Асида Аҳәба лҟазаратә аԥҵамҭа кьанџьақәа…

2017 шықәсазы Ҳара Аҧсны ҳаҭааит. Убри аамҭазы, Очамчыра ақалақь аҧшаҳәаҿы имҩаҧысуан абжьыуаа напҟазацәа рнапкымҭақәа реизга изкыз ацәыргақәҵа. Ҳара уахь ҳҽеизакны ҳдәықәлеит, Асида Аҳәба лусумҭақәа ааигуа иаҳбарц, насгьы лара ҳлыҿцәазарц.
Уа рахьаӡакәны лареи ҳареи ҳаибабеит, уаанӡа лусумҭақәа Instagram @asidaakhuba_dolls адаҟьаҿ иаҳдырхьан. Аҟаза лусумҭақәеи лареи даара ҳдыршанхеит. Мзызқәак ирыхҟьаны аинтервиу ҭаҳмыҩӡеит, аха ҳаиҿцәажәара аҧхарра ду аҵан. Иахьа уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳауит «онлаин» ҳәа изышьҭоу аметод иабзоураны. Ҳарзааҭгылап ари аҧсуа ҧхәызба лҟазареи лыҧсабара ҧшӡеи.

-Асида, ишҧаҟаз бхәыҷра, иадҳәалазма уи бҟазара, бзаанаҭ, бусура?  

-Раҧхьаӡакәны иҭабуп ҳәа шәасхәоит сҟазара азҿлымҳара ахьашәҭоу азы. Схәыҷра мҩаҧысуан сықалақь хәыҷы Очамчыра аҧшаҳәаҿы. Уи даара агәалашәара бзиақәа сзынзыжьыз аамҭоуп. Саныхәыҷыз инаркны асахьаҭыхра бзиа избон, акыр аамҭа садхалон, ацәанырра бзиа снаҭон. Раҧхьаӡатәи сыкьанџьа аба иалхны санду исзылӡахит. Арацәала аблақәа шәны, ахцәы аҧшхәыц иалхны, даара иссирын. Иахьагьы, уи схәыҷра иадҳәалоу агәалашәарақәа ихааӡа сгәаҵа иҭоуп, сгәы еиҵырхуеит. Схатә ҧсҭазаара ҳалацәажәозар, исҳәарц сҭахуп занааҭла сышекономисту. Очамчыра ақалақь ахадараҿы 18 шықәса аус зуан. Аха акьанџьақәа рыбзиабареи рыгәбылреи аныск, сусура аансыжьит. Аҭаацәара салоуп, сыҧшәмеи сареи 3-ҩык ахшара ҳааӡоит. Сҭаацәа сҟазара адгылара арҭоит, уи сара сзы ишьахәуп. 

  

  -Шәыкьанџьақәа рхаҿсахьа, урҭ рҟазшьа, реизгашьа, даара иџьашьахәу ацәаныррақәа узаанрыжьуеит. Иссируп! Иаҳзеиҭашәҳәа, шәышҧазнеии ари аҩыза анапҟазара? Насгьы, излыхузеи дара, шаҟа аамҭа шәрыдхалозеи, ишҧашәзааиуеи дара рхаҿсахьа, аҳақәаҧечка шәхы иашәырхәома?  

-Раҧхьаӡа акьанџьақәа аба иалхны исӡахуан. Уи аус сгәалаҟазаара шьҭнахуан. Снапкымҭақәа сҩызцәа ҳамҭас ирысҭон, уи дара даара иеигәырӷьон, саргьы уи акәын исҭахыз. Ус хәыҷы-хәыҷла зынӡа ргәыбылра скит. Иҭысҵаауа салагеит акьанџьақәа рҭоурых, жәытәнатәаахыс иахьанӡа изнысыз амҩа. 

Убри аамҭазы, Москва имҩаҧысуан анышәаҧшь иалху акьанџьақәа рзы амастер-класс. Саргьы уа схы аласырхәит. Уиаахыс иҵуеит хәышықәса, акьанџьақәа рахь исымаз абзиабара еиҳагьы исзацлеит. 

Сусумҭақәа аполимертә нышәаҧшь иалхуп. Уи анышәаҧшь аҳақәаҧечка аҭахӡам, ахала иҩоит. Аусумҭа 3-4 мчыбжьы садхалоит. Исырҧшшоит, исырҩоит, амаҿахәа ахьысшьуеит, ашәыгашьаҭа иӡаасшьуеит, шәыгала исшәуеит, ахцәы сҷабуеит, амаҭәақәа азысӡахуеит, аимаа ӡахны иашьасҵоит, афотографиа ҟасҵоит, атекст ахысҳәаауеит, асоциалтә даҟьаҿ исыҵаҩу ауаа ирзеиҭасҳәоит акьанџьеи сареи ҳазнысыз амҩахәасҭа хәыҷы. Избо ауаа дара гәахәа дула ирыдыркылоит. Ахатә коллекциа азын иаархәоит. Убас сусумҭақәа Европа, Америка, Азиа аконтинентқәа рахь инанагоит. 

 

«Сабду ауапаи ахылԥарчи иӡахуан, асахҭан иалхны амаҭәарқәа ҟаиҵон» 

 

-Шәусумҭақәа ирылубаауеит аҧсуа культура аазырҧшуа аетнографиатә, амифологиатә хаҿсахьақәа, уи даара уаргәырӷьартә иҟоуп. Урҭ шәаныхәыҷыз ижәбахьаз, зыӡбахә шәаҳахьаз роума, мамзаргьы иахьа иҭышәҵааз ракәу?  

-Сыжәлар рҟазшьа, рқьабзқәа аазырҧшуа акьанџьақәа рыҟаҵара сара сзы иҧшьоу усуп, еснагь сгәы дырхыҭхыҭуеит. Ус иҟоу аусумҭақәа хәыҷы-хәыҷла сырзааиуеит, маҷӡак сацәшәоит иацу аҭакҧхықәра. Даара иҵаулоуп сара сзы ари атема. Ааи, сзәыҷра аахыс избахьаз, сгәалашәарақәа ирыцу рацәоуп, ҳәарада, аха ажәытә фотографиақәеи, насгьы еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәеи рҟынтә иаазгазьы маҷӡам. 

Схәыҷра иадҳәалоу агәалашәарақәа ртәы ҳхәозар, раҧхьаӡакәны сыбла даахгылоит сабду Ныр. Уи еснагь анапҟазара инапы алакын, ауапақәа иӡахуан. Насгьы, аҩныҵҟатәи аҭаршә қәиҵон. Ахылҧарч иӡахуан, асахҭан иалхны асымҭақәа ҟаиҵон. Саргьы сыҧсы ӡаны, ак саҩшәар ҳәа сшәаны уи сашьклаҧшуан. Абыржәы убри анысгәалашәо, даара исныруеит, сыблақәа асыркыр, иара убри асахҭан афҩы сҧынҵа иҭасуеит, убра схәыҷра салазшәа саагәыланахалоит». 

  

-Шәусумҭақәа иреигьу нхыҵтәи ажурналқәа ирнуп, насгьы жәларбжьаратәи ацәыргақәҵакәа рахь ааҧхьара шәымоуп, шәышҧардыркыло ахәаҧшцәа, ишҧарзыҟоу шәусумҭақәа.  

-Даара гәахәарыла ҳрыдыркылоит. Сыжәла, сахьынтәиааз атәыла иазҵаауеит, Европа ааҧхьара ансымоу. Нас ирзеиҭасҳәоит, афотосахьақәа дсырбоит, маҷӡак акәзаргьи агәбылра дсыркуеит. Ажурналқәагьы убас, ацәыргақәҵаҿы ҳанеибабо даара азҿлымҳара аадырҧшуеит, нас аиҿцәажәара мҩаҧаагоит. Абыржәы ааскьа Америка инхо ашәҟәҩҩы Памела Драпала асалам шәҟәы сзаалышьҭит. Асахьаҭыхыҩцәа ирызку ашәҟәы ҭлыжьуеит, убра сықьанџақәеи сареи дрыхцәажәарц агуахәара лымоуп, иаҳбап, уи иалҵран иҟоу. 

  

-Ҳара иаадыруеит шәусумҭа ааскьа Аҟәа атеатралтә сценаҿы ишаарҧшыз, иаҳзеиҭашәҳәа уи атәы. 

-Ааи, уи ус ауп. Атеатр ахадара ааҧхьара сырҭеит акьанџьа асахьаҭыхыҩ лаҳасабала, ирҭахын аус амоноспектакль ақәыргыларзы ацхыраара рысҭарц. 

Сусумҭа «Енџьы-ҳаным» хьӡыс изауз иаанарҧшуан Даур Зантариа иажәабжь «Енджи-ханум обойдённая счастьем» аҟнытә (Енџьы-ҳаным анасыҧ зеижьаз) ахаҿсахьа. Ақәгылара мҩаҧысуан Аҧсны Ахәынҭқарратә Аурыстә драма атеатр асценаҿы. 

Иара аспектакль ахаҭа жәбар шәылшоит цәыббрамзазы. Ари сара сзы даара ихадоу хҭысуп. Аҧсуа литература аҽарҭбаауеит, насгьы даара бзиа избо ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа даҽазныкгьы аҧсы рхалоит. Сара сзы уи акраҵанакуеит. Насгьы атеатр аҿы иқәыргыло аусумҭа даҽа ҟазшьак амоуп, уи сара сзы даара иҧышәа бзиоуп. 

 

«Очамчыра! Сымч ҭазҵо, сыҧсы иалоу сықалақь хәычы!» 

 

-Ҳара Очамчыра ҳаҟан 2015 шықәсазы. Иаҳзеиҭашәҳәа ишҧаҟоу ари ақалақь иахьа, иаҧсҭазаашьозеи?  

-Очамчыра, сықалақь хәыҷы! Сымч ҭазҵо, сыҧсы иалоу сықалақь хәычы! Иагьа сааҧсазаргьы, ахьаа зцу агәҭахәыцрақәа сыхҭркуазаргьы, сыҧшаҳәа санаавалалак зегь аасхашҭуеит. Сахьыҟазаалакгьы еснагь сыццакуеит сықалақь хәыҷы ашҟа, иаргьы сзыҧшуп еснагь, абзиабара ҳаиднакылоит. 

Очамчыра ақалақь еснагь иалиаауан анапҟазацәа бзиақәа. Иахьагьы иҟоуп. Лассы-лассы дареи сареи ҳаиқәшәалоит, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәоит, ҳдыррақәа еимаадоит. Даара ирацәаны инхоит анапҟаза бзиақәа. Аҿар изызҳауа уаареигәырӷьартә иҟоуп, ҳгәыӷрақәа рыдҳәалоуп. Ақалакь аибашьра имӷьо ахәрақәа азааннажьит. Аха ишҳалшо ала аҧсы ахаҳҵоит, аизҳазыӷьара амҩа иануп. Араион ахадареи ауаажәларреи аимадара бзиа рыбжьоуп, уи хадароуп. Уи иацуп агәыӷра!  

 

-Иахьа аус здыжәуло шәаҳзалацәажәа, шәаҧхьаҟатәи аихьӡарақәа ртәы шәазааҭгыл!  

-Иахьа азы амҿы иалхыу акьанџьа аус адызулоит. Схы аласырхәуеит Мадрид имҩаҧысуа онлаин ацәыргақәҵа. Уи ашьҭахь аҧсуа ҧҳәызба лхаҿсахьа аескиз сзыҧшуп. Лаҵарамзазы Санк-Петербург имҩаҧысуа ацәыргақәҵа салахәуп. Аусумҭақәа макьана ақьаад аҿы ауп иахьысзану, аха аамҭа макьана исымоуп, хәыҷы-хәыҷы сазнеиуеит. 

Ҭагалан 2022 шықәсазы Стамбул имҩаҧысран иҟоу акьанџьақәа рцәыргақәҵа «Craft Istanbul 2022» ахь ааҧхьара сымоуп. Уи жәларбжьаратәи цәыргақәҵоуп. Иаарласны аҽазыҟаҵара салагоит, сыжәлар ркультура аҳаракыра зегьы идсырдырырц сҭахуп. Издыруада, уа ҳаибабаргьы шәареи сареи!  

  

-Уи хазыноуп! Ҳгәы шәырлахҿыхит! Иҭабуп, Асида, ҳаиҿцәажәаразы! Ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа, шәнапы злакыу аус аизҳара аиуааит, аихьӡарақәа шәзыҧшызааит! 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz