Бурса Ақалақьду Анаҧхгареи, Бурса Афотосахьа Ҟазара Ахеидкыла русеицурала еиҿкааз, Бурса Жәларыбжьаратәи Фотосахьа Фестваль, Ҧхынҷкәынымза 20, 2024 – Ажьырныҳәамза 20, 2025 рыбжьара имҩаҧысуеит. Сынтәа «Ақалақь Мапацәнакра» темас иадкыланы, 14 тәи ҟаларыны иыҟо афестваль, фотосахьа ҟазаҩы Денеф Ҳуважьгьы далахәлахоит. Луысуымҭақәа рҿы ахатәра, ахҵәара, диаспора иеиҧшу атемақәа ирзааҭгылоз, «Адыга Қыҭақәа», «Абхазиа» зхьӡу проџьектқәа қәыҿиарала имҩаҧызгаз Ҳуважь, «Реиҳа Иеиҵыхыз Аӡын» ахантәыхьыӡ змо проџьект ала афествфль далахәхоит.