Ииашаҵәҟьаны, ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Уи ус иҟаларц азы Аконгресс асиурпризқәа маҷымкәа иазнархиеит. Аныҳәа апрограмма даара ибеиан. Аԥхьа иқәгылеит ахәыҷқәа ретнографиатә ансамбль «Ашара».
Аныҳәа апрограмма иалан иара убас афитнеси акәашареи рыстудиа «Мансарда» аҵаҩцәа рықәгыларақәагьы. Агәыԥ ApsnyCrew акәзар, абрейк-данс икәашеит.
Ҳәара аҭахума, аныҳәа иаҭааз зегьы рылаԥшқәа рыдхалон аниматорцәа, амультфильм «Трансформеры» афырхацәа аазырԥшуаз. Ахәыҷқәа дыргәырӷьон иара убас атәыҩазаҵәи акьанџьа ЛОЛи рхаҿсахьақәагьы.
Апарк аҟны аус ауан аквагрим астанциагьы. Ахәыҷқәа зегьы ааиуан рхы-рҿқәа рҿы асахьа ԥшӡа ҭырхырц азы. (abaza.org)