Агазеҭ Жинеҧс аредакциа аусзуҩцәа гәалсра дула адышшылара ҟарҵоит:
1992-1993 Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра рҽаладырхәырц Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз раҧхьаӡатәи агәыҧ иалахәыз, Леон иорден занашьоу Муҳаррем Ҟеиҭыҟәа цәыббрамза 13 рзы Налчик ақалақь аҟны иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи, иҭынхацәеи, аҟабарда жәлари, ихарҭа здиҵаз аҧсуа жәлареи гәалсра дула ҳшәыдышшылоит. Хашҭра зқәым афырхаҵа иҧсы ҭынчзааит!
«Жьынэпс»