Аԥсны ахатәы телеканал Абаза ТВ аҟынтә гәыԥк, В. Арӡынба изку адокуманталтә фильм аҭыхреи, Аԥсны ахақәиҭратә еибашьра иазку Беқьыр Ашәба иусумҭа «Сыхьҭашьуеит» аҟынтә иаагоу, уаанӡа иҭыхыз аибашьратә докуманталтә фильм аҭырқәшәатә версиа аӡыргарееи рзы рашәарамза 14-25 рзы Ҭырқәтәыла иҟазаауеит.

Ԥшьҩык рыла ишьақәгылоу агәыԥ, раԥхьаӡа иргыланы, В. Арӡынба дызлахәыз 1992 шықәса ԥхынгәымзазы Сҭампыл Балбаллы (Калдахәара), Анкара имҩаԥысуаз, аиҿцәажәарақәеи аиԥыларақәеи ирызкыз аҭоурыхтә гәалашәарақәа рыла адокументалтә фильм аҭыхразы аусурақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп урҭ амшқәа ирхаану ҳаиҳабацәа ргәалашәарақәа рҭыхра. Абри инамаданы аиԥыларақәа Сҭампыл, Балбаллы (Калдахәара ақыҭа), Анкара имҩаԥысраны иҟоуп.
Ҩышықәса раԥхьа Ателеилахәыра Абаза ТВ ала иҭыхыз, аԥсышәала ицәыргаз адокументалтә фильм аҭырқәа бызшәала аӡыргаратә рбара мҩаԥган. Уажәы уи арбара мҩаԥысраны иҟоуп Сҭампыл, Сақариа, Диузџье, Инеголь иҟоу аԥсуа хеидкылақәа рҿы.