«Ахыцуаа рклуб АФЫРХЫ аҧҵан 2016 ш. рзы…»

0
1261

-Ҳаҭыр зқәу Какоба Адгәыр Паата-иҧа, шықәсқәак раҧхьа еиҿышәкааз “Ахыцуаа рыклуб АФЫРХЫ”, напхгаҩыс шәамоуп. Аҧсны адагьы, аҳәаанырцәгьы изныкымкәа аицлабрақәа шәыҽрылашәырхәит. Насгьы, аҵыхәтантәи ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз афырхаҵа Валера Делба ихьӡ зху аицлабрақәа хацшәыркит. Шәызҿу аус шәахцәажәар ҳҭахуп.

-Аҧсны, Нхыҵи Аахыҵи Кавкази рҵакырадгьылқәа рҟны, итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысра жәытәнатәаахыс аҭыҧ аман, уи иадҳәалан шәышықәсала ажәлар рыҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалаз, имырӡкәа иааргоз акультура ахырхарҭақәа. Ашықәсқәа цацыҧхьаӡа ахыци ахәымпали рыла ахысра итрадициатәу аспорттә хәмаррақәа ирыхәҭакхеи, уи иабзоураны ауаа еилҟьа- еилҕәыцәӡа, агәабзиара- агәамч, адыррақәа рыманы, аҿиара бзиа роууан.

Ахыци ахәымпали рыла ахысра, итрадициатәу спорттә еицлабрақәак раҳасаб ала Аҧсны ишьақәгыланы иҟан 60-тәи ашықәсқәа рҟынӡа. Аха, Асоветтә Мчра ан ари атрадициа иахәҭоу аҿиара амоуит аҟынтә ирӡын уҳәар алшоит.

Абра иазгәаҭатәуп, итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысра материалтә культураны ишыҟоу, иара ианыҧшуеит еиуеиҧшым итрадициатәу акультура ахырхарҭақәа. Дҵаны иқәнаргылоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҟны адырра ҵаулақәа раарҧшра – акостиум, аҽымаҭәа, ааҷа аҟаҵара аус, ажьира, арҭәара, ахьиратә ҟазара, аҵла хкқәа аус рыдулара, ада, атәыҩа уҳәа ирылхны ахыцуаҩы изы ахыци ахәымпали рыҟаҵашьа уҳәа рдырра. Ахыци ахәымпали рыла ахысра аҿиара аус аҟны акраанагоит ҽыла ахыци ахәымпали рыла ахысрагьы, уи ҳәарада ҷыдалатәи аҧышәа аҭахыуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахыцуаа рклуб» АФЫРХЫ аҧҵан 2016 ш. рзы Аҧсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аҭыҧантәи атрадициақәеи рзы адырра ҵаулақәа змоу гәыҧҩык рыбзоурала.

Иахьатәи аамҭазы ари аиҿкааа еиднакылоит ахыци ахәымпали рыла ахысшьа здыруа, атрадициатә спорт хкқәеи ахәмаррақәеи рзы ҷыдалатәи адыррақәа змоу, аҟазара злоу 37-ҩык ауаа.

Аклуб еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусура еиҿкаауп, зегь реиҳа ихадоу, итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысра арҿиареи, аларҵәареи роуп. Убасгьы, аҵак ду змоу хырхарҭоуп итрадицатәу аҧсуа хыци ахәымпали, ахыцуаҩ имаҭәеи, ихысшьеи реиҭаҧҵара, реиҭашьақәыргылара. Иазгәаҭатәуп, итрадициатәу ахыци ахәымпали ргәыҧ иалоу даара аҵакы шарҭо ахыцуаҩ ишәҵатәы, уи ҳәарада итрадициатәу маҭәала деилаҳәазар ауп.

Аклуб иалоу лассы-лассы аицлабрақәа, атурнирқәа, иҿырҧшыгоу ақәгыларақәа мҩаҧыргоит, иалахәуп аныҳәақәа Лыхнашҭа, Мықәашҭа, есышықәса имҩаҧыргоит Аҧсны Афырхаҵа Валера Делба игәаларшәара аҳаҭыразы атурнир, уи ҧхынгәымза 15 рзы, иара дахьҭахаз аҭыҧ аҟны, Каман имҩаҧыргоит.

Ахыцуаа рклуб абзоурала 2016-2017 шш. рзы Аҧсны ашколхәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа мҩаҧган, 2018 ш. раахыс Аҧсны аҵара аминистрра аӡбамҭа ала ахыци ахәымпали рыла ахысра, Ареспублика Аҧсны ашколтә спортакиадақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысуа аицлабрақәа рҟны, ихымҧадатәиу еицлабраны амҩаҧгара азгәаҭан. Убри аан, Аклуб иалоу, аҿар разыҟаҵарақәа, аицлабрақәа рыӡбара, техникатә мыругала реиқәыршәара рхахьы иргоит.

Аиҿкаара аҧҵоуижьҭеи имҩаҧгоуп иара убасгьы аҭҵааратә усқәа, урҭ ирыбзоураны иаҧҵан итрадициатәу аҧсуа хыц, иара итрадициатәу ахыци ахәымпали рыҟаҵара знапы алакыу аӡәырҩы аҟазацәа ирдыруа иҟаҵан, иагьазхарҵеит.

Иахьатәи аамҭазы итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысра адунеи зегьы аҟны аҿиара ду амоуп, иаҧҵоуп жәларбжьаратәи аиҿкаара, уи аиҟәшақәа ыҟоуп Европа, Азиа, Америка уҳәа атәылақәа рҟны. Аклуб АФЫРХЫ арҭ адунеи иалаҧсоу аклубқәа рыбжьара еимадара ауеит.


Адгәыр Паата-иԥа Какоба

Диит Очамчыра араион Аҭара ақыҭан 1965 шықәса абҵарамза 24 рзы. Аҭаратәи абжьаратәи ашкол далгеит 1983 шықәсазы. Иара убри ашықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ.

1984-1986 шықәсқәа рзы арратә маҵура ихганы иҵара иациҵоит. 1990 шықәсазы аусура далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амш инаркны ар ргәыԥқәа руак напхгара аиҭон. 1996 шықәсазы ианашьан ЛЕОН иорден. Аибашьра ашьҭахь ауниверситет аҟны иусура иациҵоит.

Нарҭдырреи адәнытәи афольклорҭҵаареи рцентр аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп. Кыршықәса аус иуан Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа анапхгаҩыс.

2014 шықәсазы Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿар рполитикеи рминистрс дҟаҵоуп.

Какоба Адгәыр далахәын 2004 шықәсазы Ҭырқәтәыла ареспубликаҿы имҩаԥгаз раԥхьатәи аҭҵаарадырратә фольклортә експедициа. 25 иреиҳаны астуденттә експедициақәа напхгара риҭахьеит.

Ирҵаҩратә усура инаҷыданы инапы алакуп аԥсуаа рытрадициатә хыци ахәымпали рыла ахысра. Ахыцуаа ргәыԥ «АФЫРХЫ» напхгаҩыс дыҟоуп.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥацәа имоуп.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz