ИАНААУРТУА – ЦАԤХАК АЛА

0
1499

32 жәабжь… Адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны ихҭысыз, аха зегьы иԥсадгьыли иуаажәлари ртәы мацара зҳәо 32 жәабжь…

Алагамҭаҿы «Сыблақәа хызҩеит, ианаасырты ҩынҩажәа шьҭа збеит. Исыздыруам урҭ ашьҭақәа нзыжьыз, ианынижьыз.  Сара истәуп ҳәагьы сызҳәом, избанзар сара стәқәа урҭ раасҭа еиҵоуп…

Ашьҭақәа аныӡааны имцарцаз, абӷьыцқәа рахь ииаганы еиқәсырхарц сҭаххеит…» иҳәозаргьы сара смаашьаӡакәа исыԥхьаӡеит арҭ ажәабжьқәа хаз-хазы 178-ҩык, насгьы зхыԥхьаӡара еилкаам аҳәса ҳақьымцәеи, ахәшәҟаҵаҩцәеи, амедиаҳәшьацәеи ирыхьӡынҩылоуп. Иаб ида ахьӡынҩыларақәа рҿы хаҵак ихьӡ ыҟам. Зегьрыла аҳәса ирызкуп даҽакала иуҳәоар Саҭанеи Гәашьақәеи, Гәында-ԥшӡақәеи ирзкуп. Саргьы аиҭага аӡәы ихьӡынҩылара азин сымазтгьы, хымԥада аамҭацкгьы сазымхәыцкәа, ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳпоетесса Саида Делбаԥҳа лакәхон уи…

Иажәақәа кьаҿуп, аха рҵакы даараӡа иӷәӷәоуп, иҭбаауп. Доусы иара итәала, иара иеилкаашьала, ихатәы цаԥхала иаартуеит ажәақәа иргәылоу амаӡақәа. Уи амшалагьы ԥхьаҩы цыԥхьаӡа даҽа цаԥхак амазаауеит аартразы.

Ҭырқәшәала «Ианаауртуа-Цаԥхак Ала» ҳәа ахьӡзаргьы уажәшьҭа ԥсышәала иахьеиҭагоу азы «Ианауртуа-Ҩцаԥхак Ала» ҳәа аӡбахә ҳҳәаргьы алшоит…

Ажәакала ашәҟәы аазыртуа ацаԥхақәа ирыцлеит, аха уи шәақәымгәыӷын, амаӡақәагьы убри аҟара ирзацлеит…

Ашәҟәыҩҩы Геннади Аламиа аԥхьажәаҿы: «Иаб дубыхуп, иан даԥсыуоуп Чупе Ҳасан Оқан Ишьџьан…

Ашьха иаҵәеи ага ԥслымӡи еилаԥсаны иузеилыҟәшәара аиҳа, уи даԥсыуоу дубыху еилыргашьа амаӡам…

Арҭ аҩжәларык жәытәнатә аахыс убасҟак еилысхьан, зҽеилазыӡҩаз аӡыхьқәуа гьамак шаархәо еиԥш, ҟазшьалагьы, ҭеиҭыԥшлагьы иузеиҩымдыраауа иҟалеит, иара еицеиҩыршаз ргәырҩалагьы иаӡәыкхеит…» Иҳәоит, аха «аубых» ажәа ахаҭыԥаны «азахәуа» ҟалазҭгьы зегьдарароуп убас акәхон иҳәауаз. Избанзар, Оқан ицәаҳәақәа рыҟны зегьы еицырзеиԥшны иаатуа амаӡақәа, Ашьхарыуаа жәларқәа реиашьареи, рыбзиабареи, реидгылареи, рҧеиҧш лашеи ауп…

Насгьы,

«Аҵабырг…

Ихигахьоу…»

Оқан ашәҟәы анҵәамҭазы ашықәс ахҳәаа ҟаҵо абас иҳәоит: «Қьафла акаҳуа анызжәлоз, уи акаҳуа сҩызцәагьы қьафла ианрыцызжәуаз аамҭахеит ари ашықәс…» Саргьы, «Қьафла акаҳуа анызжәлоз, уи акаҳуа сҩызцәагьы қьафла ианрыцызжәуаз аамҭа иаҩызахеит абри ашәҟәы анеиҭазгоз…» Сҳәар алшоит.

Убас иманшәаланы ацаԥхақәа сзаатит, убас еимҿышәшәа снапаҿы иааит иагәылаз амаӡақәа, аԥхьарагьы аиҭагарагьы исызгәамҭаӡакәа срыцеицалгеит…

Сгәы иаанагоит аԥхаҩцәагьы, цәаҳәацыԥхьаӡа рхатәы цаԥхала иҿыцу, иссиру амаӡақәа шаадыртуа…

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz