Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

‘Агәыӷра сымоуп ҳаԥхьаҟа адиаспореи ҳареи ҳусеицура еиӷьхап ҳәа…’

-Ҳаҭырзқу Инга Шамҧҳа, еиҿкаашьас иамоузеи аетнологиа аҟәша. Насгьы, хаҭала бнапы злаку аусхкқәа брыхцәажәар сҭахуп?

-Иҳәатәуп, аибашьра ашьҭахь аетнологиа аҟәша иҿыцны, амҽхак иаҳа иҭбааны, уаанӡа иҟаз атемақәа ирыцҵаны ишыҟаҵоу. Ара ицәыргақәҵоуп шықәсырацәала аԥсуа ҵарауаа еидыркылоз аетнологиатә материалқәа. Иҟоуп ҿыц еиҭашьақәыргылоу амаҭәарқәагьы. Иаҳҳәап: абыкь, ахыци ахәымпали, аԥсуаа рцәамаҭәа уб. иҵ. Аетнологиа аҟәша шьақәгылоуп азал дуқәа ҩба рыла.

Актәи азал аҿы иаарԥшуп ажәытә аамҭа инаркны шәышықәсала аԥсуаа ақыҭанхамҩа, ашәарыцара, арахәааӡара, ашьхымзааӡара, аӡахәааӡара, ажьира рҿы рхы иадырхәоз амаҭәарқәа.

Аҩбатәи азал аҿы ицәыргоуп аԥсуаа рнапҟазара иадҳәалоу амаругақәа зегьы. Ишдыру еиԥш ажәытә аԥсуаа рҿы ибзианы ирҿиан асратә ҟазара. Уи ус шакәу агәра ҳдыргоит амузеи ахьтәы коллекциа иаҵанакуа, адунеи аҿы даҽаџьара иуԥымло, напыла ису х-ҿык, ԥшь-ҿык, аа-ҿык змоу ампахьшьқәа.

Иара убас ара ицәыргоуп аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа: аҩымаа, ахымаа, аҿырпын, аԥхьарца, ачамгәыр, аинҟьагақәа, абыкь, адаул, амырзакан уб. егь.

Иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа лымкаала пату рзақәуп аҽыбӷаҟазара. Ара азал аҿы ицәыргақәҵоуп аҽыбӷаҟазара уи иадҳәалоу амаҭәарқәа рацәаны. Урҭ рахьтә еиҳарак азҿлымҳара ду рымоуп аԥсуа аҭыԥҳа лкәадыри лҟамчи. Иара убас, аԥҳәыс аҽы данақәтәоз илшәылҵоз «амазанка». Уи ҿыц еиҭашьақәыргылоуп.

-Инга Шамҧҳа, исҭахуп аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здыбулоз, еиҳа бгәы зхьыбылуа ацәыргақәҵа аиҿкаашьа бахцәажәар?

 

-Сара аус здызулахьоу ацәыргақәҵақәа зегьы сгәы рзыбылуеит, избанзар урҭ аџьабаа ду рыцуп.

Аха иалкааны сахцәажәар сҭахуп «Аԥсуа иашҭа» амакет. Шықәсқәак раԥхьа хаҭала исҭаххеит инарҭбааны аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа атәы зҳәо амакет еиқәсыршәарц. Иахьа уи амакет амузеи ахь имҩахыҵуа зегьы аинтерес ду рызцәырнагоит, иргәаԥхоит. Ара иаарԥшуп аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара. Амакет аус анадызулоз схы иасырхәеит архивтә материалқәа жәпакы. Ажәытә сахьақәа, напыла иҟаҵоу уахь иналаҵаны, иахьа инханы иҟоу ахьатә ҩнқәа. Амакет аус адуларазы даасыԥхьеит асахьаҭыхҩы А. Мықәба. Ара иарбоу аргыларақәа, аҩнқәа, ахыбрақәа зегьы ҭоурыхла аԥсуаа иҳамаз роуп. Ашҭа аиҿкаашьа ҭҵаарадыррала иазхәыцны еиқәыршәоуп.

Амакет аҿы ҳара иаабоит: игьежьу аформа змоу ишышны иҟоу аҩны (амҳара), аԥацха, акәасқьа, аца, аҩцара, ашьхагәара, акәтыҵра, арахәааӡара, иадҳәалоу ахыбрақәа, ажьира, асырҭы, аӡлагара, аӡыхь, аанда ахкқәа, ахҵысҭрақәа, агәашә, аҳаҭгәынқәа.

 

-Ишԥамҩаԥысуа амузеитә коллекциақәа рхарҭәаара. Ишәыбжьоума аимадара Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуааи шәареи?

-Иахьатәи ҳаԥсҭазаара алшара ҳанаҭом ҳцаны аетнографиатә материалқәа реизгара. Уажәы еиҳарак ажәытә маҭәарқәа аҩны измоу ауаа ҳара ҳахь иааргоит, ҳамҭас амузеи иарҭоит.

Адиаспора атәы ҳҳәозар, ҳаимадарақәа акырӡа еиӷьзар акәын. Аха ус ишыҟоугьы акы-ҩба маҭәар уахьынтәи иҳамоуп. Убас, Зеррин Шамԥҳа амузеи ҳамҭас иалҭеит ланду лмырзакан. Тыжиын Чуреи ланшьа напыла иҟаиҵаз аинҟьага. Иара убас Сириантәи Маршьан Набиль иаҳзаалгеит араӡын рахәыци ахьы рахәыци рыла иқәҵоу акадифа иалху ахырха, ахчхҟьақәа, ахчқәыршәқәа.

Адиаспора ануҳәа хҭыск сгәалашәеит.

2010 ш. аибашьра ашьҭахь, амузеи аиҭашьақәыргылара анымҩаԥысуаз аамҭакәын. Ҽнак ҳмузеи ахь дымҩахыҵит Ҭырқәтәылантәи иааз Қапба Емруллаҳ. Усҟан сара Аԥсуа бџьар иазкыз ацәыргақәҵа аиҿкаара саҿын. Иаргьы даара аинтерес кны ацәыргақәҵа дахәаԥшит, нас акыраамҭа аԥсуа бџьар ҳалацәажәон.

Ҳаиҿцәажәара аан «Емруллаҳ, Аԥсны иахганы иргаз аԥсуаа бџьарла ишеибыҭаз. Ҳәарада урҭ ирҭынхаз, иахьагьы еиқәырханы ирымазароуп рабдуцәа рабџьарқәа. Даара исҭахуп уахьынтәи аԥсуа бџьар хкқәак ҳмузеи иамазарц.» сҳәеит. Емруллаҳ исҳәаз даара дархәыцит, иубарҭан акы игәы ишҭыхоз, аха акгьы сеимҳәеит. Уи нахыс ихабар сыздыруамызт. Иҵит шықәсқәак. Ус ҽнак, схы-сгәы ишҭамыз, амузеи ашә даахыҵит Е. Ақапба иҩызакгьы дицын. Уамашәа иубаша, инапаҿы икын ажәытә аԥсуа ҟама. Уи иабдуцәа Аԥснынтәи иргаз ҟамак. Иахьа уи амузеи абџьар аколлекциақәа руак арԥшӡоит.

2015 ш. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы раԥхьаӡа акәны еиҿкаан Ҭырқәтәылантәи иаагаз ацәыргақәҵа «Кавказ жәлар рнапҟазара». Ара ицәырган араӡын рахәыц иалхыз арҩычагақәа: ахәдахаҵақәа, анапхаҵа, аламҳарыҩқәа, амацәазқәа, агәлаҵақәа уб. иҵ. Иара убас, ахҭырԥа арҩычагақәа. Урҭ зегьы ҟаҵан аԥсуааи адыгақәеи жәытәнатә аахыс ирымоу акәылӡԥаратә техника ала. Ари ацәыргақәҵа Аԥсны гәык-ԥсык ала ирыдыркылеит, иаҭаазгьы рацәаҩуп. Иара убас, амузеи аҩныҵҟа ацәыргақәҵа иҭагӡаны имҩаԥган амастер-классқәа. Урҭ рыҟны изҭахыз зегьы ирыман алшара акәалӡԥашьа аҵара. Ацәыргақәҵа ашьҭахь, уи анапхгаҩы Ренгин Цеи лҩызцәеи лареи амузеи ҳамҭас иарҭеит еиуеиԥшым анапыҟаҵамҭақәа.

