Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Лаҵарамза 21 Рзы Аҧсны…

Аԥсны иазгәарҭеит XIX ашәышықәсазы Кавказтәи ажәларқәеи Аурыс империеи рыбжьара имҩаҧысуаз аибашьраан зыҧсадгьыл аҟны ахырҵәара зықәшәаз, амҳаџьырра иалаӡыз ҳажәларқәа ргәалашәара амш.

Лаҵарамза 20-23 рзы

Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Кавказтәи аибашьра: аҭоурых иаҳнаҭаз аҧышәеи ҳазҭагылоу аамҭеи».

Аҟәа ақ., ААУ, Мгәыӡырхәа ақыҭан Аетнопарк «Аҧсны» мҩаҧган.

Лаҵарамза 20-21

Ҳџьынџьуаа рыбжьара асахьаҭыхыҩцәа злаху архивтә фотосахьақәеи, аҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа мҩаҧган.

Лаҵарамза 21 рзы

Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшымыз агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Асценаҿы иқәдыргылеит зыԥсадгьыл ныжьны атәым дгьыл ахь ахҵәара иақәшәаз аублаа рҭыԥҳа илызкыз Рушьбеи Смыр ипоема «Семра» аҟынтәи ацыԥҵәаха. Аҧхьаҩ ироль наигӡеит Даур Арухаа.

Аԥсны жәлар рартист Виолетта Маан иналыгӡеит амҳаџьыраа ргарашәа «Шьышь-нани». Амузыка нарыгӡон Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа рансамбль.

Иара убас Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы имҩаҧысит Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ари амш инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ирылахәыз зцылаз амҳаџьырра иагаз ргәалашәара иазкыз аныҟәара. Уи иалахәыз аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны инеиуан. Аныҟәара иалагеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтә, ихдыркәшеит амҳаџьырцәа рбаҟаҿы. Анаҩс, есышықәса ишыҟарҵо еиԥш, Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, ашьамаҟа адыркит Амҳаџьырқәа рбаҟа аҿаԥхьа.

Yazarın Diğer Yazıları

«Адырра ахьыҟам адоуҳагьы зыҟалом»

-Ҳаҭыр зқәу Баҭал Џьапуа; Аҧснытәи аҟазара аӡбахә анаҳҳәо, раҧхьа иаҳгәалашәо аҟазаҩцәа урылахәуп. Ҳара ҳгазеҭ Жинеҧс аҧхьаҩцәа, уусумҭақәа акырӡа ирызҿлымҳауп. Иааркьаҿны иуҳәозар, уҟазаратә нысымҩа иахыуҳәаауазеи?...

Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба ҳаҭырла...

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

1864 шықәса Лаҵарамза 21, Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь шәнызықьыҩла кавказ жәларқәеи аԥсуааеи рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img