Нанҳәа 1 аҽны иазгәарҭо арепатриант имш инамаданы, Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны иҳауит арепатриант истатус аиуразы иркьаҿу азеиԥш хҳәаа:
Ашәҟәҭаҩра аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура рылшоит – хылҵшьҭрала иаҧсуаау (абаза), аурыс-кавкази, аурыс-аҭырқәа еибашьрақәа, иара убас XIX ашәышықәсазы аҭыҧ змаз егьырҭ ахҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә нхарҭа ҭыԥқәа ирыхцаз аҧсуа (абаза) хылҵшьҭрақәа.
Аԥсны атәылауаҩра иоуразы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа инеитәуп, иҩтәуп арзаҳал, уи аҩразы зыҿҳәара мцац атәылауаҩшәҟәы аҭахуп.
Аԥсныҟа ааразы атәылауаҩ имазар ауп зыҿҳәара мцац атәылауаҩшәҟәы, Урыстәыла алсны ацара азин изҭо акьаад (авиза), насгьы Аԥсны аҳәаа аихҵәаразы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟнытә азин шәҟәы.
Аԥсныҟа амҩа иқәлаанӡа, аус арманшәаларазы атәылауаҩ дахьынхо аҳәынҭқарраҿы иҟоу амилаҭ -культуратә хеилакқәа рахь анеира ихәҭоуп. Уайа атәылауаҩ иоуеит аинформациа-дырратә цхыраара.
Арепатриант истатус аиуразы, ашәҟәҭаҩра аҧҟара инақәыршәаны хымҧада иаҭахуп абарҭ аусшәҟәқәа;
• арепатриант астатус иҭаразы азыҳәара;
• аиира аршаҳаҭга ахкьыҧхьаа;
• атәылауаҩшәҟәы ахкьыҧхьаа;
• Аҧсны Аҳәынҭқарратәи, аԥсуа милаҭ-культуратә уарӷанқәа рҟынтә иазоужьу аҩыратә қьаадқәа, ма ҩыџьа-хҩык арепатриантцәа, мамзаргьы ари атәыла иал цыз – иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, аԥсуа етникатә гәыԥ дшадҳәалоу атәы шьақәзырӷәӷәо аҩыратә қьаадқәа, арепатриант истатус аиуразы азыҳәара, уи зҭоурыхтъ ԥсадгьыл мчыла ахцара зықәшәаз дшырхылҵшьҭроу атәы шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәы.
Аусшәҟәқәа зегьы еиқәыршхәазароуп аҧсышәала ма урыс бызшәала. Аусшәҟәы ахаҭа даҽа бызшәак ала еиқәыршәазар, усҟан уи иагәылаҵатәуп ахькьыԥхьаа аҧсышәала ма урысшәала ихарҭәааны иҟоу, амҳәыр заархоу аусшәҟәы ахкьыҧхьаа.
Ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәоу аусшәҟәқәа нагахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра
аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа. Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы иахәҭоу аусшәҟәқәа анроулак ашьҭахь, мызкы аҩныҵҟйа аӡбара рыдыркылоит.
Арепатриант истатус аиуразы Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны ирыдыркылаз аӡбарала мап ицәкызар, арепатриант истатус аиура иашьҭоу, ирыдыркылаз аӡбара дшақәшаҳаҭым атәы аҧҟара инақәыршәаны аӡбарҭа дазашшыр илшоит.
Арепатриант истатус аиуразы имариоу аҧҟара:
Ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус иоурц илшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант истатус зауз х-абиҧарак ирыҵаркуа иҭанхацәа (ан, аб, зыкәра наӡоу ахәыҷқәа, амаҭацәа, аиаҳәшьцәа, аиашьцәа, андуцәа, абдуцәа).
Ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиуразы иаҭахуп абарҭ аусшәҟәқәа раагара;
• арепартриант истатус аиуразы аҳәара зныҧшуа арзаҳал;
• арепатриант истатус зауз дшиҭынхоу шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәы ахкьыҧхьаа;
• арепатриант истатус иуа иширҭаз атәы шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгатә бӷьыц ахкьыҧхьаа;
•атәылауаҩшәҟәы ахкьыҧхьаа.
Аусшәҟәқәа зегьы харҭәаазар ауп аҧсышәала ма урыс бызшәала.
Аусшәҟәы ахаҭа даҽа бызшәак ала еиқәыршәазар, усҟан уи иагәылаҵатәуп ақьаад аҧсышәала ма урыс бызшәала ихарҭәааны иҟоу, амҳәыр заархоу аусшәҟәы ахкьыҧхьаа.
Ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәоу аусшәҟәқәа нарышьҭуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа, уа иахәҭоу аусшәҟәқәа анроулак амш инаркны, мчыбжьык аҩныҵҟа иахәҭоу аӡбара рыдыркылоит.
Аибашьрақәеи, амилаҭбжьаратәи, иара убас егьырҭ аиҿагыларақәеи ахьымҩаԥысуа атәылақәа рҟны иқәынхо аитәылауаа, зыҧсҭазаареи, згәабзиареи, зполитикеи, зсоциалтә зинқәеи, зхақәиҭра ашәарҭара иҭагылартә еиԥш аҭагылазаашьа зауз, насгьы абызшәатә, амилаҭтә, адинтә, арасатә ҷыдарақәа рыла ашьҭазаара заурц зылшо ҳџьынџьуаа зегьы, иара убасгьы азин рымоуп ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура.
Убри азы Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа инарышьҭуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант истатус аиура шырҭаху атәы аҳәара зну арзаҳал.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа аҟны арзаҳалқәа рҿы иарбоу иахьынӡаиашоу азгәаҭаны, арзаҳал анроулак амш инаркны ҩымчыбжь аҩныҵаҟа иахәҭоу аӡбара рыдыркылоит.
Арепатриант истатус аиура иахьатъи азакъанԥҵара инақәыршәаны,
5 шықәса аҿҳәара амоуп.
Арепатриантцәа ишьақәырӷәӷәоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа ирыцныҟәалароуп, аҵасқәеи ақьабзқәеи пату ақәырҵалароуп.
Арепатриантцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәырӷәӷәоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, ашәахтә зинҿыдақәа рхы иадырхәарц рылшоит.