«Ашәҟәыҩҩы дызхаану атәы иҩлароуп…»

0
986

-Ҳаҭыр зқәу, Дмитри Габелиа! Иаҳзеиҭоуҳәар ҳҭахуп унапы злаку узанааҭи, ажурнал «Алашара» аҟны инаугӡо аусеиҿкаареи.  

-Аԥсуа Университет аҭоурыхтә факультет аҟны аҵареи, Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны аусуреи еиласыгӡон аамҭаказ. Усҟан, сзанааҭ – аҭоурых арҵара аҳасабала ишьақәгылоит ҳәа сыҟан. Аха шықәсқәак рышьҭахь сгьежьит, аҭоурых амаҭәар инаваргыланы еснагь исзааигәаз – асахьаркыратә литературахь. Аԥсуа литература ашҟа сымҩахызгаз хҭысны иҟалеит, ажурнал «Алашара» апоезиа аҟәша амҩақәҵара ансыдыргала. Аҵыхәтәантәи жәашықәса раахыс «алашарахь амҩа сықәуп» ҳәа схы иазысҳәоит. Аҭоурыхтә маҭәаргьы сацәымцеит, астатиақәеи аочеркқәеи ажурнал иазсырхиалоит.  

«Алашара» аредакциаҿы зда ҳамам ажурнал аҭыжьра адагьы, еиқәыршәаны аҭыжьра иазҳархиалоит еиуеиԥшым ашәҟәқәа, апоезиатәи, апрозатәи рҿиамҭақәа реизгақәа.  

   

-Аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд аҟны шәызҿу аусқәа ҳдыруазар ҳҭахуп…  

-Ахәыҷбаҳчақәа рзы еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи аметодика ҿыц. Уи аԥсуа бызшәа арҿиароуп гәыцәс иамоу, ҳхәыҷқәа ԥсыуала рааӡароуп хықәкыс ишьҭнахуа. Аметодика аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоуп – аԥсуа хәыҷтәы ашәақәа реизга ҿыц, ахәыҷтәы сериал, ажәабжьқәа, амультфильмқәа реизгақәа уҳәа, убас егьырҭгьы. Ҳметодика ҿыц ала Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи жәпакы рҿы ахәыҷ баҳчақәеи абызшәатә центрқәеи аусура иалагахьеит. Урҭ хықәкыс ирымоу – ҳахшара аԥсышәала рырцәажәара ауп.  

  

-Аԥсуа литература иахьатәи аҭагылазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иахуҳәаауазеи?  

-Аԥсуа поезиа, асахьаркыратә литература зегьы еиԥш, арҿиаҩцәа ҿыцқәа агуп, иара убасгьы – аԥхьаҩцәа ҿыцқәа. Аԥсуа сахьаркыратә литература аԥеиԥш бзиа ааигәазтәуа арҿиаратә процесс амца аҵаҵалатәуп, ирлас-ырласны ихәыҵышьшьаалатәуп. Ҭакԥхықәрала аусеиҿкаара зылшо ауаа алитература аофициалтә институциақәа иадгалатәуп. Иара, урҭ ҳаамҭазтәи аинституциақәагьы аԥҵатәуп, асоветтәқәа шьҭа ҳақәгәыӷлар ҟалаӡом. Алитература бзиарас иалоу даҽазныкгьы ауаҩы ианиеилыркаатәу аамҭа ҳҭыгылоуп. Аԥхьаҩцәа рҭахра иазхәыцтәуп, уи аҽақәыршәара аҭахуп.  

Арҿиаҩцәа ҿарацәа ртәы ҳҳәозар, урҭ аҩымҭақәа ҩны иҳазрыҭом аха, уи адагьы ҳазларыцхрааша акырӡа ирацәоуп. Анаҩс, урҭ асахьаркыратә литература аихаҳаразы аамҭеи, аҭагылазаашьеи, алшареи роуртә иҟаларц. 

  

-Урҿиамҭақәа анаԥуҵо иарбан хықәку уҿаԥхьа иургыло?  

-Сгәанала, арҿиаҩы хықәкы хадас имазароуп иаамҭа аҿахәы аҳәара, дызлагылоу ауаа фырхацәаны асахьаркыра ралагалара. Ашәҟәыҩҩы дызхаану атәы иҩлароуп, иблақәа ирбо, илымҳақәа ираҳауа, игәы иҵанаҳәо. Дызхааным атәы иҳәозаргьы, дахаанушәа идыруазароуп. Хаҭала шәсазҵаауазар, саргьы сазҿлымҳазар сҭахуп иахьатәи ауаҩы ицәанырреи, ихәыцреи, иԥеиԥши ирыдҳәалоу аматериал. Хықәкыс исымоугьы – иахьатәи ауаҩы имци иҵабырги, идырреи имхәыцреи, инасыԥи инасыԥдареи рыбжьаԥшра, реиҿыбаара, реилкаара ауп.  

 

-Адиаспора иқәынхо аԥсуааи, Кавказ егьырҭ ҳаешьара жәларқәеи рбызшәеи ркультуреи реиқәырхаразы иҟарҵаша арбану ҳәа угәы иаанагои? 

-Ҳдиаспора ахьыҟазаалакгьы, раԥхьаӡа иргыланы, ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи хықәкы хыдас ишьҭнахроуп. Уи азҵаараҿы, хыхь зыӡбахә сҳәаз аметодика ҿыц (3-6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы) акыр ицхыраагӡоуп. Ҳџьанџьуаа уи иадҵаалар, рхы иадырхәартә аҭагылазаашьа аԥҵараҿы ацхыраара ҟаҳҵартә ҳаҟоуп. Еиҳау ақәрақәа рзгьы Аԥсны еиқәыршәаны иҳамоу аматериал азҿлымҳара арҭар акыр ихәарҭахон. Ҳаамҭазы иҟоу атехникатә лшарақәа рыцхыраарала, ҳбызшәа аиқәырхараҿы ҳадиаспореи ҳареи иҵегьы иӷәӷәаны ҳҽеимаҳдароуп.  

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьылахь рыргьежьра анаҳҳәо, уи зегьы ирылымшаргьы, иахьынхо аҭыԥ аҿы ахеиқәырхара – абызшәеиқәырхара рылшароуп. Сара шәсызҵаауазар, ҳхатәы быхшәа апроблема ҳаӡбаанӡа, даҽакы салацәажәар сҭахӡам. Шьҭа ҳбызшәа ҳцәыӡуам, аиқәырхара ҳалшеит ҳәа агәрагара анҳаулак, усҟан ҳдиаспореи ҳареи аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә зҵаатәқәа ҳарзааҭгылап. Уажәазы, ҳидеологиа агәыцә хада – аԥсуа бызшәа ахьчара ҳҽазаҳкроуп.


Димитри Габелиа 

Диит абҵара 14, 1986 шықәсазы.  

2009 г. аҵара хиркәшеит Аԥсуа Университет аҭоурыхтә факультет аҟны.  

2008-2010 гг. – ААҳәынҭқарратәи Аҟәатәи лицеи-интернат арҵаҩы-ааӡаҩы.  

С 2012 г. раахыс ажурнал «Алашара» апоезиа аҟәша аредактор. 

С 2018 г. раахыс иахьа уажәраанӡа аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд аусзуҩы.  

Аԥсны ажурналстцәа Реидгыла алахәыла.  

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла.  

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥҳацәа драбуп. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz