Аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа (АБҲАЗФЕД) еиҿнакаауо агәаларшәара, Лаҵарамза 21 амш, Қоџьаели ақалақь ду, Қандыра араион иатәу Қарааӷач ақыҭа ҭоурыхтә анышәынҭраҿы, асааҭ 16.00 рзы ихаҵыркхоит. Бабалы Культура Ашҭа ӡыргара ашьҭахь, серемониа 19.00 рзы иалагоит. Ахцәажәарақәа инашьҭаҵаны Бабалы агаҿы ашәҭ ҟаԥшьқәа, ашәҭхырқьақьақәа амшын иахҵахоит. Афақьелқәа кны аицныҟәара нагӡаны, «Нарҭ» Амцаду еиқәҵахоит.