Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ажурналистцәа рзы «атәым агьенҭ» ны ахарадҵара

Инал Ҳашигь

Урыстәыла Азиндырра Мнистырра, Аҧснытәи журналист Инал Ҳашигь «атәым агьенҭ» ихҵаны алаҳәа ҟанаҵит. Амнистырра, И.Н. Ҳашигь, Урыстәыла Официал Аусбарҭақәа рполитика, рҳәамҭақәа, Аҧсны имҩасраны иҟо алхрақәа ирызкны адыррақәа аиҭакра рҵаҵаны, атәым политикцәеи иари аимадара рбжьаиҵит ҳәа иазааҭглит.

Рашәарамза 18, 2004 ашықәс аҭыжьра иалагаз агазет Чегьемскаиа Правда редактор хаданы ишьақәзыргылаз Ҳашигь, ари ахҭыс иазкны абарҭқәа иҳәит:

«Урыстәыла Азиндырра Мнистырра атәым агьенҭны сӡбаны алаҳәа ҟанаҵит. Иаартнызар, иазысҳәаарагьы сздырӡом. Сҩымҭақәа зегьы Аҧсны иазкын.

Урыстәыла Азиндырра Мнистырра иаалырҟьаны иахьысзыргәамҵыз сзеилкаауам. Амнистырра рҳәамҭа еилаҩынтраҿынтә еилыскааз ахәҷала, Аҧсны ахьыҧшымра алацәажәара уажәышьҭа харадҵарахоит.

Ари аӡбара, сзаанаҭ ақәныҟәара дыук иааннакылаӡоум. Ҧаса ишыҟаз еиҧш, Аҧсныи ақәша-мықәшеи имҩасуо ахҭысқәа аҩра, алацәажәара саҟәыҵӡоум.

Иааҳәашәымҳәо, адҵаны иеилышәкааз аныҳәақәарыҿы ацаха хҵәарада ак шҟам оума? Ҳәараҭахым, сара сышәтәылауаҩыуп, шәаргьы ихәыҷыу, аха ихьыҧшым тәылак шәахагылоуп. Ахҳәаарак ҟашәымҵо. Шәысыдгыл, шәысыдымгыл зегь акоуп. Аха ажәақәак аашәҳәароузи.»


Низфа Аршба – Изида Ҷаниа

Аҧсуа Хабар Агьенҭра Аиашара аредактор Низфа Аршба’и, Нужнаиа Газета шьақәзыргылаз Изида Ҷаниа ракәзар, Хәажәкырамза 21 амш иҭыжьыз алаҳәаҿы «атәым агьенҭны» рхьыӡқәа алаҧхьаӡан. Иҟалаз ахҭыс, Аҧсны гәынамӡарақәа имҩаҧнагыит. Нужнаиа Газета ахаҭарнак, аканал Телеграм аҿы абас дазааҭгылит: «Иахьа инаркны, Аҧсны зха иақәыиҭу медиа наҧхгаҩцәа атәым агьенҭны алаҳәа ҟоуп.»

Аҧсны ауаажәларратә палата Гәыҳалалра Программақәа Рсентр алахәҩы Лиана Кәарҷельиа лакәзар, абас ахәшьара ҟалҵит: «Аҿахәыҳәара азиндырра атәым агьенҭны иаларҳәит.»

Аӡбара аҿагылара азҭаз Низфа Аршба, «сара Урыстәыла Федерациа атәылауаҩыс сҟам, знӡа сҟамлаӡит, Аҧсныгьы Урыстәылам» ҳәа ахҳәаа ҟалҵит. Азиндырҩыцәа, аӡбара, ҵакыи хқәкыи аганахьала азҵаара арҭоит.

Адбукат Саид Гьезердаа азҵаара наиышьҭит: «Дара реиҳабыреи, иҿиам адәныҟатәи политика иазкны изҩыуо Аҧсуа журналисҭцәа избан ҳагәыла тәылак ахьынтә атәым агьенҭс изыҧхьаӡахоу?»

Гьезердаа, ари еиҧш ашьаҿақәа, ақәмычра, абжьыҭымгара шазнарҳауа, официал ҭыҧқәа рыбжьымыргара, харадҵа зхоу ажурналистцәа рхала аанхара ишацнаҵо иазгәеиҭит: «Ахабарқәа рҿы, ‘Ахада идиклит’, ‘Ахада иадыиныҳәеит’, ‘Ахада иаиыртит’, еиҧш аххьыӡқәа рда акгьы убауам. Аҧсуа журналистцәа рықәмычра иназкны ибжьы ҭигоум. Ари абжьыдара иаанаго ацныҟәароуп, ахақәыиҭра, амчранаӡа аган ахьала алшара цәыӡразы ауасхыр шьҭанаҵоит.»

Аҧсуа журналистцәа Урыстәыла иҟанаҵаз алаҳәаҿы атәым агьенҭны ихьаладырхәыз, атәым напалаҵара иазкны агәырҩа шышьҭнахо инацҵаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра иҟо ахьыҧшым медиа иаҧеиҧшхарызеи ҳәа азҵаарақәа цәырнагыит.

Yazarın Diğer Yazıları

Асҭамыр Кәыҵниа имултфилм ҿыцқәа

Амультипликатор Асәамыр Кәыәниа мышқәак раәхьа ахәыҷы рацәа еизигеит. Иара иаәиәаз аәсуа мультфильмқәа әба: «Риәа алегендеи», «Ахьча Чаҳмаәи Аәсәаа Қәамзачи» рәыргараәы азал азна әәын. Амульфильмқәа...

«Дзакәыда Миҳри» Анҭалиаҿы

Анҭалиа Азиндырҩыцәа Рнаплакы, Аҳәса Рзинқәа Ауаажәларратә Хаҵеи-Ҧҳәыси Реиҟарара Акомиссиа еиҿнакааз, Аҳәса ирызку Акинофилмқәа цәыргара иҭагӡаны, адокументард фильм «Дзакәыда Миҳри» гьы иыубарҭан. Хәажәкрамза 13 рзы,...

Акоманда Нарҭ чемпионхит

Аҧсны Супер Куп Ашьапылампыл Чемпионат аҿы, акоманда Нарҭ аиааира агыит. Афинал мач, Динамо астадиум аҿы, Хәажәкрамза 20 амш, акомандақәа Ерцахәы’и Нарҭ’и ирыбжьан. Ҭашәарада инҵәаз 90...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img