Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ахада иалхраҿ Гунба аҧыжәара игит

Аҧсны Жәабранымза 15 рзы имҩаҧысыз ахада алхраҿ, кандидатқәа рҿынтә аӡәгьы иахәҭаз абжьы ахьимауыз азы, Хәажәкырамза 1 амш, алхраҿ аҩбатәи тур мҩаҧган.

Аҩбатәи атур аҿы Бадра Гунба аиааира игыит. Бадра Гунба %54,73, Адгәур Арӡынба %41,54 абжьы иауит. Раҧхьатәи алхраҿ, Бадра Гунба %46,38, Адгәур Арӡынба %36,92 абжьы рауын.

Аҧсны имҽхакны 152 алхра ҭыҧ шҟаз аамышьҭахь, Москва’и Черқьесск иҟаз ҩыҭыҧк аҿы алхҩыцәа рбжьырҭиит. Абжьыҭиразы 134.500 ҩык рҽдыҭарҩыит. Алхра Комиссиа Ахада Дмитри Маршьан иҳәамҭала, 100 ны зықь инарзынаҧшуа абжьызҭииз алхраҿы, алахәлара %70 аҟынӡа инаӡит.

Зегьҭыҧрла ҭынчны имҩасыз алхраҿ, Цандрыҧшь’и Аҟуаҿ аилагара аҽазкырақәа ҟалит. 30 тәылаҿынтә 120 ахәаҧшҩы алхра гәарҭон. (Ахаҵхырҭа: Abkhaz World)

Аҩбатәи тур ҟалаанӡа имҩаҧысқәаз

Алхра аҧхьа, Адгәур Арӡынба, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминстр Сергьеи Шамба изкны аҳәамҭа ҟаиҵан, ари ааигәа аҳәааҿы иҟалаз ахҭысқәа инамаданы, Аҧсны атәылауаҩцәа рзинқәа ахьчаразы аҽазкыра иҭаххит. Жәабранымза 15 рзы, абаҩхатәра зло амузикант ҿа, Москва Консерватуар ауышьҭымҭҩы Барас Кәыџба, Урыстәыла аҭалара изин имҭакәа ддырханҳәын, жәа шқәса дзҭамлоны аӡбара шьҭарҵит. Еиҧш зҵааракгьы, Аҧсны ахада алхра далахәларц, Урыстәыла дахысны Аҧсныҟа ицауаз Ашәба Умиҭ Шьаҳингьы дақәшәан.

Аҧсны Жәлар Реизара адепутат, Қырҭуа‐Аҧсуа аибашьраҿ ахәра зауыз Кан Кәырҷиагьы, Урыстәыла атәылауаҩрантә далыхәдаахан. Аҧсны имҩаҧысраны иҟаз алхра аҩбатәи тур иалахәыз Бадра Гунба’и, Адгәур Арӡынба, алхра аҧхьа аиқәшаҳаҭрак напаҵарҩыит. Еиҟараны, иыубарҭаны, аимак злам алхра ҟалара хқәкыс змаз аиқәшаҳаҭра, демократиа адгылара, иакәым ахымҩаҧгарақәа рҿынтә ахыхьчара, алхра алыҵшәа хырхәара аҭара ҵакыс иаман.

Ҭырқәтәыла адиаспора аҩ тур аҿгьы рбжьы рзымҭиит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Алхра Комиссиа Ахадара, Аҧсны Ахада Алхра актәи тур аҿы абжьы ҭиразы, Сақариа ақалақь аҿ алхра ҭыҧ ыргыларазы еицыбжьыла аӡбара ҟанаҵан. Аха, Сақариа Мили Иара убас Сақариа Ахадара, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада алыхра иазкны имҩаҧысраны иҟалаша еиуеиҧшым кампаниақәа, акциақәа зегьы, мчыбжьык азин шамам аанацҳит. Ари нҟала, Аҧсуа Хеидкылақәа Рфедерациа, асудрахь адҵаалара ҟанаҵан, асудрагьы уи аӡбара ааннаклит. Афедерациа азиндыррала ақәҧара иаҿыуп.

Yazarın Diğer Yazıları

Doç. Dr. İsmail Güneş’in yeni kitabı: “Modern Kölelik”

Çukurova Üniversitesi İktisadi ve İdari Bilimler Fakültesi Maliye Bölümü Öğretim Üyesi Doç. Dr. İsmail Güneş’in “Modern Kölelik” adlı kitabı Gece Kitaplığı etiketiyle yayımlandı. “Adana Kent...

Anadillerimizde Jineps’in 2026 temmuz sayısı yayımlandı

Değerli Jineps okurları, Temmuz sayımızı 4 Kuzey Kafkas dilindeki (Abazaca, Adigece Doğu ve Batı diyalektleri, Çeçence, Osetçe) sayfalarımızla oluşturduk. Şengül Eyigün kısa haberleri Adigeceye çevirdi. İlkay Karaduman...

Dilovası nöbeti 6. haftasında: “Dilovası katliamı Türkiye’deki çalışma rejimini ortaya çıkaran bir olay oldu”

Kocaeli Dilovası’nda 7 işçinin yaşamını yitirdiği iş cinayetine ilişkin davanın 3. duruşması öncesinde aileler ve sendikalar yine alanlardaydı. Sanıkların birer birer tahliye edilmesine ve...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img