Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

АААК Уарчатәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых иазку алекциа мҩаԥнагеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Уарча ақыҭа ашколхәыҷқәа рзы алекциа мҩаԥнагеит аԥсуа абаза жәларқәа р́отурыхтә-культуатә, рбызшәатә акзаара иазкны. Алекциа даԥхьеит аҵарауаҩ, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.

Алекциа мҩаԥысит Уарчатәи абжьаратә школ аҟны, аудиториахь аҵарауаҩ изыӡырҩырц имҩахыҵит ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭыԥантәи анхацәа.

Арда Ашәба иазгәеиҭеит дызлацәажәоз атема азҿлымҳара ду шцәырнагаз. «Иахьа Уарча ақыҭан аиқәшәара ҳаман, аԥсуа-абаза жәлар ҳакзаара, ҳаӡәкра иазкны, еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла, ҭоурыхла, еишьарала, бызшәала, ҵас-кьабзла. Убасҟак исгәаԥхеит ахәыҷқәа рыӡырҩышьа, азҿлымҳара рыман, азҵаарақәа ҟарҵон. Аԥсуа-абаза ҳәа ус иаҳҳәо, аха убри иаанаго, аихыҵгала иҳамоу, ҳаигәыцхәра адаҵқәа ахьынӡацо, иахьа ҳашәҟәыҩҩцәа рхы ззыркуа, ҳаххьадырԥшуа уҳәа, ашколтә программа иалоу абаза шәҟәыҩҩцәеи ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи хшыҩҵакла иззааиуа атәы инаркны. Абарҭқәа ҳҳәеит, аха ицәырҵит даҽа зҵаарак, ҳаиқәшәара ҽазнык-ҩынтә иҟалартә еиԥш. Адҵақәа ҟаҳҵеит: ари ақыҭаҟны инхо Арасаӡыхьынтә, Отаԥынтә иаақәаз роуп, убарҭ ахьықәҵыз ақыҭақәа рҭыԥхьыӡқәа анҵаны еиқәдырхо, нас агенеологиа ҳәа ҳазҿу, убригьы напы адыркыртә еиԥш», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба. (abaza.org)

Önceki İçerik
Sonraki İçerik

Yazarın Diğer Yazıları

“Yolcu” raflarda

Yazar Figen Koşar’ın “Yolcu” adlı romanı yayımlandı. Ayrıkotu Yayınları tarafından basılan kitap Oktay Chkotua’nın sosyal medya sayfasından şu sözlerle önerildi: “Bir ulusun asırlık mücadelesi,...

Denef Huvaj’ın fotoğrafları Abhazya’da sergilenecek

Fotoğraf sanatçısı Denef Huvaj’ın “İçimdeki Bahçe” başlıklı sergisi 30 Ekim-19 Kasım tarihleri arasında Abhazya, Sohum'daki SKLAD Salonu’nda düzenlenecek. "İçimdeki Bahçe" sergisi, bir insanın içinde taşıdığı...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img