Аиҿцәажәара анҵан 1999 шықәсазы, Аҧсуа телехәаҧшраҿы Џьапуаԥҳа Ҭали Шьаликәа-иԥҳа имҩаҧылгоз адырраҭара «Уаҵәазы» азыҳәа. Владислав Арӡынба иҿцәажәара (инаӡоу авариант).
–Ҭали Џьапуаҧҳа: Ҳконституциаҿы иануп аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа. Аҧсшәа ишахәҭоу аҿиара аиуртә еиҧш, ҳҳәынҭқарра азыхиоума иақәнагоу ахарџь аҵагылара, иалшома?
–Владислав Арӡынба: Зегь раҧхьа, са сгәы ишаанаго, абри ҧыҭҩык аҧсшәа бзиа изымбо, изҭахым, зегь раҧхьаӡа ахарџь азҵаара гылоушәа рҳәоит. Избан акәзар, иаҭахума ахарџь, ан аҧсышәала лхәыҷқәа драцәажәарц, иаҭахума ахарџь, аб аҧсышәала ихәыҷқәа драцәажәарц? Ахарџь аҭахӡам, са излеилыскаауала. Ақыҭаҿы акәзар… ақыҭаҿгьы ҧыҭҩык урысшәала ицәажәоит, ижәымдыруеи иара? Уи ахарџь аҭахӡам!
Шәара шәхала шәазхәыц. Ан дызмилаҭу… амилаҭқәа рацәоуп, нас зыхьӡ уҳәаша, аха даҽа милаҭк деиуазар лхәыҷы лбызшәа илырҵоит, даԥсыуазар, лбызшәа илырҵаӡом. Аб даԥсыуазар зны-зынла иҟалоит ихәыҷқәа аԥсшәа дирҵаӡом, ангьы даԥсыуазар илырҵаӡом. Нас убри зегьы ахарџь аҭахума?
Уа иҟоу ахарџь азҵаара акәӡам.
Иеилкаауп, аҧсшәа ишахәҭоу аус арура азҵаара даараӡа идууп. Даараӡа! Аха, зегь раҧхьаӡа игылоу ахарџь акәӡам. Нас ҳҭоурых шыҟаз жәдыруеит, абжеиҳарак аҧсуаа Аҧсынтәылан ишықәыргаз, иара аҧсуаа Аҧсынтәыла ишмаҷхаз. Асовет мчра аныҟаз теориак ыҟан – абызшәа хәыҷқәа аамҭала иӡуеит, аамҭала еиҳа идуу абызшәақәа аанхоит, нас бызшәак ауп ҳәа иаанхо…
–Иахьагьы убыс сарҳәеит сара сахьразҵаауаз, усҟан мацара акәымкәа.
–Ус дара мсааит, ус ишыҟало! Нас ус ҳазхәыцуазар ҳара, иалаҳхыи абри Аҧсынтәыла Аконституциа, Аҧсынтәыла иара аҳәынҭқаррагьы иалаҳхуеи? Даҽа милаҭк аалаҳхып, ҳажәлақәагьы ус ианаҳҵап, ҳмилаҭгьы ҳаҧсахып! Изаҳҭахыи?!
Абра саргьы апрезидент иаҳасабала сызтәоуи? Даҽа ҳәынҭқаррак ыҟазар, даҽа милаҭк ыҟазар, саргьы икасыжьуеит зегьы, иара иалаҳхуеи абри зегьы, ҳазҿу закәи?!
Ари хәыҷ-хәыҷы аус адулатәуп, иеилкаауп. Избан акәзар, асовет мчы аныҟаз ацхыраара аамышьҭахьгьы апроблемақәа дараӡа ирацәан. Ишәгәалашәоит, хәыҷ-хәыҷы аҧсуа бызшәа иара ҧсышәоу ҽа бызшәаку, урысшәоу, узеилымкаауа убас иҟалон. Зны-зынла, агазеҭ «Аҧсны» уанаҧхьоз, аурыс бызшәа уаҧхьозшәа иҟалон, избан акәзар аурыс бызшәа аҟнытә иааганы иаразнакала иеиҭаргон. Ари аиҭагара «а» аннацуҵалак зегь ҧсышәахоит ҳәа, ус акәӡам! Убри азыҳәан, аҧсуа бызшәа цәгьала ирацәаӡаны иалалеит ажәақәа аҧсуа бызшәа иатәым. Уахь уахәаҧшуазар, ҳара ҳхатәы бызшәаҿы ассирқәа ажәақәа ҳамоуп, аха иаҳхашҭыз. Уажәы ишәасҳәап, уажә ааигәа сара даараӡа иссирны исыҧхьаӡо ашәҟәы ицәырҵыз, абри Петиа Кәыҵниа ишәҟәы аҧсуа «Анатомиа» иазкны. Ари Петиа дшантрополог бзиоу здыруан сара ибзианы, аха иара абызшәа аганахьала абри ииҧшаақәаз сара ссиршәа даараӡа избеит. Ҳахәаҧшып, иаҳҳәап, ааигәа Генко – аурыс ҵарауаҩ дуӡӡа, дуӡӡа, аҧсуа бызшәеи адыг бызшәақәеи рзы ижәар ҭыҵит. Шәахәаҧши уа аҧсуа ажәақәа иану. Иаҳхашҭыз ыҟоуп. Шәахәаҧш ҽа ҭыжьымҭак. Иаҳҳәап, абри Хьециа Толик дызхагылоу, Анатоли Хьециа дызхагылоу ажәар, абыржәы иҭыҵит аматериалқәа ажәар иазкны. Иаҳҳәап, жәа-процентк раҟара ҳара иаадыруеит абызшәа ажәақәа убра иану. Аҵысқәа рыхьӡқәа, аҵиаақәа рыхьӡқәа, иаҳхашҭыз. Ыы, избан ҳара даҽа бызшәак ала изаҳҳәои, ҳхатәы бызшәала иаҳҳәаратәы ҳаҟоуп. Иҳамоуп урҭ ажәақәа… Нас, ус анакәха, иара абри аҧсуа школагьы, уаҩҵас ҧсуа школуп ҳәа азуҳәо макьана иҳамаӡам. Аха ижәдыруеит шәара ҵыҧх, абра Аҟәа аҭагылазаашьа ыҟан, ашкол аҧсуаа абжеиҳарак ахьҭаз, иаҧсуа школуп ҳәа иахьыҟаҳҵаз, ҧыҭҩык аучытлацәа (арҵаҩцәа) уа аус зуаз, ҧыҭҩык аҭаацәа иааны абри ҟаҵатәӡам ҳәа ҳарҳәеит. Нас, сара ус ауп азҵаара шықәсыргыло, убри иаҭахымзар, иара аҧсуа бызшәа ҳҭахымзар, ҳара ҳаҧсуаауп ҳәа ҳазҳәаӡом. Избан акәзар, аҧхьаӡа амилаҭ иара имилаҭны иануҧхьаӡо, зегь раҧхьаӡа игылоу абызшәа ауп. Зегьы, уи зегьы иреиҳауп. Уи абызшәа аныҟамла, иара амилаҭгьы ыҟаӡам.
Шәазхәыц, егьырҭ амилаҭқәа џьара аҳәаанырцә инхо, ма Аԥсынтәыла иқәынхо амилаҭқәа еснагь рхәыҷқәа рбызшәала ирацәажәоит… Иеилыскаауеит, иахьа ҳҭагылазаашьа шыҟоу. Иеилкаауп хәыҷ-хәыҷы ишыҟаҵатәу. Амала, уажә ааигәа Аконституциаҿы ианаҳамҵеи, азакәан аҿы ианаҳамҵеи, апрезидент аҧсуа бызшәа идыруазароуп ҳәа. Ус ауми? Ус ргәы иаанагоит ҧыҭҩык, абри апрезидент ихәҭоуп, аха агьырҭ ирыхәҭаӡам. Мап. Агьырҭгьы ирыхәҭоуп. Аамҭала убас азакәан ҭыҵуеит, аамҭала досу аус ахьиуазаалакгьы, аҧсуа бызшәа изымдыруа иҟамло, дызмилаҭзаалакгьы. Аамҭала ус иҟалоит. Уи рдыруазааит! Ирдыруазааит! Рхәыҷқәа абызшәа ддырҵалааит, абра Аҧсынтәылан аус рурц рҭахызар. Ԥхьаҟа рҧеиҧш ҟаларазы ирҭахызар, аҧсуа бызшәа ддырҵалароуп. Амала, иеилкаауп, аҧсуа школ рӷәӷәатәуп. Макьана аҧсуа школ иара ишахәҭоу иҳамаӡам.
