Фбеи Бжаки Мааҭ

0
1175

Денеф Хуаж, Ҭырқәтәыла еиҿылкааз иреиҳаӡоу ҳәа иҧхьаӡоу, “6,5 мааҭ” захьӡу лцәыргақәҵа аартуп Стамҧылтәи “Агалериа Арҭхан” аҟны.

Урыстәыла, анџьнырреи насгьы асахьаркыратә ҟазара афакультет иалгаз Денеф Хуаж, шықәсқәак раҧхьа Нхыҵ Кавкази Аҧсни рыбжьара имҩаҧылгаз аныҟәарақәа ирыбзоураны иаҧылҵеит акырӡа афоҭосахьақәеи авидеоанҵамҭақәеи.

Аҟазауҩ дахьыҟазаалакгьы лфотосахьаҭыхгала зеиҧшыҟам аҧшӡарақәа, иссиру амаӡақәа рдунеи ашә аалыртует. Аамҭа-аамҭала уи ашә ывҵрааны аамҭа аблақәа дырхыҧшылалоит. Денеф Хуаж…

Лара дызнысыз амҩа, лкультуратә ҭагылазаашьа зеиҧшроу еиҧш ауп лҧеиҧшгьы шыҟоу, иара аамҭа ахаҭеиҧш ауп ларгьы – џьаргьы дыҟам,аха зехьынџьара дыҟоуп.

Ахҵәацәеи, ажәаҟазацәеи, алафҟазацәеи ирымоу ас еиҧш иҷыдоу абаҩхатәра аҩыза ахәыҷқәагьы иаадырҧшлоит…

Ахьаақәа зҭоу аҳаҧшьа аҳасабала, рыцҳашьарала,бзиабарала игәыдыҳәҳәаланы, насгьы уи ицәыӡыр ҳәагьы дацәымшәароуп ауаҩы, ихәыҷра напсыргәыҵа ианыз 6,5 мааҭ ада…

Денеф Хуаж, “6,5 мааҭ” захьӡу лвидеоанҵамҭақәеи лфоҭосахьақәеи реизга азлрыхиеит (куратор) Синем Дишьли.

Аҭоурыхтә атмосфера змоу Артхан Галериа аҟны даараӡа иссиру ацәыргақәҵа ахәаҧшҩцәа рзы иаартуп рашәарамза 4 инаркны ҧхынгәымза 31нӡа…

Атаман Кәыџба

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz