Афотосахьа аҟазаҩы Денеф Ҳуважь «Исыӷроу Абаҳча» ахыхьыӡ зхо лцәыргақәҵа, Жьҭаарамза 30 – Абҵарамза 19 амшқәа рыбжьара, Аԥсны Аҟәа иҟо СКЛАД азал аҿы ҟазарабзиабаҩцәа ирԥылоит.

«Исыӷроу Абаҳча» ацәыргақәҵа, уаҩык игәаҿы ицнеиуо адоуҳатә дунеиқәа рахь метафорытә ныҟәароуп. Аҩны ҳацәыхаразаргьы абаҳча, ҳагәаҿы аԥсҭазаара аанкыларазы, дацла, агәынкларахь аҽаԥсахуеит.

Ҳуважь ари лпроџьект; аидыҵра, аԥыххаареи, аԥсҭазаара маҷны ақәынхара аԥышәарақәа рҿынтә иӷьоит, нас иҳаӷроу ацыԥҵәахақәа ааидкланы аибыҭара аԥшаара хықәкыс иамоуп.

«Исыӷроу Абаҳча» агәынкыларҭа, абжьымгара, ахахәшьара ирыбжьоу ари амҩа ашьҭақәа зныԥшоу афотосахьақәеи, енстелациақәа рла иҿиоуп.
Афотосахьақәа: Кадыр Тванба
Иеиҭазгаз Ахба Есаҭ Озен