Избан акәзар, ахәыҷқәа аԥсуа школ ианҭалалак, ԥыҭҩык абызшәа рыздырӡом. Абызшәа ззымдыруа рзыҳәан азыҟаҵаратә класс аҭахуп, хәыҷ-хәыҷы уа ирҵаратәы. Зны-зынла ахәыҷ баҳчахь ахәыҷқәа наргоит, издыруагьы иззымдыруагьы еиларҵоит уа. Уи иаанаго уи ауп,зегьы аурысшәа рҵоит аҧсшәа ацынхәрас. Ус ауп ишыҟало. Уаагьы азыҟаҵара аҭахуп. Аамҭала уи зегьы ҟаҵатәуп. Амала хәыҷ-хәыҷы, иеилкаауп! Ахарџь акәӡам зегь раҧхьаӡа апроблема игылоу.
Иҟаҳамҵеи уара Аҳәынҭқарратә программа аԥсуа бызшәа иазкны. Уи ҳанахәаԥшлак, абар ашәҟәқәа рҭыжьра азҵаара, иаҳҳәап иара атипографиагьы…
Ишыжәдыруеиԥш, атипографиа, аԥсуа типографиагьы ҳамаӡамызт иаҭахқәоу аԥсуа шәҟәқәа рҭыжьразы.
Ҳара акомпиутер аԥсуа бызшәа аҳарҵеит. Акомпиутер уажәы ԥсышәала зегьы акьыԥхьуеит, иуҭаху ҟанаҵоит. Акомпиутерқәа изааҳхәеит, иара аус иуратәы, ашәҟәқәа ҭижьратәы. Ианаҭахха ақьаад, 150 миллион, ԥыхьа миллионын, уажәы нызықь ахьӡуп, изоуҳашьҭит, ақьаад аԥсуа шәҟәқәа рҭыжьразы иааигаразы. Жәа-шәҟәык, аԥсуа ашәҟәқәа ихианы иҳамоу абыржәы иҭҳажьуеит. Абыржәы, аминистр изласеиҳәаз ала, ашәахьа анбан ҭыҵуеит. Аԥсуа нбан ҭыҵуеит. Агьырҭ ашәҟәқәа ҭҳажьуеит. Избан акәзар, шьаҿа-шьаҿала аԥсуа бызшәа арӷәӷәара аганахь ала аусура ҳаҿызар ауп ҳара.
–Саҭамыз, Владислав Григори-иԥа. Хәыҷы-хәыҷла иҟаҳҵоит. Иеилкаауп. Аха, даҽакала азҵаара ықәдыргылоит џьоукы. Иахьа иахәҭоу аҩаӡара аманы иаҳзыҟаҵаӡом арҵага шәҟәқәа аҧсышәала. Уи аҟынтәи, ҳхәыҷқәа аҵара аныдҳарҵо иҧсыҽхоит, иаҧсам ҳәа ирыҧхьаӡоит…
–Иаҧсам… са исымҳәеи, иаҧсам ҳәа ирыҧхьаӡозар, иаҭахӡам, иара аҧсуа ҳәынҭқаррагьы аҭахӡам, ҳаҧсуаауп ҳәагьы уахь ианышәымҵан. Ҽа милаҭк алышәх. Иаҧсоуп! Избан акәзар, нас, аамҭак ыҟан, даҽа аамҭак ҳҭагылоуп, хәыҷ-хәыҷы уи ҟаҳамҵар ҟалаӡом. Иаҧсоуп!!!
Иаԥсам ҳәа зҳәо Аԥсуа ҳәынҭқарра ибзианы иахәаԥшуеит ҳәа са исыԥхьаӡаӡом.
–Даҽа мҩак ыҟаӡам ҳәа ишәыԥхьаӡоит…
–Даҽа мҩак ыҟаӡам. Избан акәзар, шәымбои, иаҳҳәап, зны-зынла ҳара иаҳҳәоит 500 нызықь аԥсуаа Ҭырқәтәыла инхоит ҳҳәоит. Аха абыржәы, аиҳабацәа абызшәа рдыруеит, аха аҿар абри атыша ааигәара игылоушәа убас дара рхы рбоит. Иаҳагьы Аԥсынтәыла, иаҳа агәыблыра рымоуп дара Аԥсынтәыла. Избан акәзар, рбызшәа, дара ркультура, егьырҭ азҵаарақәа раԥхьа иқәгылоит. Нас, уа иӡуазар абызшәа, арагьы иӡыр, аԥсуа бызшәагьы ҟалаӡом. Шәа шәахәаԥш шәхала. Аубых милаҭ. Закәытә милаҭыз дара?! Кавказ аибашьцәа зегьы иреиҳан, убас милаҭын. Аха иахьа уажәы Ҭырқәтәыла иқәынхо дара рхатәы бызшәа рыздырӡом. Бжаҩык аҟабарда бызшәа рҳәоит, егьырҭ аԥсшәа рҳәоит, ма аҭырқәшәа рҳәоит, аха иара амилаҭ, амилаҭ ҳәа уаҳа иҟамлар ҟалоит. Уи рыцҳара дыуми?! Ыы, нас, ҳаргьы, аԥсуаа убас ҳҟалар ҳҭахума?
–Владислав Григори-иԥа, Апарламент аҟны иазыҟаҵан ишьҭоуп Аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан апроект. Макьана (адкылараз) алацәажәарахь ицәыргаӡам, аха ус (адепутатцәа рыбжьара) ҳахьалацәажәаз, изаацәоуп азакәан ацәыргара ҳәа изыԥхьаӡо ыҟоуп. Шәара шәышԥазыҟоу убри азҵаара?
–Иара азакәан макьана изымбаӡацт, ианқәоу макьана исыздырӡом, аха сара усоуп сгәы ишаанаго: – абри шьаҿа-шьаҿала иҟаҵатәуп. Избан акәзар, ԥыҭҩык ыҟами Аԥсынтәыла аԥсуаа раамышьҭахь абызшәа ззымдыруа, аԥсуаагьы ыҟоуп аԥсшәа ззымдыруа (дԥышәырччоит). Аексперимент ҳасабла иҟаҳҵар ҟалоит. Иаҳҳәап, Аԥсны аминистрцәа реилазаара аҿы ҽнак аԥсышәала ацәажәара ҟашәҵеи, ԥыҭҩык иқәгыло ирызҳәозар жәбап, ирзымҳәозаргьы жәбап. Иҟами ус?! Нас агьырҭ амилаҭқәагьы ыҟами? Уи азыҳәан, хәыҷ-хәыҷы иҟаҵатәуп. Амала, иҟаҵатәу шәымбои… Иаҳҳәап, абарҭ адәқьанқәа рыхьыӡқәа. Ыы, аԥсышәала иахьыҟамгьы ыҟоуп. Ари уанахәаԥшлакгьы, Аԥсынтәылоу ҽа ҳәынҭқарроу, ҽа қалақьу узеилымкаауа иҟалоит. Абар даҽа зҵааракгьы. Ишәгәалашәоит, жәа-шықәса рыла еснагь аибашьра иаҿын абри атопонимика шәыԥсах ҳәа. Иҳаԥсахит. Аха ԥыҭҩык, ажәытә иаанхаз ныҟәыргоит ахьыӡқәа, аԥсуа хьыӡқәа рцынхәрас. Ус ауми?! Шәазыӡырҩы ианцәажәо. Гәдоуҭа ҳәа убас зҳәо маҷуп. Гәдауҭа рҳәоит. Аурыс бызшәа аҟынтәи иаауеит. Гәмысҭа, Гәымсҭа рҳәаӡом, Гәмысҭа рҳәоит. Ус акәӡами? Дырмит Гәулиа зҳәо шәмаҳаӡаци? Дырмит Гәлиа. Ус акәӡами?
Ари нас… Аҧсуа бызшәа ҟамлар, аҧсуа литература ҟамлар, аҧеиҧш амамзар, нас аҧсуа ҳәынҭқаррагьы аҧеиҧш амаӡам. Аҧсуа ҳәынҭқарреи аҧсуа бызшәеи рҧеиҧш еидкылоуп… иеибаркуп, иеибаркуп! Аҧеиҧш аҧсуа бызшәа иамазар, аҧсуа ҳәынҭқаррагьы иамоуп! Абызшәа иамамзар, аҳәынҭқаррагьы иамаӡам. Ус ауп са сшахәаҧшуа!!!.
–Даараӡа иҭабуп!
–Иҭабуп!
–Уаҳа акры ацышәҵар шәҭахызар, издыруада?
–Шәымбои, аамҭала, сара аԥшьбатәи акурс аҟны сантәаз, Шьалуа Инал-иԥа ибзоурала аетнографиа агәбылра сыман азыҳәан, Махачкала срышьҭит. Дагестан срышьҭит. Уа астудентцәа, Асовет мчы иқәынхоз астудентцәа зегьы злахәыз аконференциа убра иҟан. Саргьы уахь сцеит адоклад сыманы. Адоклад саԥхьон ацуныҳәа иазкны. Усҟан аҳа Махачкала сымцаӡацт.
Убра ҳара ҳаԥхьа дықәгылеит, иеицырдыруа апоет, Дагесҭантәи Расул Гамзатиԥа. Убра дықәгылан убас азҵаара цәыригеит… Иара аиашазы, иара апоема имоуп «Звезда Дагестана» ҳәа. Убра, иара аидеиагьы убра иануп. Абри ажәҩан аҿы ирацәоуп аиаҵәақәа. Ихәыҷу ыҟоуп, идуу ыҟоуп. Досу иара хазы аԥштәы амоуп, аиаҵәақәа кеикеиуеит. Абарҭ аиаҵәақәа даара, даараӡа иссируп. Иахәҭаӡам ҳәа иҳәоит иара, абарҭ аиаҵәақәа зегьы еидкыланы амза аҟаҵара. Мзак аҟаҵара!
Убри нас, ажәҩан аҿы ҳара ҳбызшәа, ҳара ҳажәлар, ҳара ҳмилаҭ, ҳҳәынҭқарра еҵәахәуп. Убри аеҵәахә, нас, иԥшӡоуп иара ахала. Иара ахала. Уи агьырҭ амилаҭқәагьы ирԥырхагаӡам, ҳаргьы, нас, аԥсуаа иаҳԥырхагаӡам. Убри уа ҳазегьы иқәаҳхыр ҟалаӡом. Уи ҳара ҳаеҵәа ауп!
–Ҳахдырра иабзоурахо рацәоуп ҳаԥхьаҟатәи…
–Иеилкаауп! Шәымбои, аамҭала сара ашкол санҭалоз, аԥсуа школқәа ыҟаӡамызт. Азин ҳамаӡамызт аԥсуа школ аҟны аҵара, абызшәа аҵара, аԥсуа бызшәа аҵара. Нас, саб ашкол аҿы аус иуан азыҳәан, аурыс школ сҭеиҵеит. Ҩышықәса аума, хышықәса ақырҭшәа сҵон, аԥсшәа уҵар ҟалаӡомызт. Нас аамҭала ицәырҵит аԥсшәа. Аԥсуаа аԥсшәа азин роуит аҵаразы. Уигьы, саргьы хәыҷык аамҭала исцәыуадаҩын ацәажәара, избан акәзар, нас, аурыс школ салгеит. Уи бзианы илдыруеит Лиубов Мақьҭаҭ-иԥҳа Қьецба, рҵаҩыс дсыман, аԥсуа бызшәа ҳалҭон. Ибзианы илдыруеит… ишысцәыуадаҩыз. Аха зегь акоуп, са схала ашәҟәқәа срыԥхьон. Нарҭаа ражәабжьқәа. Уи лоуп ҳәа сыҟоуп ҳамҭас исызҭаз Иуа Коӷониа ишәҟәы. Уи ашьҭахь даара агәбылра скит, избан акәзар ари ажәлар раԥҵамҭоуп азыҳәан, ауаҩы изааигәоуп цәгьала.
Таиф Аџьба! Аамҭала аинститут ҳаицҭан. Иара параллельныи курс аҟны дтәан. Анемец бызшәа иҵон иара аамҭала. Ашәҟәқәагьы, ҳамҭас исиҭон иара ишәҟәқәа. Бзиа избон иара ипоезиа. Нас ҳаиҩызцәа бзиан. Аҽгәара, уа иареи сареи ачаи ҿаҳхуан. Ишәгәаламшәои ԥыхьа ус иҟан. Астудентцәа ҳрышьҭуан, аус аауан… Убарҭ еиҳа агәыбылра сырҭеит абызшәа аҵара аганахь ала. Ацәажәара аганахь ала хәыҷык иахьагьы иахьысцәыуадаҩу ыҟоуп. Аха зегь акоуп, ҳбызшәа ҳбызшәоуп. Досу иара ибызшәа бзиа ибароуп. Егьырҭ амилаҭқәа бзиа ирбоит, ҳара аԥсуаа изкаҳажьуеи? Ҳбызшәа ҽа бызшәак иеицәаӡам, иеиӷьымзар иеицәаӡам. Ус ауми?!
–Саргьы ус сгәы иаанагоит! Иҭабуп!!!
Џьапуаԥҳа Ҭали
Џьапуаԥҳа Ҭали Шьаликәа-иԥҳа диит 29.11.1956 ш. Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
1977 ш. – далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет.
1986 ш. – далгеит Москва Адунеитә литература аинститут аспирантура.
1987 ш. – Адунеитә литература аинститут аҟны илыхьчеит акандидаттә диссертациа «Ажәабжьеиҭаҳәаратә формақәа ҳаамҭазтәи аԥсуа прозаҿы» атемала.
1987-89 шш. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра арҵаҩы.
1990 ш. инаркны – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ.
1992-93 шш. – далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра, аханатә медиаҳәшьас, 1993 ш. март инаркны аибашьра нҵәаанӡа – арратә корреспондентс.
1995 ш. сентиабр 25 – Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит Аԥсны Афырхаҵа (№219) ҳәа ахьӡ ланашьаразы Аусԥҟа №88.
1996-2002 шш. – Аԥсны Жәлар Реизара адепутат.
2001-2003 шш. – Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд адиректор.
2003-2005 шш. – Аԥсны аҵара аминистр.
2004 ш. инаркны – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы.
2016 ш. – Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Ахада ицхырааҩ, Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы.
2016-2017 шш. – Аԥсуа телерадиоеилахәыра адиректор хада.
1990 ш. инаркны иахьанӡа аус луеит лзанааҭ хадала Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩс.
Дҭаацәароуп.
Аибашьраҿы иҭылхыз авидеоматериал иалхны иазлырхиеит «Аибашьра амшынҵа» захьӡу, 50 хәҭа рыла ишьақәгылоу (бжьаратәла 50 сааҭ ыҟоуп) адокументтә фильм. Абри аԥҵамҭа Аԥсуаҭҵаара аинститут Аҵарауаа рхеилак аҟны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы ахьӡ ҳәан.