Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси арҿиара знапы алаку аҿар Рхеидкыла «Аҧсны» алахәцәеи еиҿыркааит «Абызшәатә ҭынха аиқәырхара: ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбашьеи» зыхьӡыз астол гьежь. Аиҧылара мҩаҧысит аҿиара акомплекс «Гранд Канион» аҵакыраҿы.
Аиҧылара модераторс даман АААК аппарат аиҳабы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак алахәҩы Абзагә Ҵәыџьба. Адискуссиа рхы аладырхәит аҧсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа, урҭ рыбжьара иҟан аҵарауаа, астудентцәа, активистцәа. (abaza.org)