Гәалсра ду

0
1357

Гәлсра дула агазеҭ Жинеҧс ахьӡала адышшьылара:

1990 ш.азы зҭоурыхт ҧсадгьыл ахь игьежьыз Кәыџба Солмаз рыцҳеи Мышәҧҳа Албинеи рыҧҳа зацә Илиаида Кәыџҧҳа илаамҭамкәа жәабран 12 рзы Москәуа лыҧсҭазаара лалҵра инамаданы, лыуацәеи лҭынхацәеи гәлсра дула ҳшәыдышшылоит. Шәхьаа ҳаргьы иаҳхьаауп. Лыҧсаҭа шкәакәахааит. Џьанаҭ гыларҭас илоуааит.

Илиаида Кәыџба, Агази анефти рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы, Е. Примаков ихьӡ зху УАР Жәларбжьаратәи аекономикеи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы. Лнапы алакын Аԥсны аӡфымцамч маҷ аҿиара аусхк аҭҵаара. Аспирантура далгеит, «Аҭҵааҩы. Арҵаҩы-аҭҵааҩы» ҳәа аквалификациа лоуит. «Адунеитә ԥышәа шьаҭас иаҭаны Аԥсны аӡфымцамч маҷ аҿиара апроблемақәеи аԥеиԥши» атемала адиссертациа ахьчара дахьымӡеит.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz