гIаныршара хIтахъыпI. ГьыхIхъаштылрым; Абызшва хIакъ, гIвычIвгIвысагIа хIакъпI.
ХIыпсабари, ХIаурамкви, ХIымузыки, ХIхъатабызшви гьныгIжьуам.
ХIхъатабызшва йыхIацбзазитI, ХIаргьи хIхъатабызшва хIалабзазитl.