Аҧсуа Хеидкылақәа Рфедарациа ахаҭарнақцәа

0
351

Аиааира Амшныҳәа 29. ашықәс инақәыршәаны Аҧсны иаҭааит. Аҧсуа Хеидкылақәа Рфедарациа (АБХАЗ-ФЕД) ахада Мураҭ Гумушь Махьериа ицыз аделагациа Иалан, Аиҳабыцәа Реилакы ахада Умиҭ Аҭыиба, Маӡаныҟәгаҩы Буленҭ Аҩызба, Аҧсны Ҭырқәтәылатәи Ахаҭарнақ Ибраҳим Аҩызба, иыцхырааҩы Џьансыхә Лаӡба. Аделагациа; Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҧыза мнысҭыр Алеқьсандр Анқәаб, аамышьҭахь, аҧазициа рҧызақәа рла, аиҧыларақәа,аилацәажәарақәа ҟарҵит. Аиҧыларақәа рҟны, Абхаз-Фед ахада Мураҭ Гумушь абас дазааҭ- глит: 

«Ҳфедерациа ахьӡала шәызагь шәаҧхьа ҳхырхоит! 

Иҭабуп, ҳагәҭыхақәа аҳәаразы иҳашәҭаз алшаразы! 

Ҳаиаира Амш 29 тәи ашықәс шәыдаҳныҳәалоит! Ҳаиаиразы зхы ақәызӡаз рыҧсаҭа лашахааит, зыҧсы еиқәхаз рҿаҧхьа ҳхырхоит. 

Ҳара Ҭырқәтәыла ишақәгыло Аҧсуаа Рхаилакқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа, Ҭырқәтәыла иқәынхо Аҧсуаа рпроблемақәа ҳҳәынҭқарра ахада иахь инагаразы ҳааит. 

Ҳҳәынҭқарра ахадеи ҳареи ҳаиқәшәара аҟны ҳазлацәажәаз апроблемақәа хкы хкыла иаҳҳәозар: 

  1. Ҳтәылауаҩра аура иацу ауадаҩрақәа
  2. Ҳаҧсадгьыл ахь аара-ацара иацу апроблемақәа
  3. Зыҧсадгьыл ахь ихынҳәны Аҧсны анхара иалагаз арапетриантцәа рыҧроблемақәа.
  4. Аҧсны Ажәлар Реизара аҟны арепатриантцәагьы ралархәра.
  5. Иахьа ҳауаажәлар зегьы ргәаҵа аҟынӡак инеихьоу Питсундатәи ахтыс иаҵо акәама ҵамақәа ииашоу-имцу зегьы реилкаара.
  6. Ҳҳәынҭқарра, уажәы нахыс Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа рҧысҭазаара иаҳа иазҿлымҳахарц азы аҳәара.

Ҳҳәынҭкарра ахадеи ҳареи, зыӡбахә ҳамоу атәылауаҩреи, ҭырқәтәылеи Аҧсынреи рыбжьара анеиааиреи, аҧсадгьылахь ахынҳәреи ирызку апроблемақәа даараӡа иҵауланы ҳрылацәажәеит. Ҳҳәынҭқарра ахада, изнаҳгаз ҳапроблемақәа зегьы рыӡбара дшадгылуа агәра ҳиргеит. 

Питсундатәи адгьыл апроблемагьы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧҟаррахада ишану еиҧш ишыӡбахо, адгьыл аҭира азы аџәгьы аизин шимам, иахьа имҩаҧысуа еимак-еиҿак зызку адгьыл аҭира шакум, уи адгьыл иқәгылоу аргыларақәа ишрызкугьы агәра ҳиргеит. 

Ҳара Аҧсуаа Рхаилакқәа Рфедерасиа аиҳабырагьы, Питсундатәи апроблема Аҧсны Аҳәынҭқарра рыҧҟаррақәа рыла ишыӡбахо ала агәыӷра ду шҳамоу, ҳадгьылқәа рҭира зынӡагьы ҳшақәшаҳатым аган ахьала ҳхәыцрақәа ҳҳәеит. 

Адырҩаҽны Аҧсны апазициа ахадацәа рҟынтә Адгәыр Арӡынбаи Кан Кәарҷиаи рделегациақәеи ҳареи аиҧылара ҳаман. 

Хыхь зыӡбахә ҳамаз ҳапроблемақәа дара раҧхьагьы иқәаҳҵеит. 

Аамышҭахь, мышкы аҧхьа ҳҳәынҭқарра ахада иахь иқәҳаргылаз Питсундатәи апроблема аганахьала аҧазициа ахаҭарнакцәагьы ргәаанагарақәа ҭаҳҵааит. 

Дара, ҳҳәынҭкара хада ииашаны ишгәаиҭаз еиҧш ҳадгьылқәа рыҭира шыҟамло; аха, уи адгьылқәа ирызку еиқәшаҳаҭра ҿыц аҟны ииашам адеталқәа шыҟоу азгәарҭеит. 

Ҳара, апазициа ахаҭарнакцәагьы, зыӡбахә ҳамоу апроблема аӡбаразы Аҧсны Аҳәынҭкарра аҧҟаррақәа рыда мҩак алхра шиашам аганахьала ҳгәаанагара раҳҳәеит. Уи адагьы, аиҳабыреи апазициеи иеицәажәаны, иеиқәшаҳаҭханы, аҳәоу еиқәшәарала апроблема рыӡбарц шаҳҭаху, ҳадгьылқәа рыҭира зынӡа ҳшақәшаҳаҭым ҳажәақәа ирыцаҳҵеит. 

Абарҭ ҳаикәшәарақәа-ҳаиҿцәажәарақәа рышҭахь, мышкы аҧхьа апресс ҭыжьымҭақәа рыҟны икьыҧхьу аха ҳгәаанагарақәа рыла ииашам еиҭагаракәа ирыхьҟьаз ажәабжьқәа ҳариашарц ҳҭахуп. 

Аҧсны адгьыл ҽыҭкгьы аҭира Аҧсны аиҳабырагьы, апазициагьы, ҳдиаспарагьы шақәшаҳаҭым адунеи зегьы ирдырыроуп. 

Ҳаиҧыларақәеи ҳаиҿцәажәарақәеи рыҟны ҳаиҳабырагьы ҳпазициагьы уи аганала рҳәоу шәеиқәшәо ҳақәшаҳаҭуп. Ҳаргьы дара реиҧш ҳашхәыцуа агәра дҳаргеит. Аҩганкгьы, аимак зылҵо адеҭалқәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧҟаррақәа рҳәаақәа ирҭымҵӡакәа аӡбара иахьақәшааҳаҭу абара ҳаргьы агәамч ҳанатеит. 

Ҳара Аҧсуаа Рхаилакқәа Рфедерациа аиҳабыра, ҳдиаспора иқәынхо аҧсуаа рыхьӡала шәара шәахь ҳхырхоит!..» 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz