Аҧснытәи асахьаҭыхҩы, асклуптор Гиви Смыр иуысумҭақәа, Исҭанбултәи аҟазара абзиабаҩцәа ирҧылеит. «Аҧсны Мифқәа» ахьӡ зхаз ацәыргақәҵа, Абҵарамза 23 Асабша амш, Исҭанбул, Аҭашьеҳир, Инал Аидыноҕлу Культура Сенҭр аҿы иаартын.
Афон Ҿыц Аҳаҧы ҧаса игәазҭаз
1961 шықәсанӡа Афон Ҿыц Аҳаҧы идырмызт. Адыррақәа ирышьҭаз аҿа Гиви Смыр убасҟан 16 ихаҵуан. Хахьтәи аҭаларҭа гәазҭаз Смыр, иҷыдамыз шахак ала 40 м. ӡа длыбааит. 2016 ашықәс зҧсҭазаара иалҵыз аҟазаҩы Смыр, аиҿцәажәарак аҿы данхәыҷыз аахыс «абсабара ишиылачыз» иҳәахьан (https://abaza.org/abk/adgylatsachti-akhtynra-aduneiach-eitsyrdyrua-afonchytsti-akhapy-atourykh).
Ацәыргақәҵа Абҵарамза 27 нӡа аҭааицәа рзы иаартын.