Агәыӷра сымоуп ҳаԥхьаҟа адиаспореи ҳареи ҳусеицура еиӷьхап ҳәа.

Сара издыруеитҬырқәтәыла инхо ԥыҭҩык аԥсуаа, ахатәы етнографиатә коллекциақәа еизганы ишрымоу. Агәра згар сҭахуп, знымзар зны, ҳҭоурых азы акрызҵазкуа аетнографиатә материалқәа Аԥсныҟа ихынҳәып ҳәа.

 

https://youtu.be/0WzJEPSPpuE


Инга Шамҧҳа

 

Инга Шамҧҳа, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа ақәшьа аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы.

1988 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет, атәылаҿацәҭҵаареи атуризми рзанааҭ. Иара убри ашықәс инаркны иахьа уажәраанӡа аус луеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәшаҿы, аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабуп.

Инга Шамҧҳа дравторуп аԥсуаа ретнографиа иадҳәалоу аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы. Хаҭала иҭылҵаауеит аԥсуа орнаментқәа, аԥсуа ҭыԥҳацәа рцәамаҭәақәа; иара убас, акыр шықәса раахыс иҭылҵаауеит аԥсуа мҿтәы ргыларақәа, аԥсуаа рретуалтә чыс, аԥсуаа рмилаҭтә ныҳәарақәа.

Иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥылгоит еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа Аԥсны аҩныҵҟеи уи анҭыҵи. Убас кураторс дрыман абарҭ реиԥш иҟоу аинтерес зҵоу ацәыргақәҵақәа: «Етнос-Шәача» (Урыстәыла), «Аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа» (Пицунда ақ., Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы), «Аԥсуаа рҟазара» (Черқьеск ақалақь аҿы); «Аԥсуа бџьар» (Аҟәа ақ., Лыхны ашҭа, Гагра ақ.) «Ииасхьоу аамҭақәа рмелодиа» (Аҟәа), «Аԥсуа музыкатә инструментқәа» (Аҟәа), Амузеи ашҭаҿы имҩаԥган аԥсуаа рныҳәарақәа «Хәажәкыра», «Ӡиуау». 2015 ш. рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥылгеит «Амузеи аҿы аҵх», уб. иҵ.

Инга Шамԥҳа изныкымкәа дрылахәын анаукатә конференциақәа.Лассы-лассы еиуеиԥшым ателедырраҭарақәеи арадионтервиуқәеи мҩаԥылгоит.

ақ., Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы), «Аԥсуаа рҟазара» (Черқьеск ақалақь аҿы); «Аԥсуа бџьар» (Аҟәа ақ., Лыхны ашҭа, Гагра ақ.) «Ииасхьоу аамҭақәа рмелодиа» (Аҟәа), «Аԥсуа музыкатә инструментқәа» (Аҟәа), Амузеи ашҭаҿы имҩаԥган аԥсуаа рныҳәарақәа «Хәажәкыра», «Ӡиуау». 2015 ш. рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥылгеит «Амузеи аҿы аҵх», уб. иҵ.

Инга Шамԥҳа изныкымкәа дрылахәын анаукатә конференциақәа.Лассы-лассы еиуеиԥшым ателедырраҭарақәеи арадионтервиуқәеи мҩаԥылгоит.

Yazarın Diğer Yazıları

«Адырра ахьыҟам адоуҳагьы зыҟалом»

-Ҳаҭыр зқәу Баҭал Џьапуа; Аҧснытәи аҟазара аӡбахә анаҳҳәо, раҧхьа иаҳгәалашәо аҟазаҩцәа урылахәуп. Ҳара ҳгазеҭ Жинеҧс аҧхьаҩцәа, уусумҭақәа акырӡа ирызҿлымҳауп. Иааркьаҿны иуҳәозар, уҟазаратә нысымҩа иахыуҳәаауазеи?...

Лаҵарамза 21 Рзы Аҧсны…

Аԥсны иазгәарҭеит XIX ашәышықәсазы Кавказтәи ажәларқәеи Аурыс империеи рыбжьара имҩаҧысуаз аибашьраан зыҧсадгьыл аҟны ахырҵәара зықәшәаз, амҳаџьырра иалаӡыз ҳажәларқәа ргәалашәара амш. Лаҵарамза 20-23 рзы Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа...

Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба ҳаҭырла...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img