Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

«Ахьтәы уасцәа»: Амузыкатә спектакль аԥхьарбара

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа «Ахьтәы уасцәа» иалху амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы. Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа. 

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема «Ахьтәы уасцәаҿ» ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа. Аҩымҭаҿ хадара рыҭаны ицәыргоуп ажәытә ҳабацәа рхаантәи ауаа ӷәӷәақәа, урҭ рҟазшьа џьбара, ргәамч, рфырхаҵара. Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи. 

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭыни» Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа. 

Аԥсуа литература аклассикцәа иреиуоу, Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа, аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы иазгәеиҭеит 85 шықәса ихыҵра. 

Мушьни Лашәриа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы. 

(sputnik.abkhazia) 

Yazarın Diğer Yazıları

30 Eylül ve 5 Ekim Mersin’de kutlandı

Mersin Kafkas Kültür ve Yardımlaşma Derneği öncülüğünde 30 Eylül Abhazya Zaferi (Ayaayra) ve 5 Ekim Adigey Cumhuriyeti’nin kuruluş günü dernek üyelerinin katılımıyla kutlandı. Erdemli...

Mole Levent’e ödül verildi

Anavatana yaptığı gezi organizasyonları ile dikkat çeken Mole Levent Kaplan’a Dünya Çerkes Birliği (DÇB) ve Kabardey-Balkar resmi makamları tarafından anavatan-diaspora ilişkilerine katkısı gerekçesiyle ödül...

Şamil Vakfı’nda kahvaltı ve söyleşi

Şamil Vakfı’nın geleneksel kahvaltı-söyleşi etkinliğinin 5 Ekim’deki konuğu Prof. Dr. Ümit Dinçer, erişkinlerde egzersiz ve eklem sağlığı konularında bilgi verecek.

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img