Сақариа Аҧсуа Хеидкыла, Ажьырныҳәамза 19 амш, ашықәс ҿыц раҧхьаӡатәи шьажьхьа, ахеидкыла аҭыӡаҿы, алахәҩы рацәала еиҿнакааит. Сақариа Аҧсуа Хеидкыла ахада Бганба Орал Қобашь иқәгларала ихацыркхаз акциа, Аҧсуа Хеидкылақәа Рфедерациа (АБҲАЗФЕД) ахада Аҭрышьба Левенҭ Белин’и, Дузџье Адепутат Ҳәатышь Ҭалиҳ Озџьан’гьы иалахәын.
Аҭааҩцәа ирзааҭгылаз Аҭрышьба, Афедерациа имҩаҧнаго аусурақәа рҵакыбзиа данахцәажәоз, Ҳәатышь’гьы Аҧсуа культура мыӡразы, азныҟәара, аидгылара шаҭахәу иазгәеиҭит. Акциаҿы дыубарҭаны иҟаз аӡәгьы, апарти (ЏьҲҦ) (CHP) ҧасатәи Сақариатәи адепутат Ҭаскәач Енгьин Озқоч иакәын. Ҭаскәач, Аҧсуа жәлар реибаркыра ахьчара, аиҷаҳара азуыразы, ари еиҧш еиҿкаарақәа ишхыраагӡахоу иазгәеиҭит.
Шьажьхьа инашьҭаҵаны иҟаз аиццәажәара программа, (АБҲАЗФЕД) анаҧхгаҩцәа ирылахәыз Проф. Др. Џьунеит Қаиаалҧ аҭааҩыс даман. Қаиаалҧ, Аҧсны агәыбзиара система, акансер аҿынтә ахахьчара мҩақәа, агәаҵәа ахьчара дрыхцәажәеит.