Азанааҭалхра иазку атренингқәа ирыцҵахеит Очамчыра

0
275

Симон Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рзанааҭалхра иазку атренинг. Ари аиԥыларахь Аконгресс аԥхьара рнаҭеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь арҵаҩы Алиса Барцыцԥҳаи Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет астудентцәеи: Руслан Амҷба (Аҟазарақәа рфакультет), Нестор Касланӡиа (Афизика-математикатә), Гәында Инаԥшьԥҳа (Аҭоурыхтә), Сариа Касланӡиаԥҳа (Афилологиатә).
Алиса Барцыц еиҭалҳәеит абжьара-занааҭтә ҵара ахьуоуша аҵараиурҭақәа рыӡбахә, Аԥсны урҭ аҭахны ишыҟоу, аҵара ахьуҵаша ҭыԥқәас иҟоу уҳәа.

Астудентцәа аҵара ишҭалоз, рыҽшазыҟарҵоз атәы рҳәеит, рзанааҭҵара анроулак ашьҭахь усура ргәы иахьҭоу иазааҭгылеит. (abaza.org)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz