Ҭырқәтәыла Аҽырыҩра Аклуб (TJK) Аҧсуаа Рҽырыҩра, Лаҵарамза 28 амш иҟалит. Қоџьаели Қарҭеҧе Аҽырыҩырҭаҿы сынтәа ахҧатәи еиҿкааз аҽырыҩраҿы, хҧа зхаҵхьаз Англыз ашьацқьа ҽқәа еиҧханыҩт. 1900 м аура змаз аҽырыҩырҭа аҧслымӡ иқәыҩуаз аҽқәа рҿынтә, Гоқьҳан Беқьҭашь дзықәтәаз, Иусуф Зиа Қарақушь иҽы Ҧерсиан Ҧринс аиааира агыит. Аҽырыҩра аамышьҭахь еиҿкааз церемониаҿы, аиааира згаз ашьацқьа зтәыз ихьӡ ала, Еран Ҭезер Қоџьаели Аҧсуа Культура Хеидкыла ахада Ҳасан Қонџьа иҿынтә апремиа ааихәит.