1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 32 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны араионқәарҟын аныҳәатә програмақәа мҩаԥган. Ари аныҳәамш ду инамаданы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев, ареспублика аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

«Аԥсны жәлар рԥеиԥш зыӡбоз Аиааира. Ҳара ари Аиааира ҳахӡыӡаауеит», иҳәеит Аԥсны ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аибашьраан иҟалаз ахҭысқәа ҩаԥхьа иҟамлартә еиԥш аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу.

«Аибашьраан, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны ажәлар ирывагылеит.
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

«Афырхаҵареи Аԥсадгьыл абзиабареи ирсимволны иҟалаз ари амш агәышьҭыхреиԥш иацуп ахьаагьы. Избан акәзар Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа. Зхы иақәиҭу Аԥсуа ҳәынҭқарра урҭ ршьала икәабоуп. Урҭ рыхьыӡқәа наунагӡа ҳаԥсадгьыл аҭоурых иазынхоит» иҳәеит Гәынба.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны Аиааира дасимволны дыҟоуп ҳмилаҭ рԥыза ду, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба, уи иарӷьажәҩаны идгылеит ар рԥыза ду Султан Сосналиев, аинрал Сергеи Дбар, егьырҭ акомандаҟаҵаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.

Иара убас хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аҟәа имҩаԥысыз аныҳәатә парад аҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Зхатәы бызшәеи зкультуреи рыхьчара амҩа иану Аԥсны ажәлар рзы Аиааира амш иҷыдоу мшуп, абри атәы азгәеиҭеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Уи иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ироль ҷыда. Арӡынба иоуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарреи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иӷәӷәоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара атрадициеи рышьаҭа зкыз ҳәа азгәеиҭеит Кириенко.
Иара иазгәеиҭеит аԥсуаа ирывагыланы ишеибашьуаз аерманцәеи, абырзенцәеи, аурысцәеи, иара убас Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа.

«Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит абџьар кны еибашьуази атыл аҿы урҭ ирцхраауаз зегьи рлагала» иҳәеит Кириенко.
Аҟәа Ахьӡ-Аԥша амемориал аҿаԥхьа Аиааира 32 шықәса ахыҵра иазкны арратә парад мҩаԥысит.
Шьаҿеиқәшәала имҩасит Аԥсны Арбџьармчқәа аруаа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, абыжьбатәи арратә базеи рыруаа, иааидкыланы 990-ҩык инареиҳаны.
Апарад напхгара азиуан атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, аусмҩаԥгатә идикылеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Аиааира 32 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз арратә парад хыркәшан акциа «Ԥсра зқәым архәҭа» ала.
Апарад иалахәын Аԥсны Арбџьармчқәа арратә техника, иара убас Урыстәылатәи абжьбатәи арратә база аҟынтәи атехника.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Иара уьас, апротокол иалахәыз агәыԥ Аԥсны аҳәынҭқьарра аҩбатәи ахада С. Багаԥш, Џьгерда иҟо имомериал аҿаԥхьагьы ашәҭқәа шҭарҵеит.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев, ареспублика аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазку аныҳәатә концерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿы.
Аконцерт иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи аныҳәара зхалазырхәыз асасцәеи, ареспублика аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа.
Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәа: Анатоли Алтеиба, Ильда Қәычбериа, Џьимми Шәманиа, Алхас Ферзба уҳәа. Дара инарыгӡеит аибашьра иалиааз ашәақәа. Уамакала иԥханы ахәаԥшцәа ирыдыркылеит Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳаи урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Антон Лаврентиеви еицнырагӡаз ашәа.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 32 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшахеит асалиут ала.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аԥсны иазгәарҭоит цәыббра 30 рзы. 1993 шықәса цәыббра 30 аҽны аԥсуа ар Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.







