-Ҳаҭыр зқәу Баҭал Џьапуа; Аҧснытәи аҟазара аӡбахә анаҳҳәо, раҧхьа иаҳгәалашәо аҟазаҩцәа урылахәуп. Ҳара ҳгазеҭ Жинеҧс аҧхьаҩцәа, уусумҭақәа акырӡа ирызҿлымҳауп. Иааркьаҿны иуҳәозар, уҟазаратә нысымҩа иахыуҳәаауазеи? Уаҳзахцәажәар ҳҭахуп.
-Аҟазаратә мҩа сара сзықәгәыӷуаз, ииашангьы, имариагньы иҟамлеит, еиуеиԥшым ахҭысқәа ирыхҟьаны. СССР ахыбгалара, нас аибашьра, уи аамыжьҭахь ҳаҩныҵҟатәи азҵаарақәа, убри зегьы иагьԥырхаган иагьхәарҭан. Убри зегьы акаамет аамҭа сымнахит, аха, ганкахьала, сылақәа аанартит, сдунеихәаԥшышьа еиҿнакааит, сагьхьанарԥшит аҟазарахь.
-Асахьаҭыхратә, аетнографиатә ҭыхымҭақәаа, насгьы еиуеиҧшым аҟазаратә аҧҵамҭақәа аус рыдууылоит. Ари имариам аусқәа қәҿиарала рынагӡара шҧаулуршои?
-Амилаҭтә тема аҟазараҿы иныҟәугаларц азы даараӡа иӷәӷәаны иудыруазар ауп ужәлар ркультура, рҵас, рлакә, рлаф. Ужәлар урылиаароуп. Ҳәарада, хымԥада аҵарауаа иҭырҵааз аҭоурыхи афольклори уаԥхьароуп имаҷымкәа. Уи ада аҟаза иусушьа ыҟаӡам, унадыххыланы, шьоукы ргәы ишаанаго аԥсуа идунеи узаарԥшӡом. Адырра ахьыҟам адоуҳагьы зыҟалом.
-Акәалӡи ахыц-хәмпыли акырӡа урызҿлымҳауп, аусгьы рыдуулоит. Арҭ шҧалухи, Иугәазырҧхеи?
-Жәытәнатә аахыс аԥсуаа хшыҩлеи, намыслеи, бџьарлеи иԥсадгьыли ижәлари ихьчон. Арҭ еиқәысыԥхьаӡаз рахьынтә зегь раасҭа имаҷны аԥсуа ибџьар атәы ҵаауп. Убри азоуп еиҳарак схы зақәыскыз аԥсуа еибашьратә культура ахәҭакқәа реиҭашьақәыргылара. Уи аус аҟны сзаҵәӡамызт, ҳаидгыланы аус еицаҳуит Ҭемыр Дӡариеи, Адгәыр Какобеи, сареи. Ари Аус аҟны иҟаҵатәу макьана даара ирацәоуп, сгәы иаанагоит иҳацныҟәаша иҵегь ҟалоит.
-Аҵыхәтантәи ашәышықәсазы иҵысыз аибашьра Аҧсны аҭагылазаашьа акырӡа иаҧырхагахеит. Иара убас аҟазарагьы аҟазаҩцәагьы ҧырхага рынаҭеит, ҳәарада. Шәара (аҟазареи, аҟазаҩцәи) ҧырхагас ишәнаҭазеи ҷыдала? Насгьы, шықәсырацәаа имҩаҧысуаз аблокада анынҵәа ашьҭахь, уажәышьҭа Аҧсны анҭыҵтәи аҟазаратә дунеи аҟны шәусумҭақәа аҭыҧ рзаанкылоума шәгәы ишаҭаху?
-Аибашьра аналага сара исымаз ателье ақырҭцәа амца ацраҵаны ирыблит. Уа иалаблит сусумҭақәа зегьы, цыракгьы сзаанымхеит, 500-600 усумҭа инареиҳаны. Изеиԥшразгьы, иззызкызгьы шьҭа иагьысгәалашәом. Аблокада аан (10 шықәса), асахьаҭыхҩы имаругақәа, ишәыгақәа ԥшаашьа амамызт, уи даара исԥырхагахеит. Убри адагьы аҳәаа аанҭыҵ ацәаргақәҵа ауаа ирбартә ҟаҵашьа ыҟамызт, усҟан аинтернетгьы ыҟамызт. Аԥсны аҟазаҩцәа уи аҵыхәала рҟазара ладмырҟәӡеит, аха, ҳәарада, ирылшоз зегьы рзыҟамҵеит, саргьы ус среиуоуп.
-Аҧсны аҟазаратә зали архивеи анблы ашьҭахь Аҧсны аҟазаҩцәа рхеидкыла иҟанаҵаз ааҧхьара аҭак ақәҿызҭыз 10 ҩык асахьаҭыхҩцәаурылахәуп. Уи инамаданы иаҧуҵаз усумҭак рацәак ҵуам Сҭамҧылтәи аҟазара бзиабаҩцәа гәахәарала ирыдыркылеит. Ари аусумҭа анаҧуҵоз иумаз агәалаҟазаара, ухәыцрақәа ртәы ҳзеиҭауҳәар…
-Уи аусумҭа цәаныррала иҭыхуп. Уаҳа иацысҵо сыздырӡом. Абылра аныҟала убрагьы сусумҭақәа алаблит, 13 цыра, аграфикеи, аҿыхамҵеи.
-Иҭабуп даараӡа…
Баҭал Џьапуа
Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа, диит 1963 шықәса хәажәкырамза 28 рзы. 1977 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит. 1977 шықәса инаркны 1980 шықәсанӡа ара аҵара иҵон.
1980 инаркны 1985 шықәсанӡа аҵара иҵон Ленинградтәи атеатри, амузыкеи, акинематографиеи ринститут аҟны, атеатр асахьаҭыхҩы-технолог изанааҭ иоуит. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь Аҟәа ақ. аҟны Аҳәынҭқарратә ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҿы сахьаҭыхҩы хадас аусура далагеит.
1986 шықәса инаркны 1987 –нӡа Асовет Ар рыҟны аррамаҵзура дахысуан. Уи ашьҭахь атеатр ахь дхынҳәит, 1990 шықәсанӡа ара сахьаҭыхҩы хадас аус иуит. 1990 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҿы директорси сахьаҭыхҩы хадаси аус иуан.
1992 шықәсазы хатәгәаԥхарала АА Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аррамаҵзура ахысразы дцоит.
1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥшыхәратә гәыԥ, арота, абатальон, аполк рыҟны дҵаҟаҵаҩыс дыҟан. 1992 шықәса анҵәамҭазы Мрагыларатәи афронт аштаб еиҳабыс даҭан. Аибашьраҿы илшамҭақәза рзы Леон иорден ианашьоуп.
Аибашьра ашьҭахь 1993 шықәса инаркны 1995 шықәсанӡа ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҿы асахьаҭыхҩы хадас аус иуан, атеатртә студиаҿы акостиум аҭоурыхи асценографиеи дирҵон.
1995 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа Аԥсны Ахада иаппарат анапхгаҩыси ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩыси дыҟан.
1997 ш. инаркны Зхы иақәиҭу асахьаҭыхҩцәа рырҿиаратә еидгылара далахәын.
1986 шықәса инаркны иааиԥмырҟьаӡакәа аҿыханҵа, аграфика, аҩычара-хархәаратә ҟазара иазкыз ареспубликатә цәыргақәҵақәа дрылахәын.
Ҩажәижәаба инареиҳаны Аԥсни Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны аспектакльқәа, аконцертқәа, аицлабрақәа сахьала еиқәиршәеит.
1998 шықәсеи 2003 шықәсеи рзы Аиааира азгәаҭара иазкны Аҟәа ақалақьи апаради сахьала еиқәиршәеит.
Ацәыргақәҵақәа дрылахәын Шәача, Налчик, Москва, Санкт-Петербург, Париж, Хадсон, ЕАА рыҟны М. Шемиакин ихьӡ зху Аҟазара ацентр аҟны.
2001 шықәсазы Д. Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьоуп аҟазара аусхк аҟны.
2003 шықәсазы «Адыгеиа зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы» ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Сахьала еиқәиршәеит ашәҟәқәа: «Аԥсуа поезиа антологиа», М. Лашәриа ишәҟәы «Аџьынџь», аҭоурыхтә роман «Аԥсҳа Леон» В. Амаршьан, С. Лакоба авторс дызмоу аҭоурыхтә ҭҵаамҭа «Асланбеи», АА Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа нарҭтәи аепос аҭҵаамҭазы аграфикатә усумҭақәа
Авторс дрымоуп 1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа рыхроника иазку ашәҟәгьы афильмгьы «Мрагыларатәи афронт».
Авторс дамоуп аԥсуа маркақәа «Аԥсуа милаҭтә хаҵа маҭәа XVIII ашә. алагамҭеи XIX ашә. анҵәамҭеи рзы» рсериа.
Авторс дамоуп Аԥсны аҭоурыхтә бџьар аколлекциа.
Авторс дамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амонетақәа рсериа.
Аԥсуа еибашьыга хәымпал, ажәҩа рацәа змоу аԥсуа-адыга нышь ду (агалера) «Ашхәа» аиҭашьақәыргылареи авторс дрымоуп.
2009 шықәса инаркны Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла далахәуп.
2010 шықәса инаркны Урыстәыла Асахьаҭыхҩцәа реидгыла далахәуп.