Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ԥхынгәымза 4

Уара умыблыр, 

Сара смыблыр 

Ҳара ҳмыблыр 

Ишԥакылсуеи алашьцара лашарахь?  

Назым Ҳиқьмет


Ԥхынгәымза 4 анырҳәалаак ауааԥсыра реиҳараҩык ИАА (США) ахақәыҭра амш ргәалашәоит, ус ауми аҩызцәа? 

Аха, Ԥхынгәымза 4, Аԥсуаажәлар рзы аџьабара иамшуп, анацәа ашәы еиқәаҵәа аныршәырҵаз, рыхшара рыбаҩҵәҟьа рымамкәа, иҭацәыз рнышәынҭрақәа рнапқәа нарықәшьны рыгәқәа рзыжьозар ҳәа лаӷырӡыла ианыркәабоз иамшуп… 

Ԥхынгәымза 4 рзы Аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы раԥхьаӡа ҳнапаҿы раагара зҭахыз крызҵазкуаз аҳаракыратә ҭыԥқәа ируакыз Ахбук ашьха имҩаԥгаз арратә жәылараҿы атәара иаҿыз ҳверталиот аӷа хәымга ихымца изацәымцеит. 46 ҩык аибашьцәа рҟынтә 12ҩык роуп зыԥсы еиқәырхара иахьӡаз, егьырҭ 34 ҩык аверталиот иҭаблны рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Арҭ афырхацәа рыбжьара 20 ҩык рхаҭара рзышьақәмыргылеит азы хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡан. Аха шықәсқәак раԥхьа ДНК аҭҵаарақәа рыла 16 ҩык зусҭцәоу еилкаан. Убарҭ дрылан 17 шықәса анихыҵуаз иҭахаз сабхәында Алмас Қапбагьы. Уи амшалоуп иааигәаны изыздыруа абарҭ аҭаацәарақәа ирыхҭыргаз ахьаа ӷәӷәеи, икарҭәоз алаӷырӡқәеи изыхҟьоз.

Абарҭқәа ласы ласы иеиҭаҳәаны шәгәы шышәсырхьуа еилыскаауеит, аха зегьдарароуп, иахьыҟазалак ҳажәлар рхаҭарнакцәа рыԥсадгьыл иахнагаз арыцҳарақәа рдыруазароуп, насгьы ирхамышҭроуп ҳәа сазхәыцуеит. Ҳарҭ ҳаччо ҳгәырӷьо ҳаԥсҭазаара ацҵара ҳаҿуп, ус иагьыҟалароуп ҳәарада, аха уи аамҭазы, ҳара абас ҳаччаларц ҳгәырӷьаларц азы зыԥсҭазаара иамеигӡаз афырхацәеи, урҭ зхылҵыз анацәеи абацәеи рҭагылазаашьагьы ҳхамышҭуазароуп. 

Избанзар, амца иахькаҳаз ауп иахьабылуа… 

Абылра мацаралагьы иаанхондаз, иццышәны иҷыҷны иҟанаҵоит… 

Ганкахьы, абас рхақәиҭра амш азгәаҭаны ианышәаҳәо ианыкәашо аамҭазы, даҽа ганкгьы зхақәиҭра зыԥсы ахҭнызҵаз рзы аџьабара ишаҿыц иаҿуп, аанкылашьа змам рылаӷырӡқәа рыла… 

Адунеи абас ауп ишыҟоу аҩызцәа.  

Баграҭ дуӡӡа ишиҳәахьаз еиԥш; 

«Адунеиажә, цәгьа уеижьагоуп, Еҳ, ҳаӷоу дуҭоуп,  

Џьоук рзыҳәа уԥсыршьагоуп, Џьоук рзы ухьанҭоуп»… 

Ҳара ҳахәҭаагьы, иҳазкашәазгьы убри акәхеит аҩызцәа, аха агәыӷра сымоуп, ҳҵеицәа рхы зқәырҵаз ҳаԥсынра ишәҭы-какаҷны иеиҵагыло абиԥарақәагьы игәырӷьаҵәа иқәынхо иҟалап ҳәа… 

Џьанаҭ гыларҭас ирымаз ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ахьырԥара, адунеи ыҟанаҵы рыхьӡрыԥша ҳашҭра-кашәара ақәымзааит!.. 

Yazarın Diğer Yazıları

«Ицәажәоит Аҟәа!.. Aҟәатәи аамҭа!..»

Аԥсуа радио раԥхьаӡа акәны «Ицәажәоит Аҟәа!.. Aҟәатәи аамҭа!..» ҳәа 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы аефир ахь ицәырҵит. Аԥсуа жәлар арадио ала раԥхьаӡа акәны ԥсышәала...

Ҳажәлар дрыҧхеит Сезаи!..

Даара иуадаҩуп, зшәымҭа иҭагылоу, здырра, зԥышәа уҳәа рыла зегь раасҭа узықәгәыӷшаз, зыԥсҭазааратә мҩа иаӡражәыз ауаҩы хатәра иаалырҟьаны идунеи иԥсахит ҳәа иуаҳаз ашәаџь азхаҵара...   Сезаи...

Омар Дыбзахеит, Ԥсра Ақәым Аԥсуа Бызшәа!..

Аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, абызшәадырҩы, ашәҟәыҩҩы, апатриот ду, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора рлашарбага, Беигәаа Баирам-иԥа Омар инарцәымҩахь дықәлеишьҭеи жәабран 25, 2022 шықәсазы 21 шықәса ҵуеит....

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img