Аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа еиҿнакааз, «Диаспораҿы қыҭаԥхьаӡа Аԥснахьы барбал зҵо аскам» акампаниа хырқәшахит. Афедерациа асоциалтә медиа адаҟьаҿынтә иҟалаз алаҳәараҿы, Цәыббрамза 25 нӡа акампаниа иеизнагаз аԥара 800 нызықь TL рыҟынӡа ишнеиыӡ азгәарҭит. Ари ала, аибашьраҿ ахәра зауыз аӡәи, абӷашшара дабла зхазгаз аҷкәын рзын афымцала иыныҟо ҩы барбал аскам аахәаны, иаанхаз ала 10 аскам ахәра зауыз рзы, агьырҭгьы иахьагу ахәошәтәырҭақәа рзы ишаархо азгәарҭит.
Иеиҭазгаз Ахба Есаҭ Озен







