Аҧсны Алхра Комиссиа, Жәабранмза 15 рзы имҩаҧысраны иҟо Аҧсны Ахада иалыхразы ихацнаркыз акандидатура аҭаҩра аамҭа, Ажьырныҳәамза 6 рзы ихырқәшахыит. Алхра Комиссиа, аамҭа иалагӡаны хәы кандидатк ирықәшахаҭхит: Бадра Гунба, Адгәыр Арӡынба, Ольегь Барцыц, Роберт Ашәба, Адгәыр Хурхәмал.
Ҭырқәтәыла адиаспора аҿы 2025 Аҧсны Алхрақәа Инисиатив Група, Аҧсны Алхра Комиссиа Ахадарахь ахҳәаа ҟанаҵит. Иааркьаҿны гәаҳәарас абас иазааҭглит:
«Ҳара, диаспора иқәынхо, Аҧсны инеины алхразы абжьыҭира злымшо, Аҧсны ҿырҧшыганы демократиа шьақәгылар гәаҳәарас иаанызкылаз Аҧсны атәылауаҩцәа ҳакәны, алхраҿы Ҭырқәтәыла ҳабжьыҭины, атәылауаҩрас иҳахәҭоу наҳагӡар иаҳҭахәуп. Абри иазкны иахәҭоу аусурақәа рзын, пату зқәу Аҧсны Алхра Комиссиа алахәлақәа шәыҿынтә, ҷдала аҳәара ҟаҳҵоит. Ҳара иҳазкашәо напынҵақәа ҟазар, хатәгәаҧхарыла аусура ҳашазыҧшу иазгәаҳҭоит.»