Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ҧынарбашьы Дениз Иаҕан далнахит, аха алхра иқәгахит

Мшаҧымза 31 аҭыҧынтәи алхрақәа рҿы, Ареспубликатә Ажәлар Апарти (CHP) Каисери-Ҧынарбашьы ахадаразы акандидат Дениз Иаҕан аиааира игит. 1864 ахырҵәараҿы, Аосмантәи дгьылқәа нхарҭас ироуны, 1980 тәи ашықәсқәа рҟынӡа дара ртәы иақәныҟәауаз Кафкас ажәларқәа рзын ҷыдара змаз араион Ҧынарбашьы, ақалақь дуқәа рахь ахҵәарала ауаа рхыҧхьаӡара маҷхазаргьы, ааигәа-сигәа 66 қыҭа ҟоуп. Шқәса рацәа аҧхьа Ҧынарбашьы наҧхгара азҭаз ҳәа, Лоҕзаде Маҳмуҭ Ефенди, Доманич Маҳмуҭ Ефенди, Меџьиҭ Иаҕан иааугәалашәар алшоит. 1963 ашықәс Ҧынарбашьы ииыз Дениз Иаҕан, уаа алагарҭа школ далганы, абжьаратә школ Қаисери Аҭаҭурқ Лисе аҿы инаиыгӡит. Иаҕан, Қазанџьық ақыҭа хадас дҟан, нас 2015-2019 ашықәсқәа рааны, Ҧынарбашьы Ақыҭанхамҩа Наплакы хадара азиуит.

2020 ашықәс алхрақәа раан, Ҧынарбашьы ахадаразы CHP ахьӡ ала икандидаҭыз Иаҕан, далхроны маҷк иааиыгхит. Ҳагазет Жьинеҧс ианылаз аиҿцәажәараҿы; Ҧынарбашьы алаҵара-аарыхра, арахә ааӡара нап ахьаркәу раионк шакәу дазааҭгылан, ари инақәыршәаны, «ауаажәлар ирыхо авантажьқәа ишеибыҭо ахархәара наҳгыӡоит» иҳәахьан (https://jinepsgazetesi.com/2020/02/pinarbasina-deniz-geliyor/). «1864 ахырҵәара ари адгьылқәа рҿы индырхаз Кафкас ажәларқәа раамышьҭахь, Аушьарқәа, Алевиқәа, рбызшәа, ркультура еиқәдырхаразы акурсқәа, ацәыргақәҵарақәа мҩаҧгара адгылара азы шәпроџьектқәа зеиҧшузи?» ҳәа иқәҳаргылаз ҳазҵаара, Иаҕан, «Ҭырқәтәыла Ареспублика аиҿкаара иалахәуз ажәлар, Анаҭолиа мозаика алахәлараҿы, ажәларқәа риашьара аганахь аргыламра закан хадас иаанкыланы, рхатәы ҷыдарақәа рла, ркультурақәа ирықәныҟәаразы еиуеиҧшым алшарақәа амаҵа азаҳуеит» ҳәа аҭак аиҭахьан.

Апарти MHP акандидат, уажәы иҟо ахада Мемдуҳ Узунлуоҕлу, алхраҿы аҩбатәи ҭыҧ ааныикылит. MHP аҿагыларала, Ҧынарбашьы араион алхра комисиа, ҩаҧхьа алхра ҟаҵара аӡбит. CHP, аҩадатәи комисиақәа рҿы, агәынамӡарала иҟанаҵаз адҵаалара лыҵшәадас иаанхит. Ҧынарбашьы ахада алыхра, Рашәарамза 2 амш аҽны ҩаҧхьа иҟалахоит.

Yazarın Diğer Yazıları

Ders kitabı

Elizaveta Gogunokova ve Tamara Tanaşeva’nın hazırladığı “Türkçe Konuşanlar İçin Çerkes Dili (Kabardey Lehçesi) Uygulamalı Ders Kitabı”, Metropol Yayınları tarafından yayımlandı.

Ağır sıklette birinci Ahmed Hazbulatov

Rusya’nın Tver şehrinde 13-15 Aralık 2024 tarihlerinde, judo olimpiyat şampiyonu Sergey Petroviç Novikov’un anısına dövüş sanatları yarışması düzenlendi. Rusya’nın 24 bölgesinden 600’ün üzerinde sporcunun katıldığı...

Çeçen ve Oset güreşçiler madalya aldı

Khanty-Mansi Özerk Okrugu’nun Poykovski kentinde düzenlenen 19. V.N. Semenov Kupası Uluslararası Serbest Güreş Turnuvası’nda Çeçen sporcu Halid Yakhiev (79 kg) ve Oset güreşçi Cambulat...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img