Аҧсуа арҵаҩы Беҩдан Ҭесфире Гьунешь раҧхьаӡатәи лышәҟәы, «Амаӡа змоу Орхун Анҵамҭақәа!» иҭыжьхит. Аҭоурыхтә хҭысқәа ҟазарыла еиқәыршәаны романк иҭазыгӡаз Гьунешь, ахәыҷқәа рзы илҩыз ашәҟәы, ашколқәа рааӡара методикагьы иашьашәалоуп. Ашәҟәаҿы сахьаҵәыҕәрақәа Гьуль Сары илтәуп. Беҭҩыл, Ҳевес, Баҭуҳан хы еиҩызцәоуп. Ироуыз премиак абзоурала изықәлаз амҩа Орхун Анҵамҭақәа инанагыит. Арҵаҩыгьы дшрыцыз, анҵамҭа агәашә аханы ианыз аҳәоу гәарҭит. «Ажәытәтәи аамҭа иаҳхашҭыр ҟалап, аха уи имҩамсит ҳәа аанагоум.» Ари аҳәоу ианаҧхьа, ажәытәтәи аамҭахь рҽырбит.