Ашәаҳәаҩы, аԥсҭаҵара ҟазаҩы, акарикатурис: Асҭамыр Кәыҵниа

0
1491

-Ҳаҭыр зқәу Асҭамыр Кәыҵниа, узанааҭ, насгьы унапы злаку еиуеиҧшым аусқәа хықәкыс ирымои, иааркьаҿны иаҳзеиҭауҳәар улшома?
-Абар шьҭа 10 шықәса ҵуеит Аԥснытәи аклассикатә оркестр аҿы иара убас арратә оркестр аҿы ашәаҳәаратә солистс аус зуеижьҭеи. Ирацәаны аус рыцызуан ԥасатәи Аԥсуа бызшәа арҿиара афонди Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилаки, уа ахәыҷқәа рзы аԥсуа шәҟәқәа сахьала еиқәсыршәон. Ҩышықәса раԥхьа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак ацхыраарала иҭҳажьит раԥхьатәи ахәыҷтәы сериал ахәыҷқәа аԥсуа ҵасқәа ахымҩаԥгашьа рылааӡара хықәкыс измоу «Леони Наалеи» захьӡыз. Шьҭа 8 шықәса ҵуеит аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара снапы алакуижьҭеи.

-Ааигәа иаҧуҵаз амультфильм ҳхәыҷқәеи ҳажәлареи ишрыдыркылаз иахуҳәаауеи?
-Уажәы ааигәа иҭсыжьыз раԥхьатәи идуу аԥсуа мультфильм «Абраскьыл ифырхаҵара» ахьӡуп. Ари аҩыза амультфильм Кавказ зегьы рзыҳәа хҭыс дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Амультфильм аҭыжьра аус мариаӡам, сара уи 2 шықәса сагеит. Аус адулараҟны ирацәаны ауаа адгалан, агаз ахарџьгьы маҷӡам, уи залыршахомызт аспонсар ида. Аԥхьаҟа иҭыҵраны иҟоуп еиҭа идуу аԥсуа мультфильм. Уи уажәы аус адулара саҿуп.

-Ахәыҷқәа ирызку амультфильмқәа ҳхатәы бызшәа аҵаразы ицхыраагӡаны иҟалоит. Аџьабаа здубало ари аус ауадаҩрақәа, апроблемақәа уҳазрылацәажәар сҭахуп.
-Ҳәарада, амультфильмқәа ахәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵараҿы, иааидкыланы абызшәа аиқәырхара аус аҟны ицхыраагӡа бзиоуп, иалшо маҷӡам. Ишдыру еиԥш, ҳбызшәа аиқәырхаразы, раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷқәа рыла иалагатәуп. Аԥсуа милаҭтә мультфильмқәа рацәаны иаԥҵалатәуп. Урҭ аԥсуа бызшәа арҿиара, аиқәырхара адагьы, аԥсуаа ҳкультура аларҵәараҟны, ҳҵасқәа реиқәырхараҟны ирылшо рацәоуп. Аха ари аус аҿы избоит, иахьа иахәҭоу адгылара шамам кыр зылшо рганахь ала. Аха акгьы ахала изыҟалом, ари аус даҽаӡәы дааны иаҳзиӡбаӡом. Ҳаԥхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп, ахәыҷкәа ирҭаху – сахьала еиқәыршәоу аԥсуа шәҟәқәа, амультфильмқәа разырхиараҟны дасу иҳалшо ала, зегьы ҳамч, ҳахшыҩ еилаҳҵароуп. Абас аус ӡбахоит.



Асҭамыр Кәыҵниа

Асҭамыр Кәыҵниа диит 1984 ш. хәажәкырамза 26 рзы Аҟәа ақ. аҟны. Аҵара иҵон Аҟәатәи абжьаратә школқәа рыҟны. Ашколтә ҵара ахыркәшара анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дҭалоит, асахьаҭыхра аҟәша. Ауниверситет аҟны аррамаҵура дахысит арратә кафедраҟны. Убри аамҭа иалагӡаны ашәаҳәарагьы напы алаикуеит. Дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, инаигӡоит аклассикатә ашәақәа реиԥш, аԥсуа шәақәа, аиталиа ашәақәа. Амузыкатә ҵараиурҭаҟны иҵара хыркәшаны Краснодартәи Акультура аинститут аҟны аконсерваториа дҭалоит. Ара 5 шықәса аҵара иҵон. А. Кәыҵниа аус иуан иара убас аоператә тетар аҟны асолист иаҳасабала 4 шықәса. Уи ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Ара ашәаҳәара каимыжьӡакәа, асахьаҭыхрагьы нап алаикуеит. Ашәаҳәара, асахьаҭыхра инарываргыланы акыр шықәса аус иуит Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд аҟны ахәыҷ шәҟәы асахьаҭыхҩы-аиқәыршәаҩ иаҳасабала. Анаҩс абри аусура иациҵеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак аҟны. Аилак аҟны амультипликациа аус инапы аиркуеит. Ара Аилак иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара далагеит. Иҭыжьуп ахәыҷқәа ирызку, ааӡаратә ҵакы змоу амультфильмқәа хәба «Леони Наалеи» захьӡу. Аԥсуа мультипликациа аганахьала хҭыс дуны иҟалеит амультфильм «Абрыскьыл ифырхаҵара» аҭыҵра. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҟаза амультфильм ҿыц аус адиулоит. Уи материалла ацхыраара аҭахуп, аха иара игәы камыжькәа иусура дшаҿыц даҿуп, адгылара шаиуа агәра игоит.

А. Кәыҵниа ирҿиара зегьы аԥсуа милаҭтә культура аҿиара иадҳәалоуп. «Сусура зегьы ахәыҷқәа ирыдҳәалоуп, рбызшәа, рдырра аизырҳара, арҿиара хықәкыс иамоуп», – ҳәа азгәеиҭеит иара ҳаниҿцәажәоз.


 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz