Ахырҵәара Абаҟа…

0
167
Маи 21 Ахырҵәара тема аазрыҧшо абаҟақәа ҿыцк ацлоит. Аҟаҵара Қоџьаели Ақалақь Ду Аиҳабыра зҽазызкыз, Қоџьаели Универисиҭет ақадемикьқәа ацхыраара зрҭаз, Маи 21 Ахырҵәара Абаҟа ашьақәыргылара нагӡахит. Бабалы агаҿы иргыло аусуымҭа иазкны адыррақәа, аҟаҵара ахи-аҵыхәеи иалахәыз Қоџьаели Аҧсуа Хеидкыла ахада Ҳасан Қонџьа иҿаҳҵааит.

-Ҳасан Беи, аҧхьа инаргыланы шәыҽҳашәырдырыр…

-Қоџьаели Аҧсуа Хеидкыла ахада Ҳасан Қонџьа. Џьиџьиҧаа среиуоуп. Стәанчахуп. Қоџьаели Қарҭеҧе араион, Дербенҭ ақыҭа аҟны снхоит. Қоџьаели Аҧсуа Хеидкыла ашьақәыргылара хадас салахәны, быжь шқәса раахыс ари амаҵаура саҿыуп.

 

-Аҟаҵара изҿу Маи 21 Ахырҵәара Абаҟа хәыцра азҭада, акомпизизациа хәыҷык шәалацәажәар, изо дргақәа рла ахырҵәара, шьаҭанкыла ақәыхра аанарыҧшо?

Абаҟа иазкны шықәсқәак аусуыра ҳаҿын. Ақалақь Ду Қоџьаели аиҳабыра (муниципалитет) ацхыраарыла акы ҩба ҿырҧштәықәа рҿынтә, еиқәшәоуп заҳҳәоз усуымҭак хаҳшьааит. Қьецҧҳа Елиф дыузаанарыҧшоит (https:// jinepsgazetesi.com/2021/03 қьецҧҳа елиф лбжьы). Даара аамҭа амшын ақәныҟәара, агәынҷыхьара, акарахара иуызнаҳәоит ҳәа ҳазхәыцуеит. Ари аганахьала ирылаҳкааит.


Раҧхьаӡатәи, Лаҵара мза 2022 Аҩаша ауха, Қоџьаели Қарҭеҧе аҽрыҩра ашҭаҿы иҵабыргытәхаз Абхазқәа Реиҧханыҩра аҿы, ҧышьба зхаҵхьаз, ашьацқьа Англиатә ҽықәа, 1900 м. аҧслымӡ иықәеиҧханыҩын, нас, Ниҳаҭ Ҳас итәны, Ергьин Ерен иазыҟаиҵаз, Горқьем Озчелиқь дзықәтәаз, «Асилҩыреқь» зхьӡу аҽы, актәи ҭыҧ ааннакылан.

 

«Лаҵара мза 21’ ҧхьаӡа Елиф дсгәалашәан, слызхәыцуеит. Аҧсны Абжьаҟәа ақыҭаҿы ашьшьыҳәа ииыз, Қьефқьен агаҿы збжьы ажәҩан кылназҟьаз Қьецҧҳа Елиф слызхәыцуеит.

Елиф, милионла Кауказ ажәларқәа рлаҕырӡышоуп. Елиф ахырҵәра амыткәымоуп. Елиф ҧсҭазаароуп, Елиф ҧсроуп, Елиф хьаауп, Елиф гәынҷыхьароуп. Елиф, ауаҩы иҭоурых аҿы залымдараӡоу даҟьоуп. Елиф, Адунеи наҧхгара азҭауо рзы хьымӡҕы еиқәаҵәароуп. Елиф, Қьефқьен иахо аҧсы, ахырҵәара симбол ауп.» – Папаҧҳа Маҳинур Ҭуна


-Ашьақәыргылара иазкыу видео социал-медиа абзоурала игәаҳҭит. Шәргьы аҟаҵара азныҟәареи, рха иадырхәаз амаҭәарҟәа кыр ахашәҳаауазар?

-Абаҟа аҳаракра 8 м. Ахьанҭара 5 ҭонк’ ны иҟоп. Аџьыка ҵаара змо амшын ӡы аҧхасҭа анамҭаразы, аџыр ҷыдак иалхыуп. Изықәгылоу ауасхыр, ҩы метрак ҳаракыра аманы, 200 m 2 аҭбаара амоуп.

 

-Ауысуымҭа азхәыцреи, аҟаҵареи иалахәыз, иавагылаз наплакқәа изоуқәада?

-Қоџьаели Ақалақь Ду аиҳабыра иаваглит. Қоџьаели Универисиҭеҭ ақадемиқьқәа Доц.Др. Џьеиҳун Қонақ’ и, Оҕуз Ҧолаҭел ацхыраара азыруит.

 

-Абаҟа иабаҟало, ианба барҭаҳауа?

-Ҧрхагак ҟамлар, Маи 21, 2023 Амҽыша аҽны, Бабалы ага ааигәара, агәалашәара нҳәа иахьыҟаҳҵало ашҭаҿы иаартыхоит. Ҳауаажәлар зегьы ҳарзыҧшыуп.

 

-2021 ашықәс аҧыжәара азыҟашәҵан, олив ҵлақәа рла аҵлақәа аиҭаҳара хацшәыркын. Кыр алыҵма, рҭагылазаашьа зеиҧшу?

-Аиеи, гектарк адгьыл аҿы, хышә ҵла иарбаны иҟан. 140 цра еиҭаҳан. Зҧсы ҭамлақәазгьы ҟалоит. Рҳаҭыҧаны еиҭаҳҳоит.

 

-Сынтәагьы «Абхазқәа Реиҧханыҩра» имҩаҧгахоума?

-Аиеи, ҵыҧх раҧхьатәи еиҿаҳкааз, аҧремие занашьо аиҧханыҩра, снтәа, Лаҵара мза 23, Аҩаша аҽны, Қоџьаели Аҽырыҩра Ашҭа имҩаҧысуеит. TJK TV аҿынтә, уи аамҭа ефир аҿы иҟалоит. Нас убас, нхыҵ иҟо ҳауаажәларгьы ахәаҧшра рлшоит. Абас аҽрыҩра мҩаҧгаразы Қыҭанхамҩа Минисҭыррантә изин амыхтәуп. Џьабаа адызбалаз рзы иҭабуп ҳәа раҳәҳәоит.

Ҳауаажәлар адырра рҭаразы иҳаваглаз шәара, Ажьурнал Жьинеҧс анаҧхгаҩцәа, Қоџьаели Аҧсуа Хеидкыла рхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

 

Еиҭазгаз: Есаҭ Ахба

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz