Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Владислав Арӡынба игәалашәра иазкны

Аԥсны ахатәы телеканал Абаза ТВ аҟынтә гәыԥк, В. Арӡынба изку адокуманталтә фильм аҭыхреи, Аԥсны ахақәиҭратә еибашьра иазку Беқьыр Ашәба иусумҭа «Сыхьҭашьуеит» аҟынтә иаагоу, уаанӡа иҭыхыз аибашьратә докуманталтә фильм аҭырқәшәатә версиа аӡыргарееи рзы рашәарамза 14-25 рзы Ҭырқәтәыла иҟазаауеит.

Владислав Арӡынба

Ԥшьҩык рыла ишьақәгылоу агәыԥ, раԥхьаӡа иргыланы, В. Арӡынба дызлахәыз 1992 шықәса ԥхынгәымзазы Сҭампыл Балбаллы (Калдахәара), Анкара имҩаԥысуаз, аиҿцәажәарақәеи аиԥыларақәеи ирызкыз аҭоурыхтә гәалашәарақәа рыла адокументалтә фильм аҭыхразы аусурақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп урҭ амшқәа ирхаану ҳаиҳабацәа ргәалашәарақәа рҭыхра. Абри инамаданы аиԥыларақәа Сҭампыл, Балбаллы (Калдахәара ақыҭа), Анкара имҩаԥысраны иҟоуп.

Ҩышықәса раԥхьа Ателеилахәыра Абаза ТВ ала иҭыхыз, аԥсышәала ицәыргаз адокументалтә фильм аҭырқәа бызшәала аӡыргаратә рбара мҩаԥган. Уажәы уи арбара мҩаԥысраны иҟоуп Сҭампыл, Сақариа, Диузџье, Инеголь иҟоу аԥсуа хеидкылақәа рҿы.

Yazarın Diğer Yazıları

Аиааира ду 32ш. ахыҵра иазкны

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 32 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны араионқәарҟын аныҳәатә програмақәа мҩаԥган. Ари аныҳәамш ду инамаданы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша...

«Ҩ-Ԥшаҳәак Рыбжьара»

19.тәи ашәы шықәсарзы имҩаԥысуаз аибашьра иахҟьаны Кавказ жәларқәа изықәшәаз амцахәыцәареи, ахҵәареи 161 шықәса ахыҵра иазкны; Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ақалақь аҿы мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥысуаз апрограмма...

«Аӡыхь»

Атаман Кәыџба, Лаҵарамзатәи иеиҿцәажәара атема; 2025ш. Лаҵарамза 3-4 рзы, Аԥсныжәлар рартист, еицырдыруа акәашаҩы, ақәыргылаҩы Акаки Амалиа ихьӡ ала еиҿкааз 27.тәи Аԥсны Ахьыбҿар Рыкәашаратә Гәыԥқәа...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img