Абысҭа Театр Ансамбл «Нахьтәиқәа» зхьӡу аспектакл, асцена ақәҵара иаҿыхәуп. Назлы Башьаран иҩны, асцена иқәылҵаз аспектакл Хәажәкырамза 24 рзы Асцена Феик, Мшаҧымза 2 рзы Қадықои Абжьара Асценаҿы театрбзиабаҩцәа ирҧылит. Аҧсныи-Қырҭтәылеи реибашьра аамҭа аӡбахәыс измаз аспектакл, Ақырҭцәа ҕас ҟаҵара ахаҭыҧан, аибашьра иаанарыҧшо ацәқьаурақәа, ауаажәлар абанаҟантә ачычарала шмҩахыҵо, еиуеиҧшым ҟазшьақәа шцәырырго иуанаҳәоит